https://sputnik-abkhazia.info/20220505/asazaara-yts-ayseilyrgay-lika-ketiaa-lusura-iazkny-1038910134.html
Аԥсҭазаара ҿыц: аԥҳәысеилыргаҩы Лика Кьетиаԥҳа лусура иазкны
Аԥсҭазаара ҿыц: аԥҳәысеилыргаҩы Лика Кьетиаԥҳа лусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазараҟны ауаа зыда ихәарҭам азанааҭқәа иреиуоуп аԥҳәысеилыргара, ҽакала иаҳҳәозар ахәыҷышьҭхра. Лаҵарамза 5, ари аус знапы алаку рзанааҭ ныҳәамшуп. 05.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-05T14:12+0300
2022-05-05T14:12+0300
2022-05-05T14:12+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1e/1038910523_0:291:1200:966_1920x0_80_0_0_122364cf3ed4fc56c3c6c397e2b98fca.jpg
Адунеи аҟны иазгәарҭо ари азанааҭ знапы алаку рымш инамаданы, лыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп 27 шықәса амедицина ахырхарҭала аус зуа, урҭ рахьтә 20 шықәса аԥҳәысеилыргаҩыс иҟоу Лика Леонти-иԥҳа Кьетиа.Лика Кьетиаԥҳа Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ дҭанаҵы, араионтә хәшәтәырҭа хадаҟны иаартыз бжьымзтәи амедицинатә курсқәа дырхысны амедиаҳәшьа еиҵба изанааҭ лоухьан. Лара аԥхьаҟа лгәы иҭакын аԥҳәысеилыргара ахырхарҭала амедицинатә ҵараиурҭа аҭалара. Ақьаадқәа зегьы еиқәыршәаны аԥышәарақәа лҽазыҟалҵоны еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагоит. Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы ианақәиҭхалак ашьҭахь, араҟа иаартхо амедицинатә ҵараиурҭа ҿыц дҭалартә еиԥш алшара лоуоит, иагьалылхуеит дхәыҷаахыс бзиа илбоз азанааҭ."Ҩышықәсеи бжаки аҵара сҵонаҵы аамҭа-аамҭала Гагра араионтә хәшәтәырҭа хадаҟны сҩызцәеи сареи апрактикахь ҳаргалон. Анаҩс адиплом ансоу, аусура срыдыркылоит. Аԥхьа апалататә медиаҳәшьас сыҟан. Исгәалашәоит агинекологиа аҟәшаҟны ишьҭаз аҳәса сқәыԥшны санырба, аԥышәа соурц азы еиҳа сара ишсыдҵаалоз. Азнык азы сшәаԥырҳаԥуа сыҟан, аха аилкаара змаз счымазцәа рыбзоурала сашьцылеит", - ҳәа еиҭалҳәоит аԥҳәысеилыргаҩы.Лика Кьетиаԥҳа аҭаацәара даналала аусура диасуеит Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хада ахшараиура аҟәшахьы. Араҟа хәышықәса апалататә медиаҳәшьас дыҟан, анаҩс аҳәса рҳакьым Галина Арӡынԥҳа лыбзоурала аԥышәа анлоу ахәҷышьҭхрахь диаргоит."Раԥхьаӡакәны аԥҳәыс леилыргара дҵас иансоу, бжьышықәса ҵхьан ахшараиура аҟәшаҟны аус зуоижьҭеи, аха ари аҭакԥхықәра ду зцыз аԥсҭазаара ҿыц адкылара ансыдыргала, стресск аҳасабала исхызгеит. Анцәа иџьшьаны еибга-еизҩыда уи аҽны ҩыџьа амаалықьцәа иит, иҷкәынцәан, руаӡәы д-Ҭаркьылын, егьи д-Ҵәыџьбан. Ранацәеи дареи гәазырҳагаха ианызба саҟара сыцлеит, аха уи ашьҭахь сшьақәыӷәӷәарагьы халеит умҳәозар. Убасҟан ҩаԥхьа агәра згеит ари азанааҭ сара ишыстәыцәҟьоу", - лажәа иацылҵоит Лика Кьетиаԥҳа.Аԥҳәысеилыргаҩы Лика Кьетиаԥҳа Гәдоуҭа инаваргыланы еилагӡо апалататә медиаҳәшьас жәашықәса Аҟәатәи ахшараиурҭаҟны аус луит.Аԥҳәысеилыргаҩы ахшараиуразы инеиуа ан лзы дыԥсихологзаруп. Аҟәша данаднакыло нахыс дылырҩаанӡа лылаԥш лхызароуп. Длацәажәароуп ирхааны. Ахәыҷышьҭхҩы лабжьгарақәа зегьы анра зҽазыҟазҵо аԥҳәыс игәынкыланы данықәныҟәо, асаби иира маншәаланы имҩасуеит.Лика Кьетиаԥҳа лажәақәа рыла, аамҭа илнарбоит аибашьра ашьҭахь ахныҟәгара шымариамызгьы ауаа еиҳа ахшара рхы ишарҭоз. Иахьа, Аԥсны ахшараиура лаҟәит уҳәаргьы имцхом. Имаҷҩым Урыстәыла ашәҟәы рыҽҭаҩны анратә капитал роуоит ҳәа уахь ицо. Аҳәса рзы иԥырхаганы иҟоуп аҽырбгаразы азакәан ахьаԥыху. Зфинанстә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоу аҳәаанхыҵ ицаны рыҽдырбгоит, егьырҭ рцәа иалоу дымриазаргьы дырхылҵроуп. Наҟ-наҟтәи аԥсҭазаара иацәшәаны зцәа ахшара далазымҵо аҳәсагьы маҷҩым. Лика Кьетиаԥҳа агәрагара лымоуп абарҭ ауадаҩрақәа рыӡбараҿы ҿыц иалху Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ахаҵгылара арҭап ҳәа.Лика Кьетиаԥҳа ахшара лыдылкылоуижьҭеи еиуеиԥшым ахҭысқәа шаҳаҭс дрымоуп. Иҟалахьеит зықәра намӡац аҳәсахәыҷқәа анрыднагалахьоу. Руаӡәгьы лысаби мап ицәкны лҽылылҩааит. Дыҟан ахәыҷы дызмауаз аҭаацәа рзы ԥарала асаби дзыхшаз аԥҳәыс (суррогатная мать)."Доусы иусураҟны иибо иаҳауа ажәлар арыларҵәара азин имаӡам. Хымԥада саргьы сзыниахьоу рацәоуп, аха хьыӡҳәала ахаан аӡәы џьаргьы дысмыргамацт", - инаҵылшьит Лика Леонти-иԥҳа.Лика Кьетиаԥҳа лыбзоурала зықьҩык инареиҳаны амаалықьцәа аԥсҭазаара роухьеит. Лԥышәаҟны еицииқәазгьы ҟалахьан.Аԥҳәысеилыргаҩы лзы даара ихьанҭаз аамҭан аҵыхәтәантәи ҩышықәса. Лара ҷыдала акоронавирус зцәа иалаз зцәазтәымыз аҳәса еиллыргон."Иахьа акоронавирус аганахь ала ҳаԥсы еиваҳгартә ҳаҟоуп, аха иҟан аскафандрқәа ҳшәымхкәа ианҳархәлоз, мамзар ианҳаршоз. Аҳәса рыцҳа рҭагылазаашьеи ари ачымазареи зынӡа еимаҭәамызт, рхы иазхәыцру рысабицәа рԥеиԥш иазхәыцру рзымдыруа стрессны ирхыргон. Зҭагылазаашьа уашәшәырхоз рҭаацәа Урыстәылаҟа иргон. Иара уаҟагьы амедицинатә цхыраара змыхәакәа анацәеи ахшареи рахьтә адунеи зыԥсахызгьы ҟалеит", - лахьеиқәҵарала арҭ амшқәа лгәалашәоит Лика Кьетиаԥҳа.Ахәыҷышьҭхҩы илҳәеит зныҭрыс ҩыџьа-хҩы аҳәса ахшара анеицроуагьы ахҭысқәа шмаҷым. Усҟан иаразнак ф-напхазк лхаҵаны аӡәы дшылҿу, напхазк лхыхны егьи лахь диасуеит. Асабицәа рцәеиламхәарц азы иаразнак анацәа инарго акәыршақәа ирыларҳәоит."Сара сзы игәахәара дууп изныкымкәа анра зҽазыҟазҵо аԥҳәыс дансыдҵаало. Иҟоуп ҷыдала сара сҿы хҩы-ԥшьҩы ахшара зоухьоу", - инаҵылшьит Лика Леонти-иԥҳа.Лика Кьетиаԥҳа рааԥсара азгәаҭо рыӡбахә лҳәеит аус лыцызуа аԥҳәысеилыргаҩцәа Жанна Оҭырԥҳаи, Диана Осиаԥҳаи, Марина Хынҭәԥҳаи, аҳәса рҳақьым Евгениа Матвеевеи, аоперациатә медиаҳәшьа Аза Ҳалуашьԥҳаи, ахәыҷтәы медиаҳәшьа Мзиа Хынҭәԥҳаи. Иахьатәи рзанааҭ амш ныҳәа инамаданы ирзеиӷьалшьеит агәыцқьареи аманшәалареи. Саргьы, ахәыҷышьҭхыҩцәа иԥшьоу рус иалҵшәаны Аԥсны аизҳара ҟаларц агәаҳәара сымоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20210227/ahshara-dizmaua-ahusa-rzi-apsuaa-rkiabizkua-1021563446.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211117/ays-lysy-aiyrkhara-akhagylara-aman-mgara-iaz-iaasa-1036371507.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200831/ahusa-rhakym-ayaui-iira-ashana-iayizoup-1025975514.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1e/1038910523_0:350:1200:1250_1920x0_80_0_0_eaa1621dbf8a91188587c404fcfd9b43.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Аԥсҭазаара ҿыц: аԥҳәысеилыргаҩы Лика Кьетиаԥҳа лусура иазкны
Аԥсҭазараҟны ауаа зыда ихәарҭам азанааҭқәа иреиуоуп аԥҳәысеилыргара, ҽакала иаҳҳәозар ахәыҷышьҭхра. Лаҵарамза 5, ари аус знапы алаку рзанааҭ ныҳәамшуп.
Адунеи аҟны иазгәарҭо ари азанааҭ знапы алаку рымш инамаданы, лыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп 27 шықәса амедицина ахырхарҭала аус зуа, урҭ рахьтә 20 шықәса аԥҳәысеилыргаҩыс иҟоу Лика Леонти-иԥҳа Кьетиа.
Лика Кьетиаԥҳа Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ дҭанаҵы, араионтә хәшәтәырҭа хадаҟны иаартыз бжьымзтәи амедицинатә курсқәа дырхысны амедиаҳәшьа еиҵба изанааҭ лоухьан. Лара аԥхьаҟа лгәы иҭакын аԥҳәысеилыргара ахырхарҭала амедицинатә ҵараиурҭа аҭалара. Ақьаадқәа зегьы еиқәыршәаны аԥышәарақәа лҽазыҟалҵоны еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагоит. Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы ианақәиҭхалак ашьҭахь, араҟа иаартхо амедицинатә ҵараиурҭа ҿыц дҭалартә еиԥш алшара лоуоит, иагьалылхуеит дхәыҷаахыс бзиа илбоз азанааҭ.
"Ҩышықәсеи бжаки аҵара сҵонаҵы аамҭа-аамҭала Гагра араионтә хәшәтәырҭа хадаҟны сҩызцәеи сареи апрактикахь ҳаргалон. Анаҩс адиплом ансоу, аусура срыдыркылоит. Аԥхьа апалататә медиаҳәшьас сыҟан. Исгәалашәоит агинекологиа аҟәшаҟны ишьҭаз аҳәса сқәыԥшны санырба, аԥышәа соурц азы еиҳа сара ишсыдҵаалоз. Азнык азы сшәаԥырҳаԥуа сыҟан, аха аилкаара змаз счымазцәа рыбзоурала сашьцылеит", - ҳәа еиҭалҳәоит аԥҳәысеилыргаҩы.
Лика Кьетиаԥҳа аҭаацәара даналала аусура диасуеит Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хада ахшараиура аҟәшахьы. Араҟа хәышықәса апалататә медиаҳәшьас дыҟан, анаҩс аҳәса рҳакьым Галина Арӡынԥҳа лыбзоурала аԥышәа анлоу ахәҷышьҭхрахь диаргоит.
"Раԥхьаӡакәны аԥҳәыс леилыргара дҵас иансоу, бжьышықәса ҵхьан ахшараиура аҟәшаҟны аус зуоижьҭеи, аха ари аҭакԥхықәра ду зцыз аԥсҭазаара ҿыц адкылара ансыдыргала, стресск аҳасабала исхызгеит. Анцәа иџьшьаны еибга-еизҩыда уи аҽны ҩыџьа амаалықьцәа иит, иҷкәынцәан, руаӡәы д-Ҭаркьылын, егьи д-Ҵәыџьбан. Ранацәеи дареи гәазырҳагаха ианызба саҟара сыцлеит, аха уи ашьҭахь сшьақәыӷәӷәарагьы халеит умҳәозар. Убасҟан ҩаԥхьа агәра згеит ари азанааҭ сара ишыстәыцәҟьоу", - лажәа иацылҵоит Лика Кьетиаԥҳа.
Аԥҳәысеилыргаҩы Лика Кьетиаԥҳа Гәдоуҭа инаваргыланы еилагӡо апалататә медиаҳәшьас жәашықәса Аҟәатәи ахшараиурҭаҟны аус луит.
Аԥҳәысеилыргаҩы ахшараиуразы инеиуа ан лзы дыԥсихологзаруп. Аҟәша данаднакыло нахыс дылырҩаанӡа лылаԥш лхызароуп. Длацәажәароуп ирхааны. Ахәыҷышьҭхҩы лабжьгарақәа зегьы анра зҽазыҟазҵо аԥҳәыс игәынкыланы данықәныҟәо, асаби иира маншәаланы имҩасуеит.
Лика Кьетиаԥҳа лажәақәа рыла, аамҭа илнарбоит аибашьра ашьҭахь ахныҟәгара шымариамызгьы ауаа еиҳа ахшара рхы ишарҭоз. Иахьа, Аԥсны ахшараиура лаҟәит уҳәаргьы имцхом. Имаҷҩым Урыстәыла ашәҟәы рыҽҭаҩны анратә капитал роуоит ҳәа уахь ицо. Аҳәса рзы иԥырхаганы иҟоуп аҽырбгаразы азакәан ахьаԥыху. Зфинанстә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоу аҳәаанхыҵ ицаны рыҽдырбгоит, егьырҭ рцәа иалоу дымриазаргьы дырхылҵроуп. Наҟ-наҟтәи аԥсҭазаара иацәшәаны зцәа ахшара далазымҵо аҳәсагьы маҷҩым. Лика Кьетиаԥҳа агәрагара лымоуп абарҭ ауадаҩрақәа рыӡбараҿы ҿыц иалху Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ахаҵгылара арҭап ҳәа.
Лика Кьетиаԥҳа ахшара лыдылкылоуижьҭеи еиуеиԥшым ахҭысқәа шаҳаҭс дрымоуп. Иҟалахьеит зықәра намӡац аҳәсахәыҷқәа анрыднагалахьоу. Руаӡәгьы лысаби мап ицәкны лҽылылҩааит. Дыҟан ахәыҷы дызмауаз аҭаацәа рзы ԥарала асаби дзыхшаз аԥҳәыс (суррогатная мать).
"Доусы иусураҟны иибо иаҳауа ажәлар арыларҵәара азин имаӡам. Хымԥада саргьы сзыниахьоу рацәоуп, аха хьыӡҳәала ахаан аӡәы џьаргьы дысмыргамацт", - инаҵылшьит Лика Леонти-иԥҳа.
Лика Кьетиаԥҳа лыбзоурала зықьҩык инареиҳаны амаалықьцәа аԥсҭазаара роухьеит. Лԥышәаҟны еицииқәазгьы ҟалахьан.
Аԥҳәысеилыргаҩы лзы даара ихьанҭаз аамҭан аҵыхәтәантәи ҩышықәса. Лара ҷыдала акоронавирус зцәа иалаз зцәазтәымыз аҳәса еиллыргон.
"Иахьа акоронавирус аганахь ала ҳаԥсы еиваҳгартә ҳаҟоуп, аха иҟан аскафандрқәа ҳшәымхкәа ианҳархәлоз, мамзар ианҳаршоз. Аҳәса рыцҳа рҭагылазаашьеи ари ачымазареи зынӡа еимаҭәамызт, рхы иазхәыцру рысабицәа рԥеиԥш иазхәыцру рзымдыруа стрессны ирхыргон. Зҭагылазаашьа уашәшәырхоз рҭаацәа Урыстәылаҟа иргон. Иара уаҟагьы амедицинатә цхыраара змыхәакәа анацәеи ахшареи рахьтә адунеи зыԥсахызгьы ҟалеит", - лахьеиқәҵарала арҭ амшқәа лгәалашәоит Лика Кьетиаԥҳа.
Ахәыҷышьҭхҩы илҳәеит зныҭрыс ҩыџьа-хҩы аҳәса ахшара анеицроуагьы ахҭысқәа шмаҷым. Усҟан иаразнак ф-напхазк лхаҵаны аӡәы дшылҿу, напхазк лхыхны егьи лахь диасуеит. Асабицәа рцәеиламхәарц азы иаразнак анацәа инарго акәыршақәа ирыларҳәоит.
"Сара сзы игәахәара дууп изныкымкәа анра зҽазыҟазҵо аԥҳәыс дансыдҵаало. Иҟоуп ҷыдала сара сҿы хҩы-ԥшьҩы ахшара зоухьоу", - инаҵылшьит Лика Леонти-иԥҳа.
Лика Кьетиаԥҳа рааԥсара азгәаҭо рыӡбахә лҳәеит аус лыцызуа аԥҳәысеилыргаҩцәа Жанна Оҭырԥҳаи, Диана Осиаԥҳаи, Марина Хынҭәԥҳаи, аҳәса рҳақьым Евгениа Матвеевеи, аоперациатә медиаҳәшьа Аза Ҳалуашьԥҳаи, ахәыҷтәы медиаҳәшьа Мзиа Хынҭәԥҳаи. Иахьатәи рзанааҭ амш ныҳәа инамаданы ирзеиӷьалшьеит агәыцқьареи аманшәалареи. Саргьы, ахәыҷышьҭхыҩцәа иԥшьоу рус иалҵшәаны Аԥсны аизҳара ҟаларц агәаҳәара сымоуп.