https://sputnik-abkhazia.info/20220424/idouatu-aayn---amsh-aa-igylara-ianazyshu-1038800210.html
Идоуҳатәу ааԥын - Амш аԥа игылара ианазыԥшу
Идоуҳатәу ааԥын - Амш аԥа игылара ианазыԥшу
Sputnik Аҧсны
Амшаԥныҳәа иацу акәамаҵамарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа. 24.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-24T16:40+0300
2022-04-24T16:40+0300
2022-04-26T16:04+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1e/1032330375_0:135:2601:1598_1920x0_80_0_0_f212a849ce8f8f485179c1e110f7e9b0.jpg
Анцәа иишаз ааԥын идоуҳатәу ааҧынроуп. Хәажәкыра ныҳәала иалаго ааҧын, Ачгара ду аҵалареи уи иацу аишәаргыларақәеи аныҳәарақәеи ркульминациа Амшаԥныҳәала иаарҧшуп. Ари аныҳәа "амш аԥа игылара" иамшны иазыԥшуп. Еишьҭаргыланы ҳазааҭгылап ари амш ааира ишаԥыло.Ачгара дуАчгара ду ҩынҩажәа мшы имҩаԥысуеит. Ари аамҭа ауп изҵазкуагьы аԥсуаа рҟны арахә-ашәахә рынцәахәы Аиҭар-Бжьеиҭар изкны имҩаԥырго аныҳәарақәа. Амшаԥы акәзар, иара амшқәа амоуп. Аетнограф Валери Бигәаа ишазгәаиҭо ала, урҭ 21 мшы ыҟоуп, "амшаԥамшқәа" ҳәагьы ирышьҭоуп. Арҭ амшқәа ирылагӡаны аишәаргыларақәа мҩаԥыргоит: кәацла-бысҭала, шәыла-бысҭала, чхадыл (чачхадыл) – арҭ ахеишәаргыларак амшаҧныҳәа ааира иазыҧхьагәаҭоу қьабзқәаны имҩаԥыргоит. Иазгәаҭатәуп, иара амшаԥԥныҳәа амш аназгәарҭо азы аҳаҧшьа аныхдыртуа аамҭазы, 21 -цыра акәакәарқәа жәны иадызгало шыҟоугьы (ари ахьыуԥыло абжьыуаа рҟноуп).Итрадициатәу аныҳәарақәаАрҭ амшқәа рзы иазгәарҭоит итрадициатәу аныҳәарақәагьы. Иаҳҳәап, шәыла-бысҭала ҳәа аишәа дыргылаанӡа "ацқьашә" иазкны ақьабз мҩаҧыргоит, ааҧынразы раҧхьа еизыргаз ахш ала ихырхыз ашә иақәныҳәоит, рырахә-рышәахә ирықәныҳәоит, нас ауп уи ашә агьама анырбо.Чхадыл азы аишәаргылара аныҟарҵо акәзар, ажәлакаҧсара аритуал мҩаҧыргоит. Иара убас ари амш азы ахәшәқәа рыҟаҵашьа здыруа (жәлар рмедицина), "ахәшә аҵхра" ицоит. Уи анеҩсангьы амшаԥышәҭ ҩежьқәа рыҟәшәоит (Аииа-Баииа), аҩны иҩнаԥсаны, акәтаӷь ыларкәымпылны: "абри акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш, ҳҭәы-ҳаԥха ҳҟалааит" ҳәа иныҳәоит.Амшаԥы асимволқәаАмшаԥы асимвол хадақәа иреиуоуп абарҭ ахԥа: акәтаӷь ҟаԥшь, аӡыс (ашьтәа), аҩы (аҳаԥшьа аартра).Акәтаӷьқәа џьоукы ахәашауха иршәуеит, даҽа џьоукы асабша. Ажәытәан еиԥш иахьагьы аџьымшь ацәала изшәуа дубап (екологиала иаҳа иагьыцқьоуп). Акәтаӷь аира, аҿиара, аԥсҭазаара иасимволны иԥхьаӡоуп.Аӡыс акәзаргьы, заа иҭакны, аҩызцәа ирылганы "идрыцқьоит", хазы акраҿарҵоит. Ашьакаҭәара шамаха аԥсуаа рныҳәарақәа зегьы иузаҟәымҭхуа ритуалуп.Аҩы еиқәаҵәа – ажьҭаара ианалагоз раҧхьа аҳаԥшьа иҭарҭәаз ауп уажә ихыртны изыхныҳәо.Ақьырсиандинхаҵаҩцәа разгәаҭарала амшаԥ асимволқәа, "аԥсҭазаара ахьӡала ҿа азҭаз ижьи, ицәеи, ишьеи ирылҵыз Амш аԥа" исимволуп. Урҭ рыла Иаса Қьырса игылара иаԥылоит.Амшаԥныҳәа ахаҭаАмшаԥы ҭаацәаратә ныҳәароуп. Ашьыжь амшаԥшара ианаԥыло ҭаацәала еиқәныҳәо, "ҽаанԥшӡала шәнеиааит" ҳәа акәтаӷьқәа еинырҟьоит. Ақыҭақәа рҿы ашьтәа иахныҳәан иршьуеит, аҳаԥԥшьаҿы ацәашьы наркны рышьтәа агәи агәаҵәеи аҩи рыла иныҳәоит. Нас аишәа инадтәалоит. Аҽнынтәарак еиҭанеиааиуеит. Ақалақь аҿы инхо ракәзар, ауахәамақәа ирҭаауеит, ацәашьқәа адыркуеит.Ҳаамҭазы адини аҵаси реилалара убоит. Изцәеилаго рацәаҩхеит амшаԥ аҽны аишәа аргылара аҭахыу, иаҭахыму ҳәа. Досу иара иҳәатәала, иидыруала имҩаԥигоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20200416/Akhylchaa-amgal-aab-Itsou-ashasha---Chachkhadyl-asuaa-rytraditsiany-1027187924.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220424/antsa-ilash-khaa-agymzaait-mshanya-iatsu-abeiarei-aia-zymchu-imanyarei-1038781359.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1e/1032330375_144:0:2455:1733_1920x0_80_0_0_5d14f82d40d1c0963f7fdb98642abcf0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
Идоуҳатәу ааԥын - Амш аԥа игылара ианазыԥшу
16:40 24.04.2022 (ирҿыцуп: 16:04 26.04.2022) Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Амшаԥныҳәа иацу акәамаҵамарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Анцәа иишаз ааԥын идоуҳатәу ааҧынроуп. Хәажәкыра ныҳәала иалаго ааҧын, Ачгара ду аҵалареи уи иацу аишәаргыларақәеи аныҳәарақәеи ркульминациа Амшаԥныҳәала иаарҧшуп. Ари аныҳәа "амш аԥа игылара" иамшны иазыԥшуп. Еишьҭаргыланы ҳазааҭгылап ари амш ааира ишаԥыло.
Ачгара ду ҩынҩажәа мшы имҩаԥысуеит. Ари аамҭа ауп изҵазкуагьы аԥсуаа рҟны арахә-ашәахә рынцәахәы Аиҭар-Бжьеиҭар изкны имҩаԥырго аныҳәарақәа. Амшаԥы акәзар, иара амшқәа амоуп. Аетнограф Валери Бигәаа ишазгәаиҭо ала, урҭ 21 мшы ыҟоуп, "амшаԥамшқәа" ҳәагьы ирышьҭоуп. Арҭ амшқәа ирылагӡаны аишәаргыларақәа мҩаԥыргоит: кәацла-бысҭала, шәыла-бысҭала, чхадыл (чачхадыл) – арҭ ахеишәаргыларак амшаҧныҳәа ааира иазыҧхьагәаҭоу қьабзқәаны имҩаԥыргоит. Иазгәаҭатәуп, иара амшаԥԥныҳәа амш аназгәарҭо азы аҳаҧшьа аныхдыртуа аамҭазы, 21 -цыра акәакәарқәа жәны иадызгало шыҟоугьы (ари ахьыуԥыло абжьыуаа рҟноуп).
Арҭ амшқәа рзы иазгәарҭоит итрадициатәу аныҳәарақәагьы. Иаҳҳәап, шәыла-бысҭала ҳәа аишәа дыргылаанӡа "ацқьашә" иазкны ақьабз мҩаҧыргоит, ааҧынразы раҧхьа еизыргаз ахш ала ихырхыз ашә иақәныҳәоит, рырахә-рышәахә ирықәныҳәоит, нас ауп уи ашә агьама анырбо.
Чхадыл азы аишәаргылара аныҟарҵо акәзар, ажәлакаҧсара аритуал мҩаҧыргоит. Иара убас ари амш азы ахәшәқәа рыҟаҵашьа здыруа (жәлар рмедицина), "ахәшә аҵхра" ицоит. Уи анеҩсангьы амшаԥышәҭ ҩежьқәа рыҟәшәоит (Аииа-Баииа), аҩны иҩнаԥсаны, акәтаӷь ыларкәымпылны: "абри акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш, ҳҭәы-ҳаԥха ҳҟалааит" ҳәа иныҳәоит.
Амшаԥы асимвол хадақәа иреиуоуп абарҭ ахԥа: акәтаӷь ҟаԥшь, аӡыс (ашьтәа), аҩы (аҳаԥшьа аартра).
Акәтаӷьқәа џьоукы ахәашауха иршәуеит, даҽа џьоукы асабша. Ажәытәан еиԥш иахьагьы аџьымшь ацәала изшәуа дубап (екологиала иаҳа иагьыцқьоуп). Акәтаӷь аира, аҿиара, аԥсҭазаара иасимволны иԥхьаӡоуп.
Аӡыс акәзаргьы, заа иҭакны, аҩызцәа ирылганы "идрыцқьоит", хазы акраҿарҵоит. Ашьакаҭәара шамаха аԥсуаа рныҳәарақәа зегьы иузаҟәымҭхуа ритуалуп.
Аҩы еиқәаҵәа – ажьҭаара ианалагоз раҧхьа аҳаԥшьа иҭарҭәаз ауп уажә ихыртны изыхныҳәо.
Ақьырсиандинхаҵаҩцәа разгәаҭарала амшаԥ асимволқәа, "аԥсҭазаара ахьӡала ҿа азҭаз ижьи, ицәеи, ишьеи ирылҵыз Амш аԥа" исимволуп. Урҭ рыла Иаса Қьырса игылара иаԥылоит.
Амшаԥы ҭаацәаратә ныҳәароуп. Ашьыжь амшаԥшара ианаԥыло ҭаацәала еиқәныҳәо, "ҽаанԥшӡала шәнеиааит" ҳәа акәтаӷьқәа еинырҟьоит. Ақыҭақәа рҿы ашьтәа иахныҳәан иршьуеит, аҳаԥԥшьаҿы ацәашьы наркны рышьтәа агәи агәаҵәеи аҩи рыла иныҳәоит. Нас аишәа инадтәалоит. Аҽнынтәарак еиҭанеиааиуеит. Ақалақь аҿы инхо ракәзар, ауахәамақәа ирҭаауеит, ацәашьқәа адыркуеит.
Ҳаамҭазы адини аҵаси реилалара убоит. Изцәеилаго рацәаҩхеит амшаԥ аҽны аишәа аргылара аҭахыу, иаҭахыму ҳәа. Досу иара иҳәатәала, иидыруала имҩаԥигоит.