Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахаҵара ҳцәыуадаҩуп": аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа лгәалашәара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЦира Габния
Цира Габния - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Цира Габниаԥҳа 62 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
"Ашьыжь ҳаззыԥшымыз, игәыҭшьаагоу ажәабжь ҳалаҩит. Дҳаԥхеит ҳҩыза, аҵарауаҩ нага, арҵаҩы, ааӡаҩ Цира Смаил-иԥҳа. Лыгәҭакқәа рацәан, ааигәоуп лдоктортә диссертациа атема анышьақәҳаргылаз, аматериал еидкыланы илыман, лҽазыҟалҵон, аха дахьымӡеит. Зегьы дрыхӡыӡаауан, акы дахашшаауа ҳмаҳацызт, еснагь ллакҭа ччон. Исцәыцәгьоуп, иҳазхаҵом ҳҩыза лцәыӡра", - ҳәа иҳәоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Кәакәасқьырԥҳа Цира Габниаԥҳа лзы: сывараҿы дыҟан ауаҩы лаша - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2022
Арадио
Кәакәасқьырԥҳа Цира Габниаԥҳа лзы: сывараҿы дыҟан ауаҩы лаша
Акыр шықәса инеиԥынкыланы аԥсуаҭҵаара аҿиарамҩа дазааԥсон, уи аӡыргаҩцәа дыруаӡәкын ҳәа иазгәалҭоит Цира Габниа иааигәаны дыздыруаз, акыршықәса аус лыцызуаз афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа. Лара лҩыза гәалсра дула дылгәаларшәо, илҳәоит:
"Циреи сареи раԥхьаӡакәны ҳаибадырит 1980 шықәсазы. Усҟан Қарҭ аспирантура сҭан, ларгьы уахь аҭалара лҽазыҟалҵон, мчыбжьык хыбрак аҟны ҳаицыҟан, ауаҩы дизааигәан, дгәыбылҩын, убри инаркны иахьа уажәрааанӡа ҳаиҩызцәан, аус еицаҳуан. 1987 шықәсазы аспирантура далганы, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура далагеит, саргьы уаҟа аус зуан. Есымшааира ҳаимадан, ацәгьа-абзиа ҳзеиԥшын. Ҳгәыҳҽанӡамкәан иҳаҳаз ажәабжь ҳшьара ҳақәнырҟьеит. Лыхраҭ бзиахааит, ауаҩы лаша, ҳҩыза бзиа", - ҳәа лҳәоит Ҳагԥҳа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Цира Габниа аџьабаа лбеит лыԥсадгьыл азы. Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рыштаб аҟны аус луан, лхы дамеигӡакәа ацхыраара рылҭон. Дпатриот дуун, лыԥсадгьыли лыжәлари рлахьынҵа еснагь хьаас илыман ҳәа иазгәеиҭеит иҩыза дигәаларшәо аԥсуа литератураҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Аҩӡба.

"Гәалсра дууп ас еиԥш иҟаз аԥсуа ҵарауаҩ анаука лацәыӡра. Хәы змам аҭҵаамҭақәа лнапы иҵылхит. Лара лоуп 12 томны иҟоу аԥсуа фольклор аматериалқәа актәи атом еиқәыршәаны иҭзыжьыз. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аус адылулон "Аԥсуа мифологиа аенциклопедиа", ахыркәшарагьы уамак агӡамызт, аха дахьымӡеит. Цира лыԥсадгьыли лыжәлари рзыҳәаны лхы деигӡомызт, зегьы дрызҿлымҳан, еилҟьаз ԥҳәызбан", - ҳәа иҳәеит Уасил Аҩӡба.

Аҵарауаҩ астудентцәа дырзааигәан, лмаҭәар азнагашьа даараӡа аинтерес аҵан. Еиҳабык, мҩақәҵаҩык лаҳасабала лабжьгарақәа ауаҩы амҩа иаша дықәырҵон. Лҩызцәа иазгәарҭоит ауаҩра зегь раԥхьа ишлыргылоз, лхатәы гәаанагара, егьа иџьбаразаргьы, ауаҩы игәы нмырхакәа аиаҳәашьа дшақәшәоз.
"Аҩызара бзианы имҩаԥызгоз, аилкаара змаз дреиуан. Бзиа илбомызт амц, аҵабырг пату ақәылҵон, лхатә гәаанагара аҳәара дацәшәомызт, дуаҩ қьиан. Ӷьашьа змам хәраны ҳгәаҵаҿы иаанхоит илаамҭанымкәан ҳааныжьра", - ҳәа иҳәоит Уасил Аҩӡба.
Цира Габния - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2020
Арадио
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит амшьҭа цәгьа аҟнытә аԥсуаа хьыхьчагас ирымаз амаҭәарқәа ртәы
Цира Габниаԥҳа диит 1960 шықәса нанҳәамза 8 рзы Џьырхәа ақыҭан. Қәҿиарала далгеит Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи апедагогикатә институт. 1983 шықәсазы дҭалоит аспирантура СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Адунеитә литература Аинститут аҟны "СССР ажәларқәа рфольклор" азанааҭ ала. 1987 шықәсазы илыхьчеит акандидаттә диссертациа "Аԥсуа афористтә жанрқәа" захьӡыз ала. Убри ашықәс инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәшаҟны ҭҵаарадырратә усзуҩыс аусура далагеит, 1992 шықәса инаркны - ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс.
1994 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥсуа афольклори алитературеи ирызку алекциақәа дрыԥхьон. 1996-2000 шықәсқәа рзы Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа напхгара алҭон. 2004 шықәса раахыс аҵыхәтәантәи лымшқәа рҟынӡа Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша деиҳабын. 2004 шықәса раахыс Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаау алитературеи афольклори рзы адиссертациатә хеилак далахәылан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет алитература акафедра дадоцентын.
Цира Габниаԥҳа дравторуп аԥсуа фольклор ажанр маҷқәа ирызку раԥхьаӡатәи амонографиатә ҭҵаамҭа, иара убас аԥсуа мифқәеи алегендақәеи реизга. Лусумҭақәа иреиуоуп: "Аԥсуа фольклор афористикатә жанр" (Аҟәа, 1990); 12-томны еиқәыршәаз "Аԥсуа жәлар рпоетикатә ҳәамҭақәа" абыжьбатәи атом "Аԥсуа мифологиатә ҳәамҭақәеи алегендақәеи" (Аҟәа, 2003), арҵагатә цхыраагӡа "Аԥсуа паремиақәа ржанртә еилазаашьеи рсахьаркыратә ҷыдарақәеи" (Аҟәа, 2010). Иара убас аԥсуа мифологиа иадҳәалоу астатиақәа жәпакы дравторуп. Ажәахәқәа лыманы аԥснытәии аҳәаанырцәтәии аҭҵаарадырратә конференциа акыр дрылахәын. С. А. Сосналиев ихьӡ зху амедал "Честь выше жизни" ланашьан.
Цира Габниа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2015
Цира Габниаԥҳа: аибашьра мышкала иаҳхысуаз џьаҳшьон
Ажәабжьқәа зегьы
0