Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Еиду амилаҭқәа реиҿкаара: 150 нызқьҩык ахҵәацәа Украина аанрыжьхьеит

© Sputnik / Михай Карауш / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКПП Паланка на границе Молдовы с Украиной
КПП Паланка на границе Молдовы с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2022
Анапаҵаҩра
Хымшуп Урыстәыла Донбасс аоперациа ҷыда мҩаԥнагоижьҭеи, ДЖәР ЛЖәРи аруаа урыстәылатәи ар рыцырхрааны Украина арратә инфрастуктура русура еиԥдырҟьоит.
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Иахьазы Украина аанрыжьхьеит 150 нызқьҩык, ахҵәацәа реиҳараҩык рымҩа хоуп Польша, Венгриа, Молдавиа, Румыниа атәылақәа рахь, абри атәы иҳәеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы акомиссар хада Филиппо Гранди Twitter аҟны.
"150 нызқьҩык украинатәи ахҵәацәа ирзааигәоу атәылақәа рҳәаақәа ирхысхьеит, реиҳараҩык Польшаҟа ицеит, аӡәырҩы - Венгриа, Молдавиа, Румыниа атәылақәа рахь рхы дырхеит", - иҳәеит Гранди.
Жәабран 21 аза Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа. Жәабран 24 азы телехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит", иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0