Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акороновирус зыхьуаз даҽа аӡәы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 686 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 47 668 - ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 662-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 205-ҩык, урҭ рахьтә 76-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы акороновирус зыхьуаз 73 шықәса зхыҵуаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 23-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 9-ҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит хәҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 9-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0