Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит

© Sputnik Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы
Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 27, 1919 шықәсазы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны". 2001 шықәса раахыс ари амш Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
"Адунеи аҟны АИХқәа инарыгӡо ароль даара иҳаракуп. Аҳәынҭқарраҿы хадара зуа ауаажәларратә институтқәа шәреиуоуп, шәара ганрацәала, ирлас Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы аашәырԥшуеит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, Аԥсны ажурналистцәа рус ҳаракыла инарыгӡоит.
Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалараҿы дазааҭгылеит хәажәкыра 12 азы имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизарахь алхрақәа. Иазгәеиҭеит, ажурналисттә еилазаара ииашоу аинформациа азнагараҿы ирылшо зегь ҟарҵоит ҳәа ишазыԥшу.
Иара убас Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы АИХқәа инарыгӡоз аус атәы, инаҵшьны иазгәеиҭеит, ажурналистцәа русура иабзоураны адунеи аҟны ишырдыруаз ииашаҵәҟьаны имҩаԥысуаз ахҭысқәа ртәы.
Газета Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2022
Аԥсны
Амилаҭи абызшәеи реиқәырхаразы: агазеҭ "Аԥсны" 103 шықәса ахыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0