Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашьапылампыл ахраҿа хадазы: "Нарҭи" "Гагреи" рыхәмарра

Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа хада иаиааит акоманда "Гагра" ианацыхәмаруаз 2:1 ҳәа.
Раԥхьатәи ампыл амба иҭаршәын ирласны - ажәбатәи аминуҭ аан "Нарҭ" ахәмарҩы Ҭемыр Агрба харантәи дыкшан, хьаҳәаԥаҳәада илҭаиршәит, 1:0 ааҟалеит. Актәи азбжазы аҳҭнықалақь акоманда ампыл иаҳа анапаҿы иааганы иаман. Гаграа раԥхьаӡа акәны 23-тәи аминуҭ азоуп аҟәаа рымба аганахь ампыл анашьҭра анрылша.
Минуҭқәак рышьҭахь аҟәатәи ашьапылампыласцәа аҩбатәи ампыл амба иҭадыршәырц акы аарыгымхеит, аха иара ашьаҟа иаахеит. Актәи азбжа аанҵәон еиԥш, "Нарҭ" ахәмарҩы Асхат Аршба ампыл амба иҭаиршәит, аха гаграа напыла ахәмарра ыҟан ҳәа аӡбаҩ адырра ирҭо иалагеит. Иҟалаз шыҟалаз аилкааразы, аӡбаҩ хада Дмитри Жуков авидео ианнаҵаз дахәаԥшны иангәеиҭа, ампыл шҭашәаз шьақәирӷәӷәеит - 2:0.
Аҩбатәи азбжазы "Гагра" рыҽдырӷәӷәеит, иаразнакгьы Инал Акәыџба ампыл ҭаиршәит - 2:1. Уажәшьҭа аҟәатәи акоманда уаанӡа иаанарԥшуаз аԥыжәара шамамызгьы, гаграа уаҳа ирызҭамыршәит, аҟәаагьы ҩ-мпылк рҿы иаангылеит.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа хада иаиааит.

Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа хада иаиааит. - Sputnik Аҧсны
1/14

Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа хада иаиааит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аҳҭнықалақь акоманда 2:1 ҳәа акоманда "Гагра" иаиааит.

Аҳҭнықалақь акоманда 2:1 ҳәа акоманда "Гагра" иаиааит. - Sputnik Аҧсны
2/14

Аҳҭнықалақь акоманда 2:1 ҳәа акоманда "Гагра" иаиааит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Ахәмарра даара аинтерес аҵан.

Ахәмарра даара аинтерес аҵан. - Sputnik Аҧсны
3/14

Ахәмарра даара аинтерес аҵан.

© Sputnik / Леон Адлейба

Ахәмарыҩцәа аиндаҭлара бзиа аадырԥшит.

Ахәмарыҩцәа аиндаҭлара бзиа аадырԥшит. - Sputnik Аҧсны
4/14

Ахәмарыҩцәа аиндаҭлара бзиа аадырԥшит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Ишыхьҭазгьы, ахәаԥшцәа маҷымкәа еизеит.

Ишыхьҭазгьы, ахәаԥшцәа маҷымкәа еизеит. - Sputnik Аҧсны
5/14

Ишыхьҭазгьы, ахәаԥшцәа маҷымкәа еизеит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аӡбаҩ хадас дыҟан Дмитри Жуков.

Аӡбаҩ хадас дыҟан Дмитри Жуков. - Sputnik Аҧсны
6/14

Аӡбаҩ хадас дыҟан Дмитри Жуков.

© Sputnik / Леон Адлейба

Ахәмарраан ашьапылампыласцәа аԥыжәара агаразы ирылшоз ҟарҵон.

Ахәмарраан ашьапылампыласцәа аԥыжәара агаразы ирылшоз ҟарҵон. - Sputnik Аҧсны
7/14

Ахәмарраан ашьапылампыласцәа аԥыжәара агаразы ирылшоз ҟарҵон.

© Sputnik / Леон Адлейба

Раԥхьатәи ампыл ҭадыршәит "Нарҭ" ахәмарыҩцәа.

Раԥхьатәи ампыл ҭадыршәит "Нарҭ" ахәмарыҩцәа. - Sputnik Аҧсны
8/14

Раԥхьатәи ампыл ҭадыршәит "Нарҭ" ахәмарыҩцәа.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аха "Гагра" ус баша иаҵахаргьы руамызт.

Аха "Гагра" ус баша иаҵахаргьы руамызт. - Sputnik Аҧсны
9/14

Аха "Гагра" ус баша иаҵахаргьы руамызт.

© Sputnik / Леон Адлейба

Иҟан аԥҟарақәа реилагарагьы.

Иҟан аԥҟарақәа реилагарагьы. - Sputnik Аҧсны
10/14

Иҟан аԥҟарақәа реилагарагьы.

© Sputnik / Леон Адлейба

"Гагра" ашьапылампыласҩы ампыл иманы амбахь дыццакуеит.

"Гагра" ашьапылампыласҩы ампыл иманы амбахь дыццакуеит. - Sputnik Аҧсны
11/14

"Гагра" ашьапылампыласҩы ампыл иманы амбахь дыццакуеит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Актәи азбжа хыркәшан 2:0 ҳәа "Нарҭ" аиааирала.

Актәи азбжа хыркәшан 2:0 ҳәа "Нарҭ" аиааирала. - Sputnik Аҧсны
12/14

Актәи азбжа хыркәшан 2:0 ҳәа "Нарҭ" аиааирала.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аҩбатәи азбжаан гаграагьы ампыл ҭадыршәит, ахәмарра зыркәшан 2:1 ҳәа.

Аҩбатәи азбжаан гаграагьы ампыл ҭадыршәит, ахәмарра зыркәшан 2:1 ҳәа. - Sputnik Аҧсны
13/14

Аҩбатәи азбжаан гаграагьы ампыл ҭадыршәит, ахәмарра зыркәшан 2:1 ҳәа.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсны Ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааиз "Нарҭ" ргәырӷьара ҳәаа амам.

Аԥсны Ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааиз "Нарҭ" ргәырӷьара ҳәаа амам. - Sputnik Аҧсны
14/14

Аԥсны Ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааиз "Нарҭ" ргәырӷьара ҳәаа амам.

Ажәабжьқәа зегьы
0