Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭагылазаашьа уадаҩуп: Аҟәа еиҭах афымцацәаҳәақәа аԥхасҭақәа роуит

© SputnikЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҿы афымцаҳақәа ахьыԥхасҭахо урҭ ирықәу аидара иахҟьозар алшоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа акырџьара афымцацәаҳәақәа рҟны аԥхасҭақәа ҟалеит амҽыша ажьырныҳәа 30 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

"Аҭагылазаашьа иааидкыланы иуадаҩуп. Турбаза иахьаҵанакуа авольтҳарак фымцацәаҳәа ԥҵәеит анеира ахьыуадаҩу аҭыԥ аҟны. Уа уажәы аус ауеит аремонттә бригада. Ҩ-сааҭк ирылагӡаны аҭыԥ иқәырҵароуп. Егьырҭ Аҟәа ахәҭақәа рҟны усҟак идуум амашәырқәа ҟалеит", - иҳәеит Џьынџьал.

Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, "Амшынеиқәафымцамч" амҩақәҵаратә маҵзурахьы аӡәырҩы асуеит, урҭ разыҳәақәа зегь рахь русзуҩцәа неиуеит. Уажәазы зегь реиҳа иуадаҩуп Турбаза аҭагылазаашьа.
Џьынџьал игәаанагарала, арҭ амашәырқәа зыхҟьо афымцаҳақәа ирықәу аидара ауп. Ажьырныҳәа 29 ауха аахыс НИИЕПиТ аҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны Аҟәа агәи аџьармыкьа иахьаҵанакуази лашарада иҟан, уи аҭыԥ ақәҵара рылшеит ажьырныҳәа 30 рзы шьыбжьаанӡа.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Аԥсны
Аҟәа агәи аџьармыкьа иахьаҵанакуеи ауаа алашара роуит
Ажәабжьқәа зегьы
0