Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Алхратә комиссиақәа рхадацәа еиҭарҳәеит Гагра араион аҿы алхрақәа шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы в Народное Собрание Абхазии
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҿы Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа хәба рҿы.
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион алхырҭатә ҭыԥ хадақәа ҩба рҿы асааҭ 14:00 азы ауаа рнеирала алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьан ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рхадацәа.
Цандрыԥшьтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы акомиссиа ахада Нали Цыгәба иҳәеит асааҭ 14:00 рзы алхырҭатә ҭыԥ 13 аҟны 900-ҩык 5358 рҟынтәи рыбжьы шырҭихьаз 17%.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Анаԥшцәа Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа еилыкка, адемократиатә ҟазшьа рымоуп ҳәа ахырҳәааит
"Ауаа рнеира лаҟәуп, аха алхырҭатә ҭыԥқәа адыркаанӡа аамҭа ыҟоуп. Сгәы иаанагоит алхрақәа шьақәгылап ҳәа. Қыҭақәак рҟны 20 сантиметра рҟынӡа асы леит. Иҟалап уигьы анырра ҟанаҵазар", - ҳәа иҳәоит Цыгәба.
Иара иҳәеит џьаргьы еилагарак шазгәаҭамыз.
Гагратәи ақалақьтә округ №13 аҿы асааҭ 14:00 азы 25% алхыҩцәа неит (1740-ҩык 6854-ҩык рҟынтәи) иҳәеит аокруг ахада Давид Гьезердаа.

"Амш шыбааԥсугьы, ауаа неиуеит. Еилагаракгьы арбам. Алашара ыҟоуп, аԥхарра ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Гьезердаа.

Алхырҭатә ҭыԥ хада №12 аҿы 30% алхыҩцәа неихьеит ҳәа иҳәеит ахантәаҩы Дмитри Робашьук.
Ара асааҭ 14:00 азы ԥшьнызқьи бжаҩык рҟынтәи 1390-ҩык рыбжьы рҭиит. Иааидкыланы иҭынчраны имҩаԥысуеит. Аамаҭқәак рзы алашара дырцәеит.
Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №11 аҟны асааҭ 14:00 ҟалахьан 21% алхыҩцәа абжьыҭара ианнеиз – 1129-ҩык 5242-ҩык рҟынтәи иҳәеит аокруг ахантәаҩы Баҭал Хагәышь.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны
93 материал
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Иара игәаанагарала, 25% асааҭ 17:00 шыҟоу иҟалароуп.
"Алхырҭатә ҭыԥқәа хәба ҳамоуп. Зехьынџьара сыҟан. Еилагарак иазымашшит. Ауаа ркандидатцәа рзы рыбжьы рҭиирц инеиуеит", - иҳәеит Хагәышь.
Аҿкчымазара аҽыхьчарақәа ирыцәхьаҵуа иалагеит, асабрадақәа рныҟәгара рҭахым ҳәа иҳәеит иара.
Аокруг №10 – Пицунда иҟоу ахада Ирма Чамагәуаԥҳа илҳәеит 4331-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи асааҭ 14:00 рзы рыбжьы шырҭихьаз 669-ҩык. Алхырҭатә ҭыԥқәак рҿы аԥсуа ашәақәа ҩныҩуеит.
Российские наблюдатели  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Урыстәылатәи анаԥшыҩцәа Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ахәшьара рырҭеит
"Ауаа ргәалаҟазаара бзиоуп. Амра ԥхоит. Амузыка, ашәақәа – угәы шьҭырхуеит. Алхыҩцәа амедусзуҩцәа рабжьгарақәа ирықәныҟәоит. Иҟоуп зхатәы ҩыгақәа аазгазгьы", - ҳәа лҳәоит лара.
Аҭыԥтә алхратә комиссиақәа рхадацәа ишырҳәо ала, АКХ иазхоз амедицинатә сабардақәа, арзҩыдагақәа, анҭыҵтә бжьыҭираан иаҭаху амедицинатә халаҭқәа рыла еиқәнаршәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0