Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҷантуриаԥҳа аус зуа анчмазаҩхалак аҳәынҭқарра ирнаҭо ацхыраагӡақәа ртәы

Хра злоу ахҭысқәа: Ҷантуриаԥҳа аус зуа анчымазаҩхо, аҳәынҭқарра ирнаҭо ацхыраагӡақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьахьчареи рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Ҷантуриаԥха арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аус зуа атәылауаа аковид чмазара иахҟьаны аамҭала знапынҵақәа ззынамыгӡо ироуа ацхыраара атәы.
"Ачымазара аҵыхәала аусурахь изымнеиуа ацхыраагӡа рзаҳшәоит. Иаҳхысыз ашықәс азы ус еиԥш иҟоу ауаа 22 миллион мааҭ рызшәан. Уи ҩ-нызқьҩык аус зуа рҟынӡа аҵанакуеит (1700-ҩык). Урҭ рахьынтә абжеиҳараҩык ацхыраагӡақәа роуит аковидчмазара иахҟьаны. Ашықәс азы даара ирацәаны, егьырҭ ашықәсқәа реиԥш акәымкәа, ҩынтә еиҳаны ирызшәан ацхыраагӡақәа. Егьырҭ ашықәсқәа рзы зықьҩык раҟара инаӡон ачымазаразы ацхыраагӡақәа зауаз. Аковидчмазара зыхьуа аашәҩык иреиҳаны ацхыраагӡа рызшәан. Уи 11 миллиони 300 нызқь мааҭ артәеит 2021 шықәсазы", - лҳәеит Ҷантуриаԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит асоциалтә ԥгаԥсеи аџьахьчареи рфонд ахь ичмазаҩхаз ауаа ашәҟәқәа шалырҵо, аԥара шырзыршәо атәы.
Лара иазгәалҭеит изықәныҟәо азакәан ала афронд абиуџьет аҟынтәи ичмазаҩхаз аусзуҩ мызкы изыршәо ацхыраагӡа 15 нызқьи 100 мааҭк иреиҳамзароуп ҳәа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0