https://sputnik-abkhazia.info/20220426/moskva-iazgareit-asni-urystylei-reiyzarat-eizyazaashaa-khra-rymany-ishyou-1038812518.html
Москва иазгәарҭеит Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа хра рыманы ишыҟоу
Москва иазгәарҭеит Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа хра рыманы ишыҟоу
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аԥсны амчреи ажәлари хьаҳәхьачарада Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иадгылеит. Иара убасгьы Аҟәа иазханаҵеит ДЖәР-и ЛЖәР-и... 26.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-26T09:41+0300
2022-04-26T09:41+0300
2022-04-26T09:41+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
джәр
лжәр
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/09/1031805918_2:0:1780:1000_1920x0_80_0_0_a219b997f1ef45f548b9e9d9f3008b2b.jpg
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аԥсны амчреи ажәлари хьаҳәхьачарада Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иадгылеит. Иара убасгьы Аҟәа иазханаҵеит ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымра. Урыстәыла акәзаргьы, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иацхраауеит ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо Урыстәыла ААР ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар.Аҟәеи Цхинвали имҩаԥган хыԥхьаӡара рацәала ауаа злахәыз амитингқәа, ареспубликақәа рыҩбагьы рылшарақәа шдуумгьы, ацхыраара ҟарҵоит, ахҵәацәа рыдыркылоит ҳәа азгәеиҭеит Гончар."Зыӡбахә ҳәоу афактқәа шаҳаҭра руеит Урыстәылеи арҭ Аахыҵ Кавказ аҳәынҭқаррақәеи реиҩызара хра шамоу", - иҳәеит адипломат.Аԥсни Урыстәылеи реиҩызара аанарԥшуеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны Москва Аҟәа ианаҭо ацхыраара, апандемиа аҿагыларагьы налаҵан иҳәоит иара.Иара иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уԥстәылеи рсоциал-економикатә ҿиареи реиҭашьақәыргылареи ишырзырхоу ҩ-ганктәи аиҳабырабжьаратә комиссиақәа ишьақәдырӷәӷәо аинвестициатә программақәа."Уажәазы 2020-2022 шықәсқәа рызтәи аинвестициатә программақәа аус рыдааулоит, ирзоужьуп 4,5 миллиард мааҭ. Аԥсны ауааԥсыра (60%) Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра (90%) урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп", - иҳәеит аусбарҭа ахаҭарнак.
https://sputnik-abkhazia.info/20220425/urystyla-adnyapolitikat-usbara-aakhy-kavkaz-iazku-zhenevati-aitsazharaa-aankyloup-1038808927.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220418/asny-aiabyrany-ainvestprogramma-aproekt-yts-ialatsazheit-1038710574.html
украина
джәр
лжәр
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/09/1031805918_224:0:1557:1000_1920x0_80_0_0_d6eb93a5b920bed00643ccdf731227c1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина, джәр, лжәр
ажәабжьқәа, украина, джәр, лжәр
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аԥсны амчреи ажәлари хьаҳәхьачарада Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иадгылеит. Иара убасгьы Аҟәа иазханаҵеит ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымра. Урыстәыла акәзаргьы, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иацхраауеит ҳәа иҳәеит
РИА Новости аинтервиу аҭо Урыстәыла ААР ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар.
"2014 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла арҭ ареспублиакақәа азханаҵахьан. Аԥсны аинырратә еимадарақәа мҩаԥнагон. Уажәы, жәабран 25 рзы иазханаҵеит ДЖәР-и ЛжәР-и рхьыԥшымра. Аԥсны ахада Бжьаниа иҳәамҭаҿ иазгәеиҭеит "урыстәылатәи аганахьала арҭ ареспубликақәа разхаҵареи аоперациа ҷыда амҩаԥгареи акыр изызхәыцу шьаҿоуп" ҳәа", - иҳәеит иара.
Аҟәеи Цхинвали имҩаԥган хыԥхьаӡара рацәала ауаа злахәыз амитингқәа, ареспубликақәа рыҩбагьы рылшарақәа шдуумгьы, ацхыраара ҟарҵоит, ахҵәацәа рыдыркылоит ҳәа азгәеиҭеит Гончар.
"Зыӡбахә ҳәоу афактқәа шаҳаҭра руеит Урыстәылеи арҭ Аахыҵ Кавказ аҳәынҭқаррақәеи реиҩызара хра шамоу", - иҳәеит адипломат.
Аԥсни Урыстәылеи реиҩызара аанарԥшуеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны Москва Аҟәа ианаҭо ацхыраара, апандемиа аҿагыларагьы налаҵан иҳәоит иара.
"Сынтәазы иазԥхьагәаҭоуп абиуџьеттә ԥаразоужьра 5,726 миллиард мааҭ рыла. Урҭ рҟынтәи 4,376 миллиард –асоциал-економикатә ҿиара аныхрақәа ирзырхахоит, 2014 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны", - иҳәеит адипломат.
Иара иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уԥстәылеи рсоциал-економикатә ҿиареи реиҭашьақәыргылареи ишырзырхоу ҩ-ганктәи аиҳабырабжьаратә комиссиақәа ишьақәдырӷәӷәо аинвестициатә программақәа.
"Уажәазы 2020-2022 шықәсқәа рызтәи аинвестициатә программақәа аус рыдааулоит, ирзоужьуп 4,5 миллиард мааҭ. Аԥсны ауааԥсыра (60%) Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра (90%) урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп", - иҳәеит аусбарҭа ахаҭарнак.