Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡсашьа ҳзырҵаз ацәқәырԥа: Терент Ҷаниа игәалашәара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукВечер пародий в АГУ.
Вечер пародий в АГУ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Анапаҵаҩра
Иԥсы ҭазҭгьы ҳазҭоу жәабранмза 10 рзы 85 шықәса ихыҵуазаарын аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Терент Михаил-иԥа Ҷаниа. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа ҳадигалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ҳазҭагылоу ашықәс жәабранмза 10 рзы диижьҭеи 85 шықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа поет-лирик Терент Михаил-иԥа Ҷаниа. Ирацәаҩуп сара рыӷәӷәамҭаз сзыхьӡаз аԥсуа поетцәа, ҳашәҟәыҩҩцәа, аха Терент урҭ зегьы аӡәгьы диеиԥшӡамызт. Уи даҽа ҟазшьак илан, даҽа хәыцшьак иман, ибжьы ааиҵыхны аӡәы изы аиакәым иҳәоны, ма ишакәым дихыччаны, дларҟәны сара исымбацызт. Амала иахьаҭахыз аиаша иҳәон, ус иааҭырҟьаны акәымзаргьы, ауаҩы идикылартә, дархәыцыртә, мамзаргьы лафла, аха изызку даара дархәыцыртә.
Терент, исгәалашәоит, усҟан жәохәҟа шықәса ҵуан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла бжьыҭирала дахадыргылеит, шықәсык ибзиангьы аус иуит, аха нас, Апрезидиум иалаз ҳааизиган, иҳаиҳәеит, уаҳа ари аҭыԥ аҿы аусура дшазыразым, иҵегь данқәыԥшыз илшоз уажәшьҭа ишилымшо, иара иаҵкыс иқәыԥшу, акыр зылшаша наргар еиҳа ишеиӷьу. Ҳара даара акыр иамаҳкит, даҳмышьҭырц ҳалагеит, аха иара имуит, имуҵәҟьеит...
Ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2017
Терент Ҷаниа: аԥсуа литература адунеитә литература иахәҭакуп
Уи иԥсадгьыл бзиа ишибоз иажәеинраалақәа рыла иҳәон, убри азы акәын ажәларгьы иара ипоезиа зырзааигәаз, имырхьаацәакәа изыгәныркылоз. Уажә ишәыдызгалоит иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ииҩыз ажәеинраалақәа иреиуоу "Исҭахым саргьы сыԥсыҵәҟьар" захьӡу аҟынтәи ҩ-куплет заҵәык:
Исҭахым уажәшьҭа сыԥсыҵәҟьар,
Ажәеи ашәақәеи сҭынхеит.
Насгьы, Аб, Аԥа, Аԥсыцқьа
Срыцны сцоит иахьеи уахеи…
"Аԥсны, сукәыхшоуп!" анысҳәа,
Мра шәахәала сымҩа қәҵоуп.
Узысҭаху - уи аныс ауп,
Ан лыбзиабара цқьоуп!
Терент Ҷаниа шәҟәыҩҩык иаҳасабала еиҳа дахьыӷәӷәаз, еиҳа дызлеицырдырыз, дызлеицгәараҭаз апоезиа ала ауп. Уи апрозаҿ иҩит ароманқәа, аповестқәа, ажәабжьқәа, урҭ зынӡагьы иҟәнушьартә иҟаӡам, аха, зегьы акоуп, иара ирҿиараҿы апоезиа иаԥнагон. Иуҳәар ауеит, иԥсы ахьҭаҵәҟьаз апоезиаҿ акәын ҳәа! Насгьы, абраҟа иазгәаҭатәуп, даара акыр дшышьҭнаԥааз, ишицхрааз, амҵәыжәҩақәа шинаҭаз акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиеи иареи реиҩызара, русеицура. Урҭ еицаԥырҵеит алирикатә ашәақәа инадыркны, ахәыҷқәа ирызку ашәақәа рҟынӡа даара ирацәаны. Иҟалап, Терент Ҷаниа дхазгалаз, ажәлар рыгәқәа рахь ашә ҟьаҟьаӡа изаазыртыз иреиуазар ҳкомпозитор дуи иареи реиҩызара, еицаԥырҵаз рашәақәа.
Сара ибзиаӡан исгәалашәоит ҳхәыҷра иацииз, нас иашәахаз Терент иажәеинраала "Иама, иама ицеит!" ашколтә клуб дуқәа рҿы ҳаицны ҳаннеилак, ахәыҷқәа аҟаԥыҳәа еицырҳәон, аԥхьаха ирҭаӡомызт! Иарбану, ари еиҳау насыԥс иҟоу апоет изы!..
© Foto / Вахтанг АԥҳазоуАшәҟәыҩҩы Вахтанг Аԥҳазоуи, ашәаҳәаҩ Гәнда Ферзԥҳаи, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳаи, апоет Терент Ҷаниеи, амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳаи гәыԥҩык аҿари
Ашәҟәыҩҩы Вахтанг Аԥҳазоуи, ашәаҳәаҩ Гәнда Ферзԥҳаи, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳаи, апоет Терент Ҷаниеи, амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳаи гәыԥҩык аҿари - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Ашәҟәыҩҩы Вахтанг Аԥҳазоуи, ашәаҳәаҩ Гәнда Ферзԥҳаи, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳаи, апоет Терент Ҷаниеи, амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳаи гәыԥҩык аҿари
Терент дпоет лирикын, анемец поет ду Гиоте иеиԥш, уи 70 шықәса данырҭыс еиҳагьы абзиабаратә жәеинраала ссирқәа импыҵыҵуа далагеит!
Абар, иԥсҭазаара ацыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ииҩыз даҽа ажәеинраала ссиркгьы "Сара сыӡын" захьӡу ацыԥҵәаха:
Ииасыз - уи ԥхыӡын,
Ҳазымхәыцып уаҳа!
Иԥшӡоуп сара сыӡын,
Ба бтәгьы усшәа акәхап…
Бааи, ҳнатәап каҳуажәра,
Ҳаицәажәо, гәыблыла.
Ҳа ҳҭагылоуп ҳажәра,
Аха ҳқәыԥшуп гәыла!..
Терент Ҷаниа ҳажәлар ирхыргаз аибашьраҿы, иара дызлапоет иашаз ала, сааҭк иадамзаргьы икалам каимыршәит, усҟан сара аус ахьызуаз Аԥсуа радио "Аԥсадгьыл абжьы" аҿы ирлас-ырласны дықәгылон иааԥхьарақәа рыла, иара убасгьы иҩуан даара игәышьҭыхгаз ажәеинраалақәа, урҭ дрыԥхьон ҳаибашьцәа ахьгылаз аҭабиақәа рҿы, иара убасгьы иара иҩызцәа аурыс поетцәа дуқәа ахьынхоз Москваҟа аимадарақәа иман, урҭ нас адунеи зегьы ахь ааԥхьарақәа ҟарҵон Аԥсны зҭагылаз еилыркаарц, ирбарц, рыбжьы ақәдыргарц азы.
Терентий Чаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2019
Арадио
Ҷаниа: аԥсуараҟны аԥсадгьыл ахьчара иреиҳау аҭыԥ ааннакылон
Терент аибашьра атема ихымԥсааӡацызт, уи иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ииҩыз иажәеинраалақәа ируакуп абраҟа зцыԥҵәаха ааҳго ажәеинраала "Дырдыруан зегьы". Ари ажәеинраалаҿ автор иаҳирбоит еибашьҩык ибаҟа шдыргылаз, уаҟа ажәлар еизаны уи аартра ишалахәу, аха иара абаҟагьы, аԥсыуак ишиҟазшьоу еиԥш, зыхьӡ аху ахаҵара дуӡӡа шыҟаиҵазгьы, уи инмырԥшкәа, дыԥхашьа-ԥхаҵо ихы ларҟәшәа дгылоуп…
Дықәԥон арԥыс ахақәиҭраз,
Ажәҩан даҵасуа даун.
Уи зынӡаск имаҷын иқәра,
Аха ақәԥараҿ ддаун…
Еизеит ажәлар - иахьа ныҳәан,
Рԥыск изыркит абаҟа.
Уахьихәаԥшуаз зынӡа дныхан,
Аха маҷк дыԥшуан ҵаҟа.
Дрыздырӡомызт уи хьыӡҳәала,
Инаԥшы-ааԥшуан зегьы.
Аха уи ихаҵарала,
Дырдыруазарын зегьы!..
Сара сгәаанагарала, абасеиԥш иҟоу апоет бзиа, зыхьӡи-зыԥшеи ҳҿар ес ииуа ирыциуа, иара дызнысыз амҩагьы, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус ахьиуаз, ирҿиара анаҩсангьы имҩаԥигоз аҳәынҭқарратә усқәа рҿы иарбан шықәсақәоу аџьабаа анибоз, иарбан шықәсақәоу иԥсҭазаара зегьы зықәирӡыз ишәҟәқәа анҭижьыз, ҳбызшәеи ҳкультуреи ирызҿлымҳау зегьы хәыц-хәыц ирдыруазароуп.
1/3

Терент Ҷаниа

2/3

Терент Ҷаниа

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа

Терент Ҷаниеи Таиф Аџьбеи

Терент Ҷаниеи Таиф Аџьбеи  - Sputnik Аҧсны
3/3

Терент Ҷаниеи Таиф Аџьбеи

1/3

Терент Ҷаниа

2/3

Терент Ҷаниа

3/3

Терент Ҷаниеи Таиф Аџьбеи

Убри хықәкыс иҟаҵаны, иаҳкьыԥхьуеит апоет инысымҩа: Ҷаниа Терент Михаил-иԥа диит жәабран 10 1937 шықәса рзы Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Ҷаниа Терент - аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, СССР Ажурналистцәа реидгыла алахәыла (1971), СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи (1981), Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи (1999) рлахәыла. Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп (2012), ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара. Дыҩуан аԥсышәала.
Дышқәыԥшыз иаби иани игхеит; иаб 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы дҭахеит. Аҵара иҵон Ачаарқыҭ, Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол аҿы, нас иҵара хиркәшеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ аҿы (1955). Далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала (1960).
Аинститут даналга, аус иуан Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат №1 аҟны рҵаҩыс-ааӡаҩыс. 1966 шықәсазы, Аԥсуа радио аҿы аамҭа кьаҿлатәи иусура ашьҭахь, диасит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциахь, раԥхьа – аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс, нас – аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс.
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Ҷаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2017
Арадио
Терент Ҷаниа: ажәеинраала ашьҭыбжь сазыӡырҩуеит
1975 шықәсазы Апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет ддәықәнаҵеит аҵаразы Москваҟа, КПСС Ацентр Комитет аҟны иҟаз Иреиҳаӡоу апартиатә школ ахь. Аҵара далганы Аԥсныҟа даныхынҳә, 1987 шықәсанӡа аус иуан Апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет агитациеи апропагандеи рыҟәшаҿы. 1987 шықәсазы диаган Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа "Алашара" ахь директорс.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәыла еибашьраан Т. Ҷаниа иуадақәа дырҳәит, ирблит инапылаҩырақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟан ипиеса "Актәи амш – адкылара амш", аусрысшәахь еиҭаганы акьыԥхь иазирхиаз ипоезиатә рҿиамҭақәеи ахәыҷқәа ирызкыз ажәеинраалақәеи.
Аибашьра раԥхьатәи амчыбжьқәа раан уи ҭаацәала амацәаз иҭакыз Тҟәарчал днанагеит, нас – агәыҳалалратә реис ала Гәдоуҭаҟа диасит. Уи араҟа ар ргазеҭ "За наше Отечество" редактор хадас дҟарҵеит.
Терент Чания - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2018
Арадио
Ҷаниа Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкны: жәытә-натә аахыс ҳзызхәыцуаз ҟалеит
Аибашьра шеилгазҵәҟьа, Аҟәаҟа дхынҳәит, ҩаԥхьа - аҭыжьырҭа "Алашара" адиректорс. Ашьҭахь Аԥснытәи еидҵоу аҭыжьратә-полиграфиатә комбинат адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2007 шықәса рзы уи далхын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитфонд адиректорс. 2010 шықәса апрель 6 инаркны 2011 шықәса апрель 15 рзынӡа – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Иԥсҭазаара далҵит жәабран 2 2021 шықәса рзы.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол аҿы аҵара аниҵоз. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт данҭаз редакторс даман анапылаҩыратә журнал "Арҩаш". Раԥхьаӡа акәны Т. Ҷаниа иажәеинраалақәа кьыԥхьын ажурнал "Алашара" аҟны 1955 шықәсазы. Уи иҩымҭақәа рнылеит иара убас ажурналқәа "Амцабз", "Молодаиа гвардиа" (М., 1971); агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Аԥсны", "Еҵәаџьаа", "Пионерская правда" (Москва), "Общеписательская Литературнаия газета" (Москва); аизгақәа "Памятник нам сыновей не заменит" (1994), "Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа" (Аҟәа – Сухум, 1995); "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашәышықәса" аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001), уи аиҭаҭыжьра (Аҟәа – Москва, 2009) аҟны уҳәа убас егьырҭгьы.
Уи авторс дрымоуп 20 иреиҳаны ажәеинраалақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа еидызкыло ашәҟәқәа. Акыр иажәеинраалақәа ашәақәа рылхуп.
Геннадий Аламия - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Аламиа Терент Ҷаниа изы: анцәа ииҭаз ауаҩра, ауаа рызшатәыс имазшәа акәын дшыҟаз
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Сылашара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965; Ашымҳа амҵан. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1970; Ашлақәа рқәыҧшра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1975; Иҭынчым амшқәа. Ажәабжьқәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1979; Асовет ԥсҭазаашьа (Апублицистикатә усумҭа). Аҟәа, 1979; Ааԥынтәи ашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1980; Аԥсуа баллада. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981; Бара быда. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1983; Ииасуа аԥхын. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1987; Шәышьханхыҵ. Аповестқәеи аромани. Аҟәа; 1989; Аҷнышқәа амшын ихыҵуеит. Ароман, аповестқәа. Аҟәа, 1991; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1997; Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2000; Ҭагалантәи ашәа. Ажәеинраалақәеи алаф ажәабжьқәеи. Аҟәа, 2003; Ақәыԥшра агьама. Ажәеинраалақәеи алаф ажәабжьқәеи, Аҟәа, 2005; Иҩымҭақәа реизга. 1-3 атомқәа. Аҟәа, 2007, 2008, 2009; Уԥры, сара сашәа! Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010; Ҳазшаз илԥха. Ажәеинраалақәеи алибреттои. Аҟәа, 2015; Иалкаау. 1-2 атомқәа. Аҟәа, 2017, 2018; аурысшәахь еиҭаганы: Аԥсуа баллада. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1985; Шәышьханхыҵ. Аповестқәа, ажәабжьқәа, ароман. Аҟәа, 2011.
Абраҟа хымԥада иазгәататәуп ҳәа сгәы иаанагоит аԥсуа-қырҭуа еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы иара директорс дызмаз ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" даара аҭагылазаашьа шыцәгьаз, Терент иредакторцәеи икорректорцәеи ириҭоз ауалафахәыҵәҟьа ашәара аҳәынҭқарра ишзалымшоз. Убасҟан ҳкультуратә хәышҭаара дуқәа иреиуаз ҳашәҟәҭыжьырҭа амца мыцәарц азы, иԥшаатәын аспонсорцәа, еиқәырхатәын, иҭыжьтәын ҳашәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа. Терент ихы иаирхәар акәын иара иаҳаҭыр, ипату, иавторитет. Ус иагьыҟаиҵеит, усҟан Москва аус зуаз, иахьа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дицхрааит, хәышықәса дуӡӡа ҳашәҟәҭыжьырҭаҿ аус зуаз зегьы уалафахәыла еиқәиршәеит, еиқәирхеит ҳашәҟәҭыжьырҭа. Ари аҭоурых сара иара Терент Михаил-иԥа исзеиҭеиҳәахьан иԥсы анҭаз, уи ахаршҭрагьы шҳақмыз нацҵаны…
Терентий Чаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Абырфынбӷьыц еиԥшыз ауаҩы: Терент Ҷаниа игәалашәаразы
Шықәсык ауп иҵуа Терент Михаил-иԥа дҳалагыламижьҭеи, макьана иаҳгәалашәоит уи иччаԥшь, илакҭа хаа, маҷӡак иҭахәаҽыз, аха агәыкра зҵаз ибжьы, есымша ахҭа иҭазыршәуаз илаф, иҩны ҳанаавалалак, ичеиџьыка агьама ҳамбар ҳәа дшәаны, ҩынтәыршыра ауатка Кәтолынтәи ишизааргаз, фырџьанк анужәлак, иаразнак уеилыхха, уԥырԥыруа ушыҟанаҵо, уи ишадгылоу алаҳарҩа, аџьынџьыхәа, уаргьы иџьашьаны уанааҭгылалак, "Нас, шьҭа ухаҵоуп, абри зегьы уаӷрагылан уца!" иҳәон, аҽыгәҽыгҳәа дааччаны! Уаргьы уи игәаҳәара, амшын ҟәанда ацәқәырԥеиԥш, уҽауҭон уацәымшәаӡакәа, избанзар, уи ацәқәырԥа, уара иузааигәаз, аӡсашьа узырҵаз акәын!..
Ажәабжьқәа зегьы
0