Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 азы атәылаҿы аҭагылазаашьа аҽшеиҭанакыз атәы

Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит, COVID-19 азы атәылаҿы аҭагылазаашьа аҽшеиҭанакыз атәы
Анапаҵаҩра
Аныҳәақәа ҳхысит, ари аамҭа иалагӡаны рхыԥхьаӡара иацлама ачымазара ҿкы зыдбалоу ауааԥсыра, алаҵа ҟазҵаз рхыԥхьаӡара зеиԥшрои, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
"Ҳазҭалаз ашықәс ианармзазы ачымазара аҿкы азы игәаҭан 4 500-ҩык инареиҳаны, ҵыԥх уажәааны игәаҭан 6 000-ҩык инареиҳаны. Усҟан иалкаан 1600-ҩык ачымазара змоу ҳәа. Сынтәа – 975-ҩык. Уи амза 1 инаркны 17-нӡа иалагӡаны. Иалкаау ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр имаҷхеит, уи угәы арӷәӷәартә еиԥш иҟоуп. Аха уажәшьҭа русура хацдыркит ашколқәа, асабрадақәа рхы иадмырхәар ауаа, аҭагылазаашьа цәгьахоит. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы ацәқәырԥақәа ҿыц ианалагалак, ҳара ҳахь ҩымчыбжь-хымчыбжь рышьҭахь иаауеит. Ашықәс ҿыц ҳҭалеижьҭеи 17-ҩык ауаа рыԥсҭазараа иалҵит. Ари ахыԥхьаӡара рацәоуп. Ачымазара ибааԥсны ирхыргоит иаҳа иқәыԥшу", - ҳәа еиҭалҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0