Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәарҷиа: аԥсуа милаҭ ушаҵанакуа аиҭашьақәыргылараз ариашара амчра шамац иҟоуп

© Sputnik / Бадрак Авидзба Пресс-конференция валерия кварчия
Пресс-конференция валерия кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 21 азы Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит Аграждантә кодекси "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәани рахь аиҭакрақәа.
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аграждантә кодекси "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәани рахь аиҭакрақәа аԥызхыз изаамҭанытәимыз Апарламент аилатәара арегламент еилаганы имҩаԥысит ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа апресс-конференциаҿы.

"Хәажәкыра 22 ауха асааҭ жәба рзы азакәанқәеи Апарламент арегламенти еилаганы имҩаԥган изаамҭанытәим аилатәара. Абри азы сара схаҭагьы адырра сымамызт. Аилатәараҿы иӡбан уаанӡа, хәажәкыра 21 азы адепутатцәа ирыдыркылаз "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан аиҭакрақәа реиҭархынҳәра аҽазышәара.

Изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥган Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Михаил Сангәулиа инапхгарала. Ари Жәлар Реизара арегламент ахәҭаҷ еиланагоит ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.
"Еилагоуп 16 ахәҭаҷ 1 ахәҭа – Апарламент аиҳабы аилатәара мҩаԥигоит ҳәа зҳәо. 2-тәи ахәҭа Апарламент аиҳабы Апарламент аҩнуҵҟатә усурала алеигалоит. Уи азгәаҭаны иҟамызт. 17-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны аиҳабы ихаҭыԥуаа аиҳабы инапынҵала аизара аилатәара мҩаԥыргоит. Сара аӡәгьы напынҵа исымҭацт, иагьсыздырамызт аилатәара мҩаԥысраны ишыҟаз", - ҳәа иҳәеит Валери Кәарҷиа.
Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысыр алшоит ахада иажәалагалала ма адепутатцәа акы-ахԥатәи рыхәҭа рҭахрала, ҩыратә формала адырра нашьҭны, рнапынҵамҭақәа арбаны мамзаргьы Апарламент аиҳабы иажәадгалала.
"Усеиԥш акгьы аҭыԥ амамызт", - иҳәеит Апарламент аиҳабы.
Валерий Кварчия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Аԥсны Жәлар Реизара 6-тәи ааԥхьара алҵшәақәа еихишьалеит уи аиҳабы Валери Кәарҷиа
Хәажәкыра 21 азы Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит Аграждантә кодекси "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәани рахь аиҭакрақәа.
Аграждантә закәанеидкыла 47-тәи ахәҭаҷ 1 ахәҭа иалагалоу аԥсахрақәа инарықәыршәаны ааиҭакрақәа иалдыршоит атәылауаа, змилаҭра еиҭашьақәзыргыларц зҭаху, рзинқәа рԥымкра.
Абри азинтә ҭышәныртәалара агхақәа риашахоит атәылауаа рмилаҭра аиҭакра адагьы аиҭашьақәыргылара азин рыҭарала, ари азин зауа асубиектқәа рхыԥхьаӡара иацҵо.
Кәарҷиа иазгәеиҭеит Аграждантә закәанеидкыла ахь аԥсахрақәа ралагалара хымԥадатәра Кавказтәи аибашьра ашьҭахь хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы рыҟазаара ишадҳәалоу.
Заседание Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Аԥсны
Аԥсны Апарламент Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит
Уи адагьы асовет аамҭазы Аԥсны Қырҭтәыла ианалаз, 1937 - 1941 шықәсқәа рзы қырҭтәылатәи анапхгара аԥсуа жәлақәа ақырҭуа ҟазшьа рырҭеит, рмилаҭра рыԥсахит уи азы ауаа ирмазҵаакәа.
Аха ари аӡбра иадымгылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" алахәылацәа. Урҭ Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы хәажәкыра 22 азы амитинг рыларҳәеит. Аамҭақәак рышьҭахь амитинг мап ацәкын, Апарламент изаамҭанытәим аилатәараан ирыдыркылаз ариашарақәа мап ахьырцәыркыз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0