https://sputnik-abkhazia.info/20220227/aikh-evropati-aidgyla-urystylati-aairt-kheilaka-rzy-aauat-eimadara-adyrkit-1037811239.html
АИХқәа: Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит
АИХқәа: Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит
Sputnik Аҧсны
Европатәи атәылақәа жәпакы, хаҭала Словакиа, Литва, Румыниа, Чехиа, Польша урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара адыркит, Урыстәыла убас аҭак... 27.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-27T10:58+0300
2022-02-27T10:58+0300
2022-02-28T13:15+0300
ажәабжьқәа
джәр
лжәр
украина
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/02/1036566421_0:178:1712:1141_1920x0_80_0_0_97592dea35a401bc4793dbe4a05aeed9.jpg
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит, абри аәы аанацҳауеит РИА Новости берлинтәи ателеканал ARD ажәақәа шьаҭас иганы. Уажәтәи аамҭазы урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара адыркит Словакиа, Литва, Румыниа, Чехиа, Польша. Ас еиԥш ашьаҿа шыҟанаҵо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Германиагьы. Росавиациа аԥкрақәа рҭак ҟаҵо арҭ атәылақәа иртәу аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара аркра иалагеит.Жәабран 21 аза Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Жәабран 24 азы ДЖәРи ЛЖәРи рнапхгара иҟарҵаз аҳәарала Донбасс аоперациа ҷыда иалагеит. Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәылеи уи анапхареи рганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит.Аԥкра ҿыцқәа ирыҵаркит урыстәылатәи аҵәахырҭатә банкқәа-Сбербанк, ВТБ. Германиа агазцәаҳәа "Северный поток-2" асертификациа ааннакылеит. Британиа ду "Аерофлот" азы аҳауатә еимадара ааннакылеит.Иара убас, ЕАА ЕА аҟны ирҳәоит абанктә система SWIFT ахархәара аԥкра алагалахоит ҳәа, аха макьаназы мраҭашәаратәи атәылақәа зегьы ари азҵааразы гәаанагарак еицрымам.Урыстәылатәи анапхараҟны ирҳәеит аԥкра ҿыцқәа ҟалозар ҳәа аҽазыҟаҵара ишаҿыз, асанкциақәа ирыхҟьаны ауадаҩра иҭагылоу зегьы ацхыраара шрырҭо азы аҳәамҭа ҟарҵеит, иара убас Урыстәыла арҭ аԥкрақәа рҭак ҟанаҵоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220223/eaa-urystyla-ikhyshym-aual-asanktsiaa-anaeit-1037729419.html
джәр
лжәр
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/02/1036566421_191:0:1712:1141_1920x0_80_0_0_b6a9fea4726a4751c3a8878f749d3121.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина
АИХқәа: Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит
10:58 27.02.2022 (ирҿыцуп: 13:15 28.02.2022) Европатәи атәылақәа жәпакы, хаҭала Словакиа, Литва, Румыниа, Чехиа, Польша урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара адыркит, Урыстәыла убас аҭак ҟанаҵеит.
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит, абри аәы аанацҳауеит
РИА Новости берлинтәи ателеканал ARD ажәақәа шьаҭас иганы.
"Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара адыркит, абри атәы аинформациатә хыҵхырҭақәа рҟны ишьақәдырӷәӷәеит", - ҳәа Twitter аҟны иҩуан ARD ажурналист.
Уажәтәи аамҭазы урыстәылатәи аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара адыркит Словакиа, Литва, Румыниа, Чехиа, Польша. Ас еиԥш ашьаҿа шыҟанаҵо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Германиагьы. Росавиациа аԥкрақәа рҭак ҟаҵо арҭ атәылақәа иртәу аҳаиртә хеилакқәа рзы аҳауатә еимадара аркра иалагеит.
Жәабран 21 аза Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Жәабран 24 азы ДЖәРи ЛЖәРи рнапхгара иҟарҵаз аҳәарала Донбасс аоперациа ҷыда иалагеит. Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәылеи уи анапхареи рганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит.
Аԥкра ҿыцқәа ирыҵаркит урыстәылатәи аҵәахырҭатә банкқәа-Сбербанк, ВТБ. Германиа агазцәаҳәа "Северный поток-2" асертификациа ааннакылеит. Британиа ду "Аерофлот" азы аҳауатә еимадара ааннакылеит.
Иара убас, ЕАА ЕА аҟны ирҳәоит абанктә система SWIFT ахархәара аԥкра алагалахоит ҳәа, аха макьаназы мраҭашәаратәи атәылақәа зегьы ари азҵааразы гәаанагарак еицрымам.
Урыстәылатәи анапхараҟны ирҳәеит аԥкра ҿыцқәа ҟалозар ҳәа аҽазыҟаҵара ишаҿыз, асанкциақәа ирыхҟьаны ауадаҩра иҭагылоу зегьы ацхыраара шрырҭо азы аҳәамҭа ҟарҵеит, иара убас Урыстәыла арҭ аԥкрақәа рҭак ҟанаҵоит.