https://sputnik-abkhazia.info/20220206/azha-bzia-asy-akhaz-geieit-apoet-ysh-ainar-yanaa-izkny-1037441466.html
"Ажәа бзиа аԥсы ахьҭаз гәеиҭеит": апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаа изкны
"Ажәа бзиа аԥсы ахьҭаз гәеиҭеит": апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаа изкны
Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы деицгәарҭартә ҳпоетцәа қәыԥшцәа иаарылагылаз Аинар Ҷыҭанаа изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли... 06.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-06T19:20+0300
2022-02-06T19:20+0300
2022-02-06T19:20+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/05/1037443064_0:228:1023:803_1920x0_80_0_0_9b026a6d268b65001a19b34a6aa3920e.jpg
Талант - единственная новость,Которая всегда нова.Борис ПастернакАҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаԥсуа литературахь имҩахыҵыз аҿар иара иқәлацәа баҩхатәрала даарылукаартә дыҟоуп Аинар Ҷыҭанаа. Сара абри апоет қәыԥш иҿы избеит сацәымҩашьо даара иҵаулан ихәыцуа, иацтәии иахьатәии реиҿырԥшшьа иақәшәо, абзиа шьҭызкаауа, хара аԥшышьа иақәшәо, ажәа амҵәыжәҩа ахьаҭаху аҭашьа здыруа аӡәы шиакәу!.. Ҩбаҟа шықәса уажә аԥхьа иареи иара иеиԥш абаҩхатәра бзиа змоу амузыкант қәыԥш Барас Кәыҿбеи ирызкны ҩызаратә шарж-епиграммакгьы зҩит:Шәгәы кашәмыжьын, аҩызцәа, заа,Урҭ ҳдыргәырӷьоит нас!..Апоезиаҿ - Ҷыҭанаа,Амузыкаҿ - Барас!!!Зегь реиҳа Аинар ипоезиаҿы уаҩ дзеигәырӷьаша, заа иҽацәихьчо далагеит ирҳәахьоу, еиҭарҳәахьоу, апоетцәа зыԥсы ҭырххьоу, идырааԥсахьоу, уанаԥхьалак, иаразнак ашәҟәы аҿы аркра угәазырԥхо, еицаҳдыруа ажәа ҭлапҟақәа рхархәарала иҩу ажәеинраалақәа. Урҭ егьа арифмеи аритми рзуԥшааргьы, егьа ирԥшӡаны еиқәсыршәоит ҳәа уалагаргьы, егьа аҵәаԥшь рҿушьыргьы, ишырҳәахьоу, ишдырааԥсахьоу, уаҳа злоу иԥсра убааит ҳәа ишыҟоу рныԥшуеит!.. Апоетгьы, дпоет иашаҵәҟьазар, ус иҟоу дырцәыбналозар ауп, иааигәа иааиргьы, ииҭахым, зыбжьы иаҳар ицәымӷу аӡә иеиԥш, дырцәыбналозар ауп!..Аинар, ани "дзықәтәоу" ирашь хәыҷ, ибаҩхатәра иҵанаҳәоит, урҭ "ишырхууаатәу", абзиа ахьыҟоу, наҟ аҵаӡахь шакәу, уахь анеираз аџьабаа батәуп, аха унарха унанагартә амч уԥшаароуп, ухнамԥаароуп, угәы иаҭахым уахьнымҳалароуп, аҽугәарԥханы иаауҿаԥхаргьы, ула уамжьароуп, угәы аҳәатәы хауҵароуп!.. Иааҳгап апоет иажәеинраалак ацыԥҵәаха:Ҳзеибадыруам ҳәа быԥхамшьан,Бкалҭ ианҵа са сыхҭацәы!Аламала бгәы багьамжьан,Ҳа ҳаицәтәымуаахоит уаҵәы…Ус иаԥуп, ишԥа аҽакала?Ҳарҭ еилаҳгарым аҵас.Схы бзаазгеит, абар еибгала,Ҿыц аныҟәашьа сбырҵарц!..Араҟа апоет қәыԥш ихы маҷк дахлафуа, ирониала, бзиа иибо аӡӷаб лгәы аартраз ахьтәы цаԥха иԥшааит!.. Ларгьы амшын еишьыл дӡаалошәа, апоет иажәа ԥхақәа дышьҭырԥаауеит!.. Азныказ, агәаҽанызаара урҭоит, удырхәыцуеит, аха нас игәоуҭоит ацәанырра еиҳа ишеиҳау ахырҟәышра аасҭа, уаргьы уи агәра угоит, иуиааиуеит, уҽаумҭар ауӡом, уи иузгәамҭо мчык амоуп…Апоет имоуп ҽа жәеинраала ссирк, "Ҳаззыԥшыз асы…" захьӡу. Уи уаԥхьо ушнеиуа, абарҭ рҩызцәа цәаҳәақәак аагәылԥхаауеит:Ҳаззыԥшыз асы…Акәаԥ шлақәа адәхыб агәышҵан,Измыԥсахуа зҷыхь ашәахәазы.Аԥхьан еиԥш уажә илеиуам ибыбышӡа,Аԥхьан еиԥш уажә ишьҭалом ишьҭассы…Ҳаззыԥшыз асы,Иахьак иаҳхьымӡаргьы ҳбылуазма,Игәаӷьны иаҳзымҳәоз зегь рыцкыс?Азыԥшра ҵакыдазар – иауазма?Азыԥшра акәзар иҟаӡоу ҵакыс.Ҳаззыԥшыз асы…Апоет иалагашьа даара акраҵанакуеит… Убраҟа иаразнак аԥхьаҩцәа дыргәаԥханы дгәарҭартә даныҟала, нас иныҟәашәа есымша хәыҷы-хәыҷла иациҵалароуп, абни знык иаԥхьаҩцәа дызларгәаԥхаз имырӡроуп, иҟәимҟьароуп… Ус ҳпоетцәа ирацәаҩны ирыхьхьеит, раԥхьаҵәҟьа ианныҵҟьоз ишьҭыркааз ззынамыгӡаз рацәаҩуп, раԥхьаҩцәеи дареи ирыбжьаз арахәыц-па иаразнак ирамхаԥҵәеит, "ирҭрысцәан" иахеит!.. Уи нахыс аҩымҭақәа рацәаны иаԥырҵеит, ашәҟәқәа рацәаны иҭрыжьит, аха "имхысӡеит", рыбжьқәа ҭахәаҽӡа иаанхеит!..Иҟалап, урҭ ццакцәазар, ахьӡ иашьҭалазар, аха ахьӡгьы иаармариан ус ахы унамырԥшаауазаап, уазааигәахацыԥхьаӡа инаскьозаап, иҟазаап ҭыԥк, иара маҷк иахьузыԥшуа, убри аамҭа уанақәымшәа, аԥба анузымк, нас ахааназ иуцәтәымуаҩуеит, уажәра унҭалаанӡагьы, ушҟа имхьаԥшуазаап!.. Иҟалап, убригь лахьынҵазар, мамзаргьы, ҳаԥсыҽырҭақәа ҳара иахьҳазгәамҭо азы ҳахьнархәуазар… Уԥсы ҭанаҵы уҩлоит, ушәҟәыҩҩуп, арахь уажәа ззырхоу ираҳаӡом, убжьы наҩӡом, аԥша иаман ицоит даҽаџьара, дара ахьыҟаӡам!..Шәахәаԥш, апоет қәыԥш шаҟа илаԥш ҵару, даҽа жәеинраалак аҟынтәи иаазгоит исгәаԥхаз цәаҳәақәак:Сҭацәызаргьы аԥҽыхеиԥш,Цәаҳәак еизсыркәкәап.Анҵәамҭаҿ - сыгәҭыхеиԥш,Ижьакцаз акәаԥ…Аихаӡагьы жьакцоуп,Агәаӷ, агәҭакқәа.Ажьакца ҟаԥшь акәӡоупИннажьыз ақәа…Аинар имоуп иҵаулоу, иара иқәра иааноумшьартә апсихологиатә жәеинраалақәа маҷымкәа. Зны-зынла угәы иаанагоит абриаҟара згәы еибафо аҷкәын иара игәырҩа акәу, даҽа гәырҩак "рыҽхьниҵо" иажәеинраалақәа ҳәа… Аха ибзиан уанрызхәыцлак, еиҭа рыԥхьара уаналагалак, "аҩынтәрашәараан" игәоуҭоит урҭ зегьы иара ишитәу, ишизгәакьоу, ишилаӷьахьоу!.. Нас, ухазы ухәыцуеит, Анцәа нагӡара ииҭааит, иааиаӡар, иара иҿахәы мацара акәӡам, ижәлар рҿахәгьы иҳәоит, ажәа бзиа аԥсы ахьҭоу гәеиҭеит, иҭаԥшыхәны имоуп, Ажәеиԥшьаа дихылаԥшааит уҳәоит!..Ааигәа ажурнал "Алашараҿ" имҩаԥаагеит шықәсык иалагӡаны ажурнал ианылаз х-жанрк - апоезиа, апроза, акритикатә ԥҵамҭақәа иреиӷьу ралкааразы ажиури есышықәсатәи аилатәара. Убраҟа аҿар рҩымҭақәа рахьтә иреиӷьӡоу ҳәа иалыркааит Аинар Ҷыҭанаа иажәеинраалақәа, аԥаратә ԥхьахәгьы иаԥсахеит!.. Абригь, апоет қәыԥш мацара изы акәӡам, ҳаԥсуа литература уаҵәтәи аԥеиԥш азгьы акраанагоит!..Абраҟа исгәаласыршәар сҭахуп аурыс поет бзиа Васили Казанцев егьи аурыс поет ду Андреи Вознесенски изы ииҳәаз: "Он сразу стал известен. Вошел в поэзию очень быстро. Но так редко бывает, чтобы, как Вознесенский, входили в литературу".Сынтәа, дук хара имгакәа, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь ашәҟәыҩҩцәа ралаҵаразы акомиссиа еилатәараны иҟоуп. Убраҟа саргьы салахәуп. Уажәнатә ишәасҳәоит, агәрагьы шәсыргоит, абасеиԥш иҟоу, абаҩхатәра бзиа змоу апоет қәыԥш изы сара сыҩнапыкгьы шышьҭысхуа!..
https://sputnik-abkhazia.info/20190707/yanaa-ikhasshon-stsaaa-ay-irbara-atsyrgara-sgy-anamyz-yan-1027819069.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200815/Akauei-aalei-ailazaara-Ashatskyra-apoettsa-sheikaakhaz-1030753057.html
https://sputnik-abkhazia.info/20191205/yanaa-akh-ariarazy-daara-imanshalou-aamoup-1028952023.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190216/yk-aitsatsazhara-akha-tym-byzshala-1026659283.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190303/Khamyzh-udyr--iakhakzaalakgy--ara-iatu-1026802105.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/05/1037443064_0:132:1023:899_1920x0_80_0_0_f391947873bdcbc918b88aaa71bc2ce2.jpg Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Талант - единственная новость,
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаԥсуа литературахь имҩахыҵыз аҿар иара иқәлацәа баҩхатәрала даарылукаартә дыҟоуп Аинар Ҷыҭанаа. Сара абри апоет қәыԥш иҿы избеит сацәымҩашьо даара иҵаулан ихәыцуа, иацтәии иахьатәии реиҿырԥшшьа иақәшәо, абзиа шьҭызкаауа, хара аԥшышьа иақәшәо, ажәа амҵәыжәҩа ахьаҭаху аҭашьа здыруа аӡәы шиакәу!.. Ҩбаҟа шықәса уажә аԥхьа иареи иара иеиԥш абаҩхатәра бзиа змоу амузыкант қәыԥш Барас Кәыҿбеи ирызкны ҩызаратә шарж-епиграммакгьы зҩит:
Шәгәы кашәмыжьын, аҩызцәа, заа,
Зегь реиҳа Аинар ипоезиаҿы уаҩ дзеигәырӷьаша, заа иҽацәихьчо далагеит ирҳәахьоу, еиҭарҳәахьоу, апоетцәа зыԥсы ҭырххьоу, идырааԥсахьоу, уанаԥхьалак, иаразнак ашәҟәы аҿы аркра угәазырԥхо, еицаҳдыруа ажәа ҭлапҟақәа рхархәарала иҩу ажәеинраалақәа. Урҭ егьа арифмеи аритми рзуԥшааргьы, егьа ирԥшӡаны еиқәсыршәоит ҳәа уалагаргьы, егьа аҵәаԥшь рҿушьыргьы, ишырҳәахьоу, ишдырааԥсахьоу, уаҳа злоу иԥсра убааит ҳәа ишыҟоу рныԥшуеит!.. Апоетгьы, дпоет иашаҵәҟьазар, ус иҟоу дырцәыбналозар ауп, иааигәа иааиргьы, ииҭахым, зыбжьы иаҳар ицәымӷу аӡә иеиԥш, дырцәыбналозар ауп!..
Аинар, ани "дзықәтәоу" ирашь хәыҷ, ибаҩхатәра иҵанаҳәоит, урҭ "ишырхууаатәу", абзиа ахьыҟоу, наҟ аҵаӡахь шакәу, уахь анеираз аџьабаа батәуп, аха унарха унанагартә амч уԥшаароуп, ухнамԥаароуп, угәы иаҭахым уахьнымҳалароуп, аҽугәарԥханы иаауҿаԥхаргьы, ула уамжьароуп, угәы аҳәатәы хауҵароуп!..
Иааҳгап апоет иажәеинраалак ацыԥҵәаха:
Ҳзеибадыруам ҳәа быԥхамшьан,
Ҳа ҳаицәтәымуаахоит уаҵәы…
Схы бзаазгеит, абар еибгала,
Ҿыц аныҟәашьа сбырҵарц!..
Араҟа апоет қәыԥш ихы маҷк дахлафуа, ирониала, бзиа иибо аӡӷаб лгәы аартраз ахьтәы цаԥха иԥшааит!.. Ларгьы амшын еишьыл дӡаалошәа, апоет иажәа ԥхақәа дышьҭырԥаауеит!.. Азныказ, агәаҽанызаара урҭоит, удырхәыцуеит, аха нас игәоуҭоит ацәанырра еиҳа ишеиҳау ахырҟәышра аасҭа, уаргьы уи агәра угоит, иуиааиуеит, уҽаумҭар ауӡом, уи иузгәамҭо мчык амоуп…
Апоет имоуп ҽа жәеинраала ссирк, "Ҳаззыԥшыз асы…" захьӡу. Уи уаԥхьо ушнеиуа, абарҭ рҩызцәа цәаҳәақәак аагәылԥхаауеит:
Акәаԥ шлақәа адәхыб агәышҵан,
Измыԥсахуа зҷыхь ашәахәазы.
Аԥхьан еиԥш уажә илеиуам ибыбышӡа,
Аԥхьан еиԥш уажә ишьҭалом ишьҭассы…
Иахьак иаҳхьымӡаргьы ҳбылуазма,
Игәаӷьны иаҳзымҳәоз зегь рыцкыс?
Азыԥшра ҵакыдазар – иауазма?
Азыԥшра акәзар иҟаӡоу ҵакыс.
© Foto / предоставил Айнар Читанаа Аинар Чыҭанаа иани иареи
© Foto / предоставил Айнар Читанаа Аинар Чыҭанаа иаҳәшьеи иареи
Аинар Чыҭанаа иаҳәшьеи иареи
© Foto / предоставил Айнар Читанаа Аинар Чыҭанаа иҩызцәеи иареи
Аинар Чыҭанаа иҩызцәеи иареи
Аинар Чыҭанаа иаҳәшьеи иареи
Аинар Чыҭанаа иҩызцәеи иареи
Апоет иалагашьа даара акраҵанакуеит… Убраҟа иаразнак аԥхьаҩцәа дыргәаԥханы дгәарҭартә даныҟала, нас иныҟәашәа есымша хәыҷы-хәыҷла иациҵалароуп, абни знык иаԥхьаҩцәа дызларгәаԥхаз имырӡроуп, иҟәимҟьароуп… Ус ҳпоетцәа ирацәаҩны ирыхьхьеит, раԥхьаҵәҟьа ианныҵҟьоз ишьҭыркааз ззынамыгӡаз рацәаҩуп, раԥхьаҩцәеи дареи ирыбжьаз арахәыц-па иаразнак ирамхаԥҵәеит, "ирҭрысцәан" иахеит!.. Уи нахыс аҩымҭақәа рацәаны иаԥырҵеит, ашәҟәқәа рацәаны иҭрыжьит, аха "имхысӡеит", рыбжьқәа ҭахәаҽӡа иаанхеит!..
Иҟалап, урҭ ццакцәазар, ахьӡ иашьҭалазар, аха ахьӡгьы иаармариан ус ахы унамырԥшаауазаап, уазааигәахацыԥхьаӡа инаскьозаап, иҟазаап ҭыԥк, иара маҷк иахьузыԥшуа, убри аамҭа уанақәымшәа, аԥба анузымк, нас ахааназ иуцәтәымуаҩуеит, уажәра унҭалаанӡагьы, ушҟа имхьаԥшуазаап!.. Иҟалап, убригь лахьынҵазар, мамзаргьы, ҳаԥсыҽырҭақәа ҳара иахьҳазгәамҭо азы ҳахьнархәуазар… Уԥсы ҭанаҵы уҩлоит, ушәҟәыҩҩуп, арахь уажәа ззырхоу ираҳаӡом, убжьы наҩӡом, аԥша иаман ицоит даҽаџьара, дара ахьыҟаӡам!..
Шәахәаԥш, апоет қәыԥш шаҟа илаԥш ҵару, даҽа жәеинраалак аҟынтәи иаазгоит исгәаԥхаз цәаҳәақәак:
Аинар имоуп иҵаулоу, иара иқәра иааноумшьартә апсихологиатә жәеинраалақәа маҷымкәа. Зны-зынла угәы иаанагоит абриаҟара згәы еибафо аҷкәын иара игәырҩа акәу, даҽа гәырҩак "рыҽхьниҵо" иажәеинраалақәа ҳәа… Аха ибзиан уанрызхәыцлак, еиҭа рыԥхьара уаналагалак, "аҩынтәрашәараан" игәоуҭоит урҭ зегьы иара ишитәу, ишизгәакьоу, ишилаӷьахьоу!.. Нас, ухазы ухәыцуеит, Анцәа нагӡара ииҭааит, иааиаӡар, иара иҿахәы мацара акәӡам, ижәлар рҿахәгьы иҳәоит, ажәа бзиа аԥсы ахьҭоу гәеиҭеит, иҭаԥшыхәны имоуп, Ажәеиԥшьаа дихылаԥшааит уҳәоит!..
Ааигәа ажурнал "Алашараҿ" имҩаԥаагеит шықәсык иалагӡаны ажурнал ианылаз х-жанрк - апоезиа, апроза, акритикатә ԥҵамҭақәа иреиӷьу ралкааразы ажиури есышықәсатәи аилатәара. Убраҟа аҿар рҩымҭақәа рахьтә иреиӷьӡоу ҳәа иалыркааит Аинар Ҷыҭанаа иажәеинраалақәа, аԥаратә ԥхьахәгьы иаԥсахеит!.. Абригь, апоет қәыԥш мацара изы акәӡам, ҳаԥсуа литература уаҵәтәи аԥеиԥш азгьы акраанагоит!..
Абраҟа исгәаласыршәар сҭахуп аурыс поет бзиа Васили Казанцев егьи аурыс поет ду Андреи Вознесенски изы ииҳәаз: "Он сразу стал известен. Вошел в поэзию очень быстро. Но так редко бывает, чтобы, как Вознесенский, входили в литературу".
Сынтәа, дук хара имгакәа, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь ашәҟәыҩҩцәа ралаҵаразы акомиссиа еилатәараны иҟоуп. Убраҟа саргьы салахәуп. Уажәнатә ишәасҳәоит, агәрагьы шәсыргоит, абасеиԥш иҟоу, абаҩхатәра бзиа змоу апоет қәыԥш изы сара сыҩнапыкгьы шышьҭысхуа!..