Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азхаҵара, "авеер" ҿыц, атеатрқәа раԥхьарбарақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Прибытие беженцев из ДНР и ЛНР в Сухум
Прибытие беженцев из ДНР и ЛНР в Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 21-27 рыҩнуҵҟа Аԥсны аҵакыраҿы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш анҭыҵгьы хҭысла ибеиан. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецки Лугански жәар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит, жәаҩыла ахҵәацәа Аҟәа ирыдыркылеит.

Донбасстәи ареспубликақәа разхаҵара

Жәабран 21 азы Урыстәыла Донбасстәи ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит, жәабран 22 азы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылеит. Жәабран 24 азы Урыстәыла аоперациа ҷыда иалагеит Украина абџьархыхра хықәкыс иҟаҵаны.
Арҭ атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ахьыԥхасҭахаз Аахыҵ Кавказ назлоу атәылақәа агәҭынчымра рызнарҵысуеит. Уаанӡа, жәабран 21 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла амчратә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит Қырҭтәыла аганахь ала агәҽанҵара рымазарц.
Аԥсны АҶА анапы ианҵан Донецки Лугански ареспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа ҳтәылахь раааразы аус аиҿкаара. Ахҵәацәа раԥхьатәи ргәыԥ Аԥсныҟа иааган жәабран 24 азы. Агуманитартә напынҵа напхгара аиҭеит Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа.
Донецкынтә иаагоуп 55-ҩык, Луганскынтә – 38-ҩык, аиҳараҩык ахәыҷқәеи аҳәсеи. Ахҵәацәа апансионат "Аиҭар" аҿы иҩноуп.
Жәабран 25 азы Аслан Бжьаниа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Бжьаниа атәыла аиҳабыра рнапы ианиҵеит иазхаҵоу атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьеи, аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵаразы ашәҟәқәа еиқәдыршәарц.
Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Аԥсны
Аԥсны ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит

Аҿкы хҽуа иалагеит

Акоронавирустә инфекциа ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 51 618 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 44 789 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 648-ҩык.
Жәабран 26 азы атәыла алабораториақәа иазгәарҭеит ажьырныҳәамза аахыс еиҳа илаҟәыз арбага, атест азҭаз 190-ҩык рҟынтәи аҿкы рыдбалан – 87-ҩык.
Подготовка школы к новому учебному году  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра COVID зыдбалоу акарантин шаҟа аамҭа иҟазаауа атәы азгәарҭеит

Аамҭа аамҭала алашара арцәара

"Амшынеиқәафымцамч" жәабран 23 инаркны Аԥсны афымца арцәаразы аамҭеихшара ҿыц аланагалоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
"Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәреи Урыстәылантәи иаауа афымцамчхара амаҷреи ирыхҟьаны афымца анашьҭразы аԥкра ҿыцқәа алагалахоит", - рҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҟны.
Аԥкрақәа ирыҵаркуам аӡылбааҽҽатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара зауа Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа. "Амшынеиқәафымцамч" аҿы иазгәарҭеит аԥкрақәа аанхоит ГЕС аусуразы аӡы аҩаӡара иахәҭоу арбагаҿынӡа ихалаанӡа ҳәа.
© Foto / facebook / РУП "Черноморэнерго"Ограничения по перетоку ВЛ-220 кВ "Псоу"
Ограничения по перетоку ВЛ-220 кВ Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Ограничения по перетоку ВЛ-220 кВ "Псоу"

Акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара

Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза 12 азы. Аԥсны АКХ аҟны акандидатцәа рышәҟәҭагалара мҩаԥысуеит. Иахьазы ашәҟәы иҭарыҩхьеит 124-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа.
Алхрақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥыслоит хәажәкыра 2 аҟынӡа.
Иааидкыланы ари аамҭазы Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы ашәҟәы иҭагалоуп 118 аԥшьгаратә гәыԥқәеи, хә-политикатә партиеи.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Апрокуратура хада Жәлар Реизарахь алхрақәа раамҭазы аусура арӷәӷәоит

Аилагарақәа раарԥшра

Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015 шықәса раахыс абиуџьет аусхк аҟны хаз игоу категориақәак рулафахәы ацҵара аус мҩаԥысуеит. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара 2019-2021 шықәсқәа рзы иазоужьыз аԥара ахархәашьа агәаҭараан аилагарақәа аарԥшын. Урҭ иреиуоуп аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәеи аҟазауааи – змаҵура хаз игоу акатегориақәа иаҵанамкуа иахәҭам аулафахәы рызшәара, иара убасгьы амедусҳәарҭақәа русзуҩцәа, урҭ иааныркыло аҭыԥқәа азакәанԥҵара иазгәанаҭо аџьатә норма еиҳауп.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб ихаҭыԥуаа ирыдиҵеит хәажәкырамза нҵәаанӡа иҟоу аилагарақәа рҭыԥ иқәырҵарц.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара ахархәараҿы аилагарақәа аарԥшуп

Азакәанқәа рыдкылара

Жәабран 25 азы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала амилаҭ-хақәиҭратә ҵысразы азакәан рыдыркылеит.
Азакәан аҿы иарбоу асоциалтә хәдықәҵарақәа ирыҵаркуеит Аԥсны атәылауаа, аҳәаанырцә тәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа - 1931, 1947, 1956, 1967, 1978, 1980, 1989, 1991 шықәсқәа рзы амилаҭ-хақәиҭратә ҿагылара ралахәхараан инвалидцәахазар, СССР аганахь ала ашьауӷатә ашьҭазаара роузар.
Иара убас, азакәан иаҵанакуеит амилаҭ-хақәиҭратә ҵысра иалахәыз иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа.
Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит азакәан " 1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы" урҭ рсоциалтә хьчара амҩаԥгаразы.
Парламент Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Аԥсны
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала амилаҭ-хақәиҭратә ҵысразы азакәан аднакылеит

Аныҳәатә рыцхәқәа

Ииасыз амчыбжь азы аныҳәақәа ҩба ыҟан. Жәабран 23 азы Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа ирыдиныҳәалеит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш.
Жәабран 27 азы Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп. Аслан Бжьаниа амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит иазгәеиҭеит, ауаажәларреи амчрақәеи реимадараҿы ажурналистцәа инарыгӡо аҵак ду.

Аҟәа ацәыргақәҵақәа

Акультура-усутә платформа "Гума" имҩаԥысит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа. Ахатәы коллекциақәа рҟынтәи еидкылан 22 усумҭа. Ацәыргақәҵаҿ иҟан Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа, аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа, иара убас аҵыхәтәантәи ихыркәшам иусумҭақәа.
Аҟәа ԥшшәы рацәала: Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа
© Sputnik / Томас Тхайцук

Асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа жәабран 21 азы.

Асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа жәабран 21 азы. - Sputnik Аҧсны
1/15

Асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа жәабран 21 азы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵаҿ иҟан ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аусумҭақәагьы.

 Ацәыргақәҵаҿ иҟан ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аусумҭақәагьы. - Sputnik Аҧсны
2/15

Ацәыргақәҵаҿ иҟан ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аусумҭақәагьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аусумҭақәа аиҳарак Аҟәа иазкуп.

Аусумҭақәа аиҳарак Аҟәа иазкуп. - Sputnik Аҧсны
3/15

Аусумҭақәа аиҳарак Аҟәа иазкуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Рацәак уаҩы иимбацаз асахьақәа рбарцаз арахь иааит ақалақь ауааԥсыра.

Рацәак уаҩы иимбацаз асахьақәа рбарцаз арахь иааит ақалақь ауааԥсыра. - Sputnik Аҧсны
4/15

Рацәак уаҩы иимбацаз асахьақәа рбарцаз арахь иааит ақалақь ауааԥсыра.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа, аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа, иара убас аҵыхәтәантәи иусумҭақәа-ихыркәшамгьы цәырган.

Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа,  аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа, иара убас аҵыхәтәантәи иусумҭақәа-ихыркәшамгьы цәырган. - Sputnik Аҧсны
5/15

Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа, аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа, иара убас аҵыхәтәантәи иусумҭақәа-ихыркәшамгьы цәырган.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Асахьаҭыхыҩ еснагь иҳәон, Аҟәа - ныҳәа қалақьуп ҳәа.

Асахьаҭыхыҩ еснагь иҳәон, Аҟәа - ныҳәа қалақьуп ҳәа. - Sputnik Аҧсны
6/15

Асахьаҭыхыҩ еснагь иҳәон, Аҟәа - ныҳәа қалақьуп ҳәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа иалахәын асахьаҭыхыҩ иҭаацәа.

Ацәыргақәҵа иалахәын асахьаҭыхыҩ иҭаацәа. - Sputnik Аҧсны
7/15

Ацәыргақәҵа иалахәын асахьаҭыхыҩ иҭаацәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥшшәы рацәеи зхатә гьамеи змаз иакәны ргәаҵаҿ даанхеит Леуарса Быҭәба иҩызцәа.

Аԥшшәы рацәеи зхатә гьамеи змаз иакәны ргәаҵаҿ даанхеит Леуарса Быҭәба иҩызцәа. - Sputnik Аҧсны
8/15

Аԥшшәы рацәеи зхатә гьамеи змаз иакәны ргәаҵаҿ даанхеит Леуарса Быҭәба иҩызцәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа илашоу ԥшшәы рацәала иаарԥшуп.

Асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа илашоу ԥшшәы рацәала иаарԥшуп. - Sputnik Аҧсны
9/15

Асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа илашоу ԥшшәы рацәала иаарԥшуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари асахьа иааилак рылаԥш аднахалон, ирхамшҭырц азы рҭелқәа рҿы асахьа ҭырхон.

Ари асахьа иааилак рылаԥш аднахалон, ирхамшҭырц азы рҭелқәа рҿы асахьа ҭырхон. - Sputnik Аҧсны
10/15

Ари асахьа иааилак рылаԥш аднахалон, ирхамшҭырц азы рҭелқәа рҿы асахьа ҭырхон.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа ахьымҩаԥысуаз акультура-усутә платформа "Гума" адәахьы шакәызгьы, ачымазараз иалагалоу аԥкрақәа ирықәныҟәозгьы ыҟан.

Ацәыргақәҵа ахьымҩаԥысуаз акультура-усутә платформа "Гума" адәахьы шакәызгьы, ачымазараз иалагалоу аԥкрақәа ирықәныҟәозгьы ыҟан. - Sputnik Аҧсны
11/15

Ацәыргақәҵа ахьымҩаԥысуаз акультура-усутә платформа "Гума" адәахьы шакәызгьы, ачымазараз иалагалоу аԥкрақәа ирықәныҟәозгьы ыҟан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа иаҭааз Леуарса Быҭәба иаҳәшьа илҳәеит, иара асахьаҭыхра даныхәыҷыз ишышьҭикааз.

Ацәыргақәҵа иаҭааз Леуарса Быҭәба иаҳәшьа илҳәеит, иара асахьаҭыхра даныхәыҷыз ишышьҭикааз.  - Sputnik Аҧсны
12/15

Ацәыргақәҵа иаҭааз Леуарса Быҭәба иаҳәшьа илҳәеит, иара асахьаҭыхра даныхәыҷыз ишышьҭикааз.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Леуарса Быҭәба раԥхьатәи иусумҭа ажурнал "Амцабз" ианылеит. Усҟан иара аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан.

Леуарса Быҭәба раԥхьатәи  иусумҭа  ажурнал "Амцабз" ианылеит. Усҟан иара аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан. - Sputnik Аҧсны
13/15

Леуарса Быҭәба раԥхьатәи иусумҭа ажурнал "Амцабз" ианылеит. Усҟан иара аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Леуарса Быҭәба хадара азиуан "Зых иақәиҭу асахьаҭыхыҩцәа реидгыла".

Леуарса Быҭәба хадара азиуан "Зых иақәиҭу асахьаҭыхыҩцәа реидгыла". - Sputnik Аҧсны
14/15

Леуарса Быҭәба хадара азиуан "Зых иақәиҭу асахьаҭыхыҩцәа реидгыла".

© Sputnik / Томас Тхайцук

Леуарса Быҭәба илшамҭақәа рзы ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара.

Леуарса Быҭәба илшамҭақәа рзы ианашьоуп  "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара. - Sputnik Аҧсны
15/15

Леуарса Быҭәба илшамҭақәа рзы ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара.

1/15

Асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа жәабран 21 азы.

2/15

Ацәыргақәҵаҿ иҟан ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аусумҭақәагьы.

3/15

Аусумҭақәа аиҳарак Аҟәа иазкуп.

4/15

Рацәак уаҩы иимбацаз асахьақәа рбарцаз арахь иааит ақалақь ауааԥсыра.

5/15

Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа, аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа, иара убас аҵыхәтәантәи иусумҭақәа-ихыркәшамгьы цәырган.

6/15

Асахьаҭыхыҩ еснагь иҳәон, Аҟәа - ныҳәа қалақьуп ҳәа.

7/15

Ацәыргақәҵа иалахәын асахьаҭыхыҩ иҭаацәа.

8/15

Аԥшшәы рацәеи зхатә гьамеи змаз иакәны ргәаҵаҿ даанхеит Леуарса Быҭәба иҩызцәа.

9/15

Асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа илашоу ԥшшәы рацәала иаарԥшуп.

10/15

Ари асахьа иааилак рылаԥш аднахалон, ирхамшҭырц азы рҭелқәа рҿы асахьа ҭырхон.

11/15

Ацәыргақәҵа ахьымҩаԥысуаз акультура-усутә платформа "Гума" адәахьы шакәызгьы, ачымазараз иалагалоу аԥкрақәа ирықәныҟәозгьы ыҟан.

12/15

Ацәыргақәҵа иаҭааз Леуарса Быҭәба иаҳәшьа илҳәеит, иара асахьаҭыхра даныхәыҷыз ишышьҭикааз.

13/15

Леуарса Быҭәба раԥхьатәи иусумҭа ажурнал "Амцабз" ианылеит. Усҟан иара аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан.

14/15

Леуарса Быҭәба хадара азиуан "Зых иақәиҭу асахьаҭыхыҩцәа реидгыла".

15/15

Леуарса Быҭәба илшамҭақәа рзы ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара.

Аԥсуа рҩыҟаҵашьа акультура иазку ацәыргақәҵа аартын азауад "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" агьамабаратә зал аҿы жәабран 23 азы Аҟәа.
Ацәыргақәҵаҿ инаган асахьаҭыхыҩ Витали Қацәба ирҿиамҭақәа 20, археологиатә ԥшаахқәа, ажәытә гравиурақәа.
Ацәыргақәҵа иашьагәыҭын 15 шықәса раԥхьа аҩызауад аҿаҵарала асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба иҟаиҵаз х-хәҭак рыла ишьақәгылоу иусумҭақәа.
Жәабран 26 азы "Гума" аҿы иаатит Аԥсны аҩыҟаҵареи аӡахәааӡареи ирызкыз афотоцәыргақәҵа. Ари атемала алекциақәа ирыԥхьеит аҩыҟаҵаҩцәа Иури Аӡынбеи Валери Аҩӡбеи.

Атеартә ԥхьарбарақәа

Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр иазнархиеит адраматург, апоетесса Зарина Ҟаныҟәа лысценари ала аспектакль "Сариа". Ахәаԥшцәа адырбаразы аспектакль азԥхьагәаҭан иҳаҩсыз ашықәсазы, аха аепедиамилогиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны иахыган.
Аспектакль "Сариа" Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызкуп.
Пресс-показ спектакля Сариа в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны
Аҵыхәтәанынӡа Нестор дзымԥсахыз: аспектакль "Сариа" аԥсуа театр асценаҟны иқәдыргылеит
Жәабран 26 азы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит адраматург Маиа Тульчинскаиа лпиеса иалхыз аспектакль "Не обо мне", Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Вера Бабичева далархәны.
Лара иналыгӡеит зыхшара заха рымам, зхы иахаанхаз аԥҳәыс лроль.

Афестивальқәеи ашахмати

Жәабран 25 азы XV-тәи жәларбжьаратәи аӡынтәи Иури Башмет ифестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит урыстәылатәи ахортә капеллақәа хԥеи аԥсуа хортә капеллеи злахәу "Бориси Глеби рзы аҳәамҭа" аопера аԥхьарбаратә қәгылара.
Чаиковски ихортә опера " Бориси Глеби рзы аҳәамҭа" Аԥснытәи акапелла алархәны имҩаԥган 2020 шықәсазы, ахьӡ дугьы аман.
Шәачеи Аҟәеи ркомандақәа рыбжьара ашахмат азы аҭакҟаҵаратә аҩызаратә еицлабрақәа мҩаԥысуан жәабран 26-27 рзы.
Первый международный шахматный рапид-турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2022
Аԥсны
Аҟәеи Шәачеи рыбжьара имҩаԥысуаз ашахмат азы аиҩызаратә еицлабра хыркәшахеит
Аҟәеи Шәачеи рыбжьара имҩаԥгаз ашахмат азы аиҩызаратә еицлабра хыркәшахеит аҳҭнықалақь аспортсмен ииааирала.
Аиааира згаз иранашьан ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, иара убас атурнир аиҿкааҩцәа Аԥсны ашахмат азы Афедерациа аҟнытә иранашьан аԥаратә ҳамҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0