Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: волковаа Аԥсны, "Агәалашәара амца", Аиааира аныҳәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Передача музею боевой славы Вечного огня
Передача музею боевой славы Вечного огня  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи ахҳәаа лаҵара 2 инаркны 8 рҟынӡа иналукааша ахҭысқәа реизга.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аԥсылманцәа иазгәарҭеит Ураза-баирам аныҳәа, Аҟәаҟа гастрольла Иарославльнтәи иааит Урыстәыла реиҳа зхыҵуа атетр, ареспублика араионқәа рҿы Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рҽырзыҟарҵоит.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥслыман ныҳәа

Ашәахьа лаҵара 2 рзы Аԥсны аԥсылманцәа иазгәарҭеит Ураза-баирам ныҳәа, уи иԥшьоу амза Рамадан ахыркәшара иазҳәоуп.
Ураза-баирам аан дарбанзаалак аԥсылман дин ныҟәызго еихишьалоит иԥшьоу амза иалагӡаны инаигӡаз иусқәа, ари аныҳәа аиҭаҿиареи доуҳала аҽрыцқьареи ирсимволуп.
Аԥсны аԥсылманцәа ари амш рыдиныҳәалеит ахада Аслан Бжьаниа.

Волковаа Аԥсны

Фиодор Волков ихьӡ зху Аурыс драматә театр раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа гаcтрольла иааит. Фазиль Искандер ихьӡ зху РУСДРАМ асценаҿ лаҵара 2 рзы. РУСДРАМ асценаҿ дара иддырбеит ԥшь-спектакльк, "Ахәар ҟаԥшь" - Васили Шукшин, "Иззыԥшу ахҭыс" - Игор Глинков, "Ельза лыдгьыл" - Иарослав Пулинович, фолк-рок-миузикл "Некрасов инаиркны Некрасов иҟынӡа" - Олег Грисевич.
Агастрольқәа еиҿнакааит РОСКОНЦЕРТ Урыстәыла акультура аминистрра агастроль-концерттә уснагӡа инақәыршәаны Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.
Ахәар ҟаԥшь: Волков итеатр РУСДРАМ асценаҟны - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
"Ахәар ҟаԥшь": Волков итеатр РУСДРАМ асценаҟны

Аныҳәа аҽазырхиара

Аԥсны иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аныҳәа. Уи азгәаҭара иалагеит лаҵара 6 инаркны. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи аветеранцәа ирҭааны аныҳәамш рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа рырҭеит.
Кремль аҭыӡқәа рганаҿы иарку Иҿымцәаауа амца иаҿыгоу "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит. Амца зҭоу алампада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи ахь иааганы ирырҭеит агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкааны, шьаҿеиқәшәарала аҟарул инаганы иддыркит.
Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ашьҭахь агәалашәара амца аҟәырҷахақәа зҭоу алампадақәа быжьба Аԥсны араионқәа рахь идәықәырҵеит. Иахьа, Лаҵара 9 рзы, Аиааира Ду амш аҽны, Аԥсны араионқәа зегь рҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз афырхацәа рбаҟақәа рҿы инаганы иадыркуеит.
Передача музею боевой славы Вечного огня  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2022
Аԥсны
Кремль иадыркыз "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит
Акциа "Агәалашәара амца" Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Уи еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Аурыс ҩни Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа.

Агәыҳалалразы аҳасабырба

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәашықәсатәи аусура еихнашьаалеит аԥшьаша лаҵара 5 рзы.
Афонд аус ауеижьҭеи еизнагахьеит 75 миллион 645 нызқь 609 мааҭ аԥара. 323-ҩык ахәыҷқәа 501 хәышәҭәра ирыхрыжьит, агәыҳалалратә акциақәа 200 инареиҳаны имҩаԥыргеит. Аӡәырҩы ргәабзиара шьаҭанкыла ишьақәдыргылеит, егьырҭ макьана рҽыхәшәтәра иацырҵароуп, аамҭа маҷымкәа изҭахугьы ыҟоуп.
Юбилейный отчет КБФ Ашана - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2022
Аԥсны
Афонд "Ашана" Sputnik Аԥсны шықәсырацәалатәи аинформациатә дгыларазы адиплом анаршьеит

Уаанӡатәи аминистр иус

Лаҵара 5 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Гәдиса Агрба идукат изыҳәа нарымгӡеит, уи даҳәон иаанкылоу иганахьала ирыдкылоу аӡбамҭа еиҭахәаԥшны аҩнытә баандаҩра ирҭарц.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2022
Аԥсны
Аӡбарҭа Аԥсны акультура уаанӡатәи аминистр иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит
Иара идукат иажәақәа рыла, Агрба ашьаусԥшааратә уснагӡатәқәа рҟынтәи иҽиӡоит, ацәгьоура наигӡоит, ашаҳаҭцәа иршәоит дрықәыӷәӷәоит ҳәа аӡбаҩцәа ишьақәырӷәӷәоу аршаҳаҭгақәа рымам. Аха Апрокуратура хада уи иаҿагылеит. Апрокурор Нарҭ Ломиа ишиҳәаз ала, уаанӡатәи аминистр даанкылан Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭақәа руак аҿы, иара "иҽиӡарц агәы" иҭан ҳәа азгәеиҭеит. Иара убас апрокурор игәы иаанагоит Агрба атәыла анҭыҵ дҟалар, "ашасра зқәырҵар рылшо имазара аҭира иҽазишәоит" ҳәа.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Гәдиса Агрба идукат изыҳәа нарымгӡеит. Уаанӡа акультура министрс иҟаз дҭакызаауеит рашәара 19 рҟынӡа.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа уаанӡатәи акультура аминистр иус дадҳәалоуп, аҳәынҭқарратә мал аӷьычра далахәуп ҳәа ишьоу Надир Џьинал изы Апрокуратура хада инанашьҭыз азыҳәа нарымгӡеит. Иаанкылоу иганахьала ирыдкылоу аӡбамҭа еиҭахәаԥшны аҩнытә баандаҩра иацырҵеит лаҵара 19 аҟынӡа.
Надир Џьинал Аԥсны акультура уаанӡатәи аминистр Гудиса Агрба рыхәқәа акырӡа иацҵаны алашареи абжьи рзы ахархәагақәа раахәараан имҩаԥигаз ацәгьоура дацхраауан ҳәа гәҩарас дҟаҵоуп.
Апрокуратура хада ықәгылон аҩнытә рбаандаҩра иқәхны Надир Џьинал даанкылазарц азы. Аха Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба шыҟаз иааннажьит. Џьинал аҩнытә рбаандаҩраҿы дыҟазаауеит лаҵара 19 рҟынӡа.

Анапынҵақәа рахь ахынҳәра

Лаҵара 5 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Беслан Бигәаа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡара далагарц азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Беслан Бигәаа ажьырныҳәа 4 азы аҟәатәи ақьафурҭақәа руак аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс инадҳәаланы имҩаԥысуаз аусҭҵаара цонаҵы инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын.
Администрация города Очамчира - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2022
Аԥсны
Беслан Бигәаа Очамчыра араион ахада иҭыԥ аҿы деиҭашьақәыргылоуп

Аԥсшьаҩцәа рацәаҩхоит

Иҳаҩсыз амчыбжь азы лаҵарамзатәи аԥсшьарамшқәа раан Урыстәылатәи аԥсшьацәа хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны иаҭааит. Убас, Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк лаҵарамза ианналага инаркны ҵыԥх аасҭа ҩынтә еиҳаны аԥсшьацәа аҭааит. Лаҵара 3 рзы мацара апарк иаҭааит 3000 инареиҳаны ауааԥсыра. Риҵатәи аҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны ишиҳәаз ала, ари аҩыза ҟамлацызт. Ауаа убас ирацәаны, аӡиахь уназго амҩаҟны амашьынақәагьы еивҵахеит, урҭ реивыхра сааҭк аҟара иадхалеит.
Апансионат "Ауадаҳарагьы" аԥсшьацәа акыр иазҿлымҳауп. Лаҵара 2 рзы ауаа аҭыԥқәа раанкылара иалагеит. Хымш рыла уи аномерқәа рфонд аԥхынтәи аамҭазы 50-55% рыла иааныркылахьан.
Пансионат Ауадхара - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
Аԥсны
Апансионат "Ауадҳараҿы" аԥсшьаразы 50% ауадақәа ааныркылеит хымш ирылагӡаны
Ажәабжьқәа зегьы
0