Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны алашара арцәара аамҭеихшара ҿыц алагалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнгур ГЭС
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәеи Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи ԥхынҷкәынмза аахыс Урыстәылатәи алашара роуеит, аха ахархәаразы излацәажәаз ахышәаҵышәа иахыҳәҳәахьеит, уи абжаранӡа ныхуп.
АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәреи Урыстәылантәи иаауа афымцамчхара амаҷреи ирыхҟьаны афымца анашьҭразы аԥкра ҿыцқәа алагалахоит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
© Foto / facebook / РУП "Черноморэнерго"Ограничения по перетоку ВЛ-220 кВ "Псоу"
Ограничения по перетоку ВЛ-220 кВ Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Ограничения по перетоку ВЛ-220 кВ "Псоу"
Аԥкрақәа ирыҵаркуам аӡылбааҽҽатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара зауа Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа.
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы иазгәарҭеит аԥкрақәа аанхоит ГЕС аусуразы аӡы аҩаӡара иахәҭоу арбагаҿынӡа ихалаанӡа ҳәа.
2022 шықәсазы Урыстәылантәи иҳарҭо афымцамч ахышәаҵышәа 300 миллион кВт-с ахархәара аҭоуп, ашықәс зегьы иазоужьуп 660 миллион кВт-с. Абри аҩыза арбагақәа ааигеит АУН адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гурам Џьаџьаиа жәабран 10 азы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ.
Пресс-конференция Черноморэнерго в пресс-центре Sputnik Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Аԥсны
Аԥсҭазаара лашароуп: "Амшынеиқәафымцамч" аенергетика иамоу апроблемақәа ирылацәажәеит
Абри инадҳәаланы иалагалатәхоит аԥкрақәа ҳәа иҳәеит аилахәыра ахаҭарнак.
Аамҭа-аамҭала алашара арцәара алагалоуп жәабран 7 аахыс Аԥсны иахьаҵанакуа. Аԥсны афымцамчтә усхк ауадаҩра хадақәа иреиуоуп иақәу аидара ахьдууи аинфраструктура ахьажәуи. Афымцамч ахьазымхо, афымцаҳақәа ахьажәу азы атәылаҿы акриптоԥара арҳаразы амаругақәа русура азин ыҟам.
Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны, уи абзоурала ҳтәыла хы-хәҭак рҟынтәи ҩба лашарала еиқәыршәоуп, егьи ахәҭа - аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" аҟынтәи иаиуеит.
Џьуартәи аӡеизакырҭа алшарақәа нҵәеит, ЕгрыГЕС ԥсабаратәла иазнеиуа аӡала аус ауеит, уи атәыла мрагыларатәи ахәҭа лашарала аиқәыршәара иазхом, убри азы уаҟагьы аамҭа-аамҭала алашара дырцәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0