Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭраԥшь амиграциатә маҵзура 2021 шықәсазтәи аусура иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭраԥшь амиграциатә маҵзура 2021 ашықәсазтәи аусура иазкны
Анапаҵаҩра
Амиграциатә маҵзураҟынтә 2021 шықәса рзы абиуџьеҭ иалагалан 40 миллион мааҭ инареиҳаны, ари акыр еиҳауп еигьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны, уи шалыршахаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура Очамчыра араион аҟәша аиҳабы Асҭамыр Ҭраԥшь.
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура Очамчыра араион аҟәша аиҳабы Асҭамыр Ҭраԥшь арадиоефир аҿы иҳәеит ҵыԥхтәи ашықәс иалагӡаны 5 392-ҩык усура ҳәа Аԥсныҟа ишааз. Урҭ рахьынтә зегь реиҳа еиҳаны иааит Узбекисҭанынтәи - 2 333-ҩык.
Асҭамыр Ҭраԥшь еиҭеиҳәеит амигрант иганахьала ашәахтәқәа реизгара аус шымҩаԥысуа, уи аҳәаа данахысуа нахыс иара идҳәалоу аусбарҭақәа адырра шроуа атәы, насгьы аусура дыздызкылаз ҭакԥхықәрас иду. Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура Очамчыра араион аҟәша аиҳабы иҳәеит иарбан ршаҳаҭгақәоу амигрант имазарц ахәҭоу, насгьы азакәан еилазгаз иахьырхәра аус шеиҿкаау.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0