Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп": амедиеҳәшьа Белла Алшәындба лусура иазкны

© Foto / Предоставила Белла АлшундбаБелла Алшундба
Белла Алшундба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Анапаҵаҩра
Лаҵара 12 амедиаҳәшьцәа жәларбжьаратәи рымш ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ари арыцхә инадҳәаланы лыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп 40 шықәса амедицинатә занааҭ знапы алакыу, урҭ рахьтә 29 шықәса Гагра иҟоу Ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа ирзааԥсо Белла (Абӷаџьааԥҳа) Алшәындба.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, Гагра араион ахы ианақәиҭха, "мхедриони" ҳәа изышьҭаз, еиҳарак абахҭантә иоужьыз ақырҭцәа рыла ишьақәгылаз агәыԥ ахырӷәӷәарҭа ахьрымаз, уаанӡа КБРЦ ҳәа изышьҭахь, анаҩс Ареспубликатә агәабзиарачаԥарҭатә центр ҳәа ишьақәгылаз ахыбраҟны, аӷацәа инрыжьыз рыԥсцәа ҩныганы, зехьынџьара иамыҩҩаз ашьа рыцқьаны, иԥҽыз ашәқәеи, асаркьақәеи, аҩнымаҭәеи дәылганы амедицинатә усбарҭа аус адыруит. Раԥхьаӡакәны ргәабзиара шьақәдыргыларц аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рыдыркыло иалагеит мшаԥымза 1993 шықәса инаркны.
Иахьа зыӡбахә сымоу амедеиҳәшьа Белла Алшәындба дыруаӡәкыуп ҳаибашьцәа ргәабзиара ашьақәыргылара иацхраарц азы арахь хатәгәаԥхарала иааиз раԥхьатәи амедицина аусзуҩцәа.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ҟалаанӡа сыԥшәмеи сареи ҳхәыҷқәа ҳаманы ҳанхон Ленинград. Иара уаҟа аргыларатә усбарҭаҟны аус иуан, сара 7-тәи абжьаратә медицинатә ҵараиурҭа салганы, 15-тәи ақалақьтә хәшәтәырҭаҟны медеиҳәшьас сыҟан. Ус жәашықәса рышьҭахь Аԥсныҟа ҳааит. Аԥсшьарҭа ҩны "Самшитовая роща" аусура сҽазыскны еиԥш иалагеит аибашьра. Убасҟан исҭаххеит сыхәҭакахьала аибашьцәа рганахь цхыраарак аарԥшра. Ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр ахь амедперсонал аҭахуп ҳәа адырра аныҟала, иаразнак арахь сааит", - илгәалашәоит Белла Алшәындба.
© Foto / Предоставила Белла АлшундбаБелла Алшундба
Белла Алшундба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Белла Алшундба
Агәабзиара чаԥарҭатә центр ҳақьым хадас дахагылан Валери Аҩӡба. Белла Алшәындба даннеиуаз аламҭалазы аус нап адыркхьан аҳасабеилыргаҩы хада Марина Ичмелиан, акадрқәа рыҟәшаҿы дыҟан Вера Патвелиан. Ус хәыҷы-хәыҷы амедперсоналгьы аҽеиднакыло иалагеит. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы инеиз иреиуоуп Инеза Гордиенко, Ҭамара Кочканиан, Амазат Кочканиан, Наталиа Казанџьиан, Мадонна Жәанԥҳа, Инга Ҭраԥшьԥҳа, Марина Багаԥшьԥҳа, Светлана Хагәышьԥҳа, Нелли Гогьиаԥҳа, Зулиа Цкуаԥҳа, Сулико Ҭраԥшьԥҳа, Ирина Аҩӡԥҳа, Мадина Зарданиаԥҳа, Анжела Абыџԥҳа, Нонна Лашәриаԥҳа, Лида Цкуиаԥҳа, Манана Кәакәасқьырԥҳа, Ольга Олеиникова, Асида Барцыцԥҳа. Урҭ рахьтә имаҷҩым иахьа уажәраанӡагьы иԥшьоу зус иахагылу, иҟоуп зыдунеи зыԥсаххьоугьы. Аколлектив ашьаҭа ажәытә усзуҩцәа рыла ишьақәгылоуп уҳәар ауеит, имаҷҩым аҵыхәтантәи аамҭақәа рзы инеиқәаз аҿарацәагьы.
Лиудмила Тарнааԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2021
Аԥсны
"Агәалашәара хьаауп": Лиудмила Тарнааԥҳа Гәдоуҭатәи арратә госпиталь аҟны лусура иазкны
Ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аусура ианалага иаднакылаз раԥхьатәи аибашьра аветеран ихьӡын Артур Анқәаб. Белла Алшәындба уи иахьагьы лыбла дыхгылоуп.
"Зынӡа ахәыҷы ԥшра змаз арԥыс ҳмедицинатә усбарҭахь дрыманы ианааи лаӷырӡыда ҳазихәаԥшуамызт. Иара ирлас игәабзиара ашьақәыргылара акәын зегьы ҳгәы ззыҳәоз. Аиашазы раԥхьанатә иуадаҩын ҳаҷкәынцәа рыла ахыԥшылара. Хамеигӡарала зыԥсадгьыл зыхьчоз, аӷа ихымца ибжанатәыз аԥсуа еибашьцәеи Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәеи лымкаала ҳарзыҟан, урҭ уи аԥхьаҟа иаҳбахьаз ачымазцәа иреиԥшымыз. Урҭ хазын, урҭ рхьаа ҳара иаҳхьаан, урҭ рыхәрақәа ҳара ҳахәрақәа ракәын", - еиҭалҳәоит амедеиҳәшьа.
Белла Алшәындба илҳәоит агәабзиара чаԥарҭатә центр аҳақьым хада, иахьагьы анцәа иџьшьаны зус ԥсыцқьарыла иназыгӡо Валери Аҩӡба аоперациа маҷқәагьы шымҩаԥигоз. Амедперсонали дара аибашьра ибжанатәыз аветеранцәеи џьашьатәыз дрыман. "Инапаҟны ахәрақәа ӷьоит" ҳәа изырҳәон, убас иус дазыманшәалан.
Татиана Аиԥҳа-Жданова - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2020
Имедеиҳәшьахаз ахәыҟаҵаҩ: Татиана Аиԥҳа лҭоурых
Амедеиҳәшьа иазгәалҭоит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны зыԥсҭазаара иалҵыз рпациентцәа шырацәоу. Аԥсҭбара ҟалацыԥхьаӡа ргәы шкылнаҵәоз.
"29 шықәса ирылагӡаны ҳветеранцәеи ҳареи убас ҳаишьцылеит, ҳацәгьеи ҳабзиеи акы акәхеит. Сара шьҭрала с-Дәрыԥшьтәиуп. Сани саби рыдунеи анырыԥсах, аԥсрахьы аколиаскақәа ирынтәалази, алабақәа зҽынҵаны инеизи аветеранцәа еилагылаз ажәлар ианырба, рцәаныррақәа рызнымкыло игәынқьуан. Рыцҳарас иҟалаз аамҭа иаратәы ҟанаҵоит. Ирацәаҩӡоуп ҳчымазцәа рахьтә зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы. Урҭ уаҳа рлакҭа ҳашҭамԥшуа ҳдыруеит аҟнытә бааԥсыла игәнаҳгоит. Аха иҟоуп ҳгәы зырҟәандогьы, уи агәалашәара ауп. Афотоальбомқәа саныргәылаԥшо ҳзеиԥш ныҳәатә еидтәаларақәа раан иҭыхыз афотосахьақәа рҟынтә исҿаччоит наӡаӡа иҳацәцаз сашьцәа ҳәа исԥхьаӡоз Зураб Ануа, Даур Бигәаа, Гена Смыр, Алхазур Сулеиманов уҳәа аветеранцәа", - лажәа иацылҵоит Белла Алшәындба.
Агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны амедперсонали аибашьра аветеранцәеи ирзеиԥшыз агәырӷьаратә хҭысқәа иреиуан рыбжьара аҭаацәара ҿыцкәа аниуаз. Ус рынасыԥ еиларҵеит Гена Смыри Манана Кәакәасқьырԥҳаи, Иашка Ладариеи Иза Габлиаԥҳаи, Гиа Кәаӡбеи Емма Қәҭарԥҳаи.
Шромаҟа амҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2019
Рудольф Алшәындба Шроматәи аоперациазы: адгьыл аарҳәны иҵадыргылеит
Белла Алшәындба лаф хҭысны илгәалашәоит, Валери Аҩӡба анхамҩатә ҟәша азы хаҭыԥуаҩс имаз лабхәанда еиҳабы, аибашьра аветеран, аинвалид, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба ихҵәаз ишьапы аҿаҳәара лара ианлықәшәалоз. Ҭацак лаҳасабала аԥсуара ҟаҵо иаԥхьа дцәажәомызт азы, дызҵааӡомызт ацаха мыцхәы илырххама ҳәа. Иаргьы лыда ԥсыхәа имамызт азы илыркәадаргьы дыԥхашьаны иҳәаӡомызт. Анаҩс абжьацәажәацәа рыла иӡбан ҽаӡәи лареи рҽанеиҭнырԥсахлоз иара уи лахь дақәшәаларц.
Агәабзиара чаԥарҭатә центр иаднакыло ҳаибашьцәа аԥхьанатә аҳақьымцәа ирбоит. Нас доусы ичымазара зеиԥшроу еиԥш анализқәа ганы, џьоукы арентген ҟаҵарахь иршьҭуеит, амассаж, акәаԥлашьҭыгақәа (капелница) уҳәа алырҩаауеит. Иҟоуп хымчыбжь рыла згәабзиара шьақәзыргыло, убас инеиҳангьы. Аҽыхәшәтәра инаваргыланы ачымазцәа ҽнак хынтә ирзеиҿкаауп акрыфара. Иахьазы араҟа ишьҭоуп 28-ҩык аветеранцәа. Агәабзиара чаԥарҭатә центр аҿы убас хәыда-ԥсада рыхәшәтәра еиҿкаауп аибашьра аветеранцәа ранацәеи рабацәеи, аха урҭгьы есышықәса рхыԥхьаӡара маҷхоит.
© Foto / Предоставила Белла АлшундбаБелла Алшундба
Белла Алшундба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Белла Алшундба
Амедеиҳәшьа Белла Алшәындба лажәақәа рыла, апандемиа аамҭазы араҟа ишьҭази ирхылаԥшуаз амедицина аусзуҩцәеи рахьтә зынӡа имаҷҩуп акоронавирус здырбалаз.
Ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны ишьҭоу ахымхәацәа рганахь есқьынагьы Гагра араион анапхгареи, Аԥсны еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҵараиурҭақәеи агәцаракра аадырԥшуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иадҳәалоу агәалашәаратә мшқәа раан аҳамҭақәеи, ачеиџьыкеи, аконцерттә программақәеи еиқәыршәаны ирҭаауеит.
"Ари еиӷьу аколлектив џьаргьы иҟам, зегьы сҭаацәа реиԥш сырзыҟоуп" - лҳәеит амедеиҳәшьа Белла Алшәындба ҳаиҿцәажәара анхҳарқәшагьы. Амедеиҳәшьцәа жәларбжьаратәи рымш рыдныҳәало лҩызцәа ирзеиӷьалшьеит агәыцқьареи, ақәранҵыреи, рнапы злаку аус аҟны аманшәалареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0