Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Бзыԥҭа ахәыҷқәа иӷьычыр иҭахын ҳәа ззырҳәаз ахаҵа деилыркааит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ҳақәа рҟны ариабжьарак ирыладырҵәон Бзыԥҭа аҳаблаҟны ашколхәыҷқәа мчыла изгарц зҭаху хаҵак дгәароуп ҳәа анонимтә ажәабжь.
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа иҭырҵааит ахәыҷқәа рзы ашәарҭара аазырԥшуаз идырым ахаҵа изы игәарарҵаз анонимтә ажәабжь, иагьеилыркааит уи дазусҭаз, абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
Уи 1991 шықәса рзы ииз Гәылрыԥшь араион аҿы инхо, Агәабзиарахьчара аминистрра иҷыдоу апсихиатриатә клиникаҿы амбулатортә ҳасаббараҿы иқәгылоу ахаҵа иоуп.
Ишьақәыргылан мшаԥы 18 рзы иара ииашаҵәҟьаны Бзыԥҭа аҳаблаҿы дшыҟаз, иара уа дынхаӡом, уаанӡагь уа аӡәгьы димбацызт, иара ихымҩаԥгашьагьы акалашәа иҟан ҳәа.
Амилициа аусзуҩцәа иара иацәажәеит, Бзыԥҭа аҳабла Лакоба имҩаҿы инхо ауааԥсырагьы ирыҿцәажәеит.
Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аилыркааратә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Александр Кокосқьериа иажәақәа рыла, ишьақәыргылан "ахаҵа азакәан еилазгоз акгьы шыҟаимҵаз, ахәыҷқәа рганахьалагьы цәгьарак шыҟаимҵаз, ауаа рҿы ахымҩаԥгашьа дақәшәоит, цәгьара илаӡам" ҳәа.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР апровокациа шьаҭа змоу адыррақәа аладмырҵәаразы ааԥхьара ҟанаҵоит
Мшаԥы 19 рзы асоциалтә ҳақәа аԥснытәи рсегмент ала иаларҵәан Гагра араион иахьаҵанакуа зыпсихика шьақәҟьоу хаҵак ашколхәыҷқәа мчыла игарц иҭахын ҳәа анонимтә аинформациа. Аха ари афакт ыҟамызт ҳәа рҳәеит Гагра араион ААР аҟәша. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апровокациа шьаҭа змоу адыррақәа аладмырҵәаразы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0