Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гогьиа Аԥсны алхратә комиссиа Хада хәышықәсатәи аусура иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гогьиа Ацентртә алхратә комиссиа хәышықәсатәи русура иазкны
Анапаҵаҩра
Ацентртә алхратә комиссиа анапынҵақәа ԥхынҷкәын 23 рзы ихыркәшахоит. Акомиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит алхратә комиссиа аилазаара ҿыц аиҿкаара иазыԥҵәоу аамҭеи, русура иадҳәалоу ауадаҩрақәеи ртәы.
"Ԥхынҷкәын 23 нахыс алхратә комиссиа ҿыц аусура иалагароуп. Уи иаԥҵазарц ахәҭан иацы, аамҭа иахыԥеит. Апарламенти атәыла ахадеи ирыдыркылар акәын уи алахәылацәа. Актәи аизара анымҩаԥгахо амш аҽны иалхызароуп ахада, уи ихаҭыԥуаҩ, нас амӡаныҟәгаҩгьы. Жәлар реизара иалырхроуп еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи ахаԥшьгаратә хеилакқәеи рҟынтә ааҩык, иара убас Атәыла ахада инапынҵала иаиҭоит быжьҩык. Абасала 15-ҩык рҟнытә акомиссиа шьақәыргылахоит", - еиҭеиҳәеит Гогьиа.
Ацентртә алхратә комиссиа ахада иҳәеит акомиссиа аусура анагӡараҿы ишырԥылоз ирацәаны ауадаҩрақәа.
"Уа аусура даара иуадаҩуп, агхақәа рацәоуп, ҳаргьы иҳаламшазгьы ыҟазар акәхап, азакәан аҿгьы иарбам аусура шаҭаху, Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьагьы ҭышәынтәалам. Адепутатцәа ралхраан аџьабаа рацәоуп. Алхратә комиссиахь анеира зҭаху рацәоуп уҳәаргьы ииашахом", - азгәеиҭеит Гогьиа.
Ҭамаз Гогьиа иҳәеит ацентртә алхратә комиссиа аусура ҳәаақәызҵо азакәан аус шадулатәу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0