Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Очамчыра ахада имаҵура аамҭала иамхра, Аҟәа сынтәа раԥхьа ииз ахәыҷы

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Очамчира
Администрация города Очамчира - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит атәылаҿы ажьырныҳәа 3-9 рзы имҩаԥысыз, иналукааша ахҭысқәа.
Ари амчыбжь азы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аамҭала имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәит, 2022 шықәсазы аҳҭнықалақь раԥхьатәи аҵеи диит, идунеи иԥсахит еицырдыруаз аспортсмен.
Sputnik

Амхреи аусҭҵаареи

Ажьырныҳәа ҩба азы Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иҿахәы иҿырхит Аҟәа ақьафурҭаҿы иҟалаз ахысра аус ала.
Ажьырныҳәа 1 2022 шықәса рзы Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша ихацнаркыз ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылеит атәылауаҩ Ҵулукьиа Ҭ.З. амцабџьар иҭҟьаз ахы шиқәшәаз ажьырныҳәа 1 асааҭ 02:00 рзеиԥш Аҟәа иҟоу асасааирҭа "Гаруда" иатәу ақьафурҭаҿы сасыки иареи аимак рыбжьаланы аисрахь ианкылибага ашьҭахь. Абас аанацҳауеит аусбарҭа.
Беслан Бигвава - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Аԥсны
Беслан Бигәаа Аҟәа ақьафурҭаҿы иҟалаз ахысра аус ала иҿахәы иҿырхит
Ажьырныҳәа 4 азы Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аамҭала имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын. Ари аҩыза аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Иара ари аусԥҟала Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡара идҵоуп араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Габелаиа Артемон.
Очамчыраа ааԥхьара ҟарҵеит Бигәаа адгылара ширҭо азын, иара уи аҭакс очамчырааи араион анхацәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иусура ахәшьара ҳарак ахьарҭази ихьӡ акәшамыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьаан адгылара ахьаадырԥшызи азы.

"Ҳәара аҭахума, сара издыруан, иагьсныруан шәганахьала адгылара шсымаз, аха асҵәҟьа шәысхаҵгылап ҳәа сыҟамызт. Дарбанзаалак шәаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵоит иҟамлараны иҟалаз ахҭыс азы! Шәызегь шәахь ааԥхьара ҟасҵоит ачҳара аарԥшны, асоциалтә ҳақәа хьӡыда иҭагалоу ауаа ирҳәо аҟьамсаррақәа рҭак ҟамҵакәа, ашьаусԥшаара алҵшәақәа шәырзыԥшырц", - иҳәеит Беслан Бигәаа.

Аоппозициаа имҩаԥыргаз амитинг алахәылацәа раанкылара

Асабша ажәырныҳәа 8 азы еилкаахеит, Аҟәа ақалақь апрокуратура ԥшьҩык ауааԥсыра ишааннакылаз ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласра иалахәыз.
Аанкыларақәа мҩаԥган, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рааигәара имҩаԥгаз амитинг ашьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәареи рзы ихацыркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Комплекс правительственных зданий в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2022
Аԥсны
Аҟәа аоппозициа имҩаԥыргаз амитинг аҟны аилаҩеиласра иалахәыз ԥшьҩык аанкылоуп

2022 шықәсазы Аҟәа раԥхьатәи аҵеи

Ажьырныҳәа хԥа азы Ареспубликатә хшараиурҭатә ҩнаҟны диит сынтәатәи ашықәс азы Аҟәа раԥхьатәи ахәыҷы - Самир Воуба.
Ахәыҷы диит ажьырныҳәа 3 ахәылбаҽха, икапан 4 кьылак иҟоуп, иоура - 58 сантиметр. Аҩнаҭаҟны иара ахԥатәи хәыҷуп. Самир иаҳәшьцәа ҩыџьа ыҟоуп - фышықәсеи ԥшьышқәсеи бжаки зхыҵуа.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе Аҟәатәи ахшараиурҭа даҭааны ахәыҷы иан Викториа Ҵышәба-Воуба илыдиныҳәалеит, лнапаҟны илиҭеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала 100 нызқьмааҭ шроуа атәы зҳәо асертификат.
Роддом. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2022
Аԥсны
2022 шықәсазы раԥхьа Аҟәа ииз ахәыҷы ақалақь ахада иҟынтәи аҳамҭа иоуит

Ахада иҳәамҭа

Ажьырныҳәа ааба азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҟазахсҭан иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара иҳәеит Аԥсны агәҭынчымра шазцәырнаго Ҟазахсҭан имҩаԥысуа ахҭысқәа, адгыларагьы шрырҭо атәыла анапхгара азинлеишәа ашьақәыргылараҿы рҽазышәарақәа.
"Адгылара раҳҭоит Ҟазахсҭан анапхгара имҩаԥырго азинлеишәа ашьақәыргыларазы рҽазышәарақәеи атәыла ауааԥсыра ршәарҭадара аԥҵареи. Иазаҳаԥхьаӡоит иузудымкыло акәны асуверентә ҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа изакәанымкәан атәым ҳәынҭқаррақәа рҽалархәра, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ашьақәырҟьара хықәкыс иҟаҵаны, анаҩс ацәгьоуцәа ргәыԥкәа рыцхыраарала амчра бџьарла анапахьы аагаразы", - иҳәеит Бжьаниа
Иара Ҟазахсҭан иқәынхо ажәлар ирзеиӷьеишьеит иаарласны атәылаҿы азакәанмчра ашьақәгылареи, аҭынчреи, аманшәалареи, аизҳазыӷьареи.
Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Ҟазахсҭан анапхгара азинлеишәа ашьақәыргыларазы рҽазышәарақәа адгылара аҳҭоит

Аамҭа-аамҭала алашара арцәара

Ажьырныҳәа 5 азы "Амшынеиқәафымцамч" иаанацҳаит астанциа маҷ "Аҟәа-1" зҵоу ақәыӷәӷәара ду иахҟьаны аҳҭнықалақь аҿы аамҭа-аамҭала сааҭк алашара арцәара иалагеит ҳәа.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Аԥсны
Аҟәа аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик аларгалеит

Иаанкылоуп анаркотикатә матәашьар здырбалаз

Анаркотикқәа закәаншьаҭада аахәара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, аныҟәгара рзы ашьаус хацдыркит ажьырныҳәа 7 азы Мурман Лемонџьавеи Ҭемыр Зыхәбеи рганахьала.
Аԥсны ААР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра Галтәи аҟәша русзуҩцәеи дааныркылеит арҩашьыгатә маҭәашьар методон згәылаз аилаҳәыра хәыҷқәа фба здырбалаз Ҭемыр Зыхәба.
Зыхәба иажәақәа рыла, 8 граммк иҟоу анаркотикатә маҭәашьар аԥхьанатә Гал инхо Мурман Лемонџьава иааихәеит аҭиразын. Лемонџьава деицырдыруеит акриминалтә хыԥша змоу Мурман Галтәи ҳәа.
Лемонџьава 4 граммк анаркотикатә маҭәашьар Зыхәба ииҭеит 150 нызқьмааҭ ҳәа аҭиразы.
Гал араион аӡбарҭа аӡбрала ацәгьоуцәа анкылан ҩымз аҭакра рықәҵоуп.
Милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР Гал иааныркылеит анаркотикатә матәашьар здырбалаз

Агуманитартә цхыраара

Хнызқь тонна ачашыла агуманитартә цхыраара аҳасабала Аԥсны иаиҭеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев.
Ачашыла Аԥсныҟа иаагахоит хәҭа-хәҭала, ҳуааԥсыра ирызшахоит апандемиа аамҭази ашықәс ҿыцызтәи аныҳәақәеи рзы ацхыраара аҳасабала.
Аԥсныҟа иаагоуп зықьтонна иназынаԥшуа ачашыла. Ачашыла еихыршоит араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны.
Проверка пекарен в Сухуме государственным комитетом Абхазии по стандартам, потребительскому и техническому надзору  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Аԥсны
Краснодартәи атәылаҿацә аиҳабыра хнызқь тонна ачашыла Аԥсныҟа иаарышьҭоит

Аблахкыгарҭа ҿыц

Афонҿыцтәи апарк аҟны иҟоу аӡҭачы ихдыргылеит анышь асахьа змоу аӡыршә.
Ақалақь анапхгара анџьныр хада Ҭемыр Аҩхба ишиҳәаз ала, ари аиԥш аҟаҵара ахшыҩҵак изцәырнагеит аинтернет - ари аҩызаҵәҟьа аӡыршә ыҟоуп Валенсиа.
Аиԥш зеиԥшу ҳара ҳақалақь аҟны иҟазарц сҭаххеит. Хымԥада Испаниатәи аӡыршә иаҳа амҽхак дууп. Ари ашьақәыргылара шықәсыбжак ҳадхалеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҩхба иҳәеит, аӡыршә апарк аӡҭачы аҟны ишышьақәдыргылаз. Аӡыршә аура ф-метраки бжаки иҟоуп амазгәыҭ агылара ԥшьметрак, аӡыршә анышь асахьа амоуп, уахынла илашоит.
Фонтан в Новом Афоне  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Аԥсны
Афон ҿыц апарк аҟны анышь асахьа аҭан аӡыршә шьақәдыргылеит

Амчыбжьзтәи ацәыӡ

Ажьырныҳәа хԥа азы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны ииз иааӡаз, СССР еизгоу акоманда иаланы аурыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи аолимпиатә чемпион Виктор Санеев.
Виктор Санеев – аспорт аҭоурых аҿы иараӡәк иоуп урыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи олимпиатә чемпионы иҟалахьоу. Иара иреиӷьу ҳәа далкаан 1968, 1972, 1976 шықәсқәа рызтәи Аолимпиадақәа раан, 1980 шықәса рзы Москва Виктор Санеев араӡны медал даԥсахеит.
Виктор Санеев иҭаацәа Ставропольтәи атәылаҿацә иатәын. Заԥхьаҟа ичемпионхараны иҟаз Виктор диит Аҟәа, жьҭаара 3, 1945 шықәса рзы. Аԥшьбатәи акласс аҟынӡа аҵара иҵон абжьаратә школ №8 аҟны. Анаҩс Гаграҟа ашкол-интернат ахь диаган.
Ажәабжьқәа зегьы
0