Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амҵәыжәҩақәа ҳазҭаз аиԥылара": Гунда Сақаниаԥҳа лырҿиаратә хәылԥазы

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛитературный вечер
Литературный вечер - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Анапаҵаҩра
Ауаҩы игәалашәараҿы илашаӡа инхо роуп, ҩнуҵҟала дбеиан даанзыжьуа. Ааигәаӡа Аԥсны Амузеиқәа рыҵх аназгәарҭоз Д.И. Гәлиа Иҩны-амузеи аҟны имҩаԥысит зеиӷьҭамыз аиԥылара бзиа. Аԥсуаа зегьы ҳабла ҷыцеиԥш ҳзыхӡыӡаауа ари аҩны ссир ахь Гунда Сақаниаԥҳа лышәҟәқәа рӡыргара ыҟоуп ҳәа анраҳа, имҩахыҵит ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳинтеллигенциеи рацәаҩны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟан ахәылԥаз хааӡа агәаԥхарреи алафи аҵаҵаны имҩаԥызгаз Д.Гәлиа Иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаиаԥҳа иналыркны, Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Денис Чачхалиа, Вахтанг Аԥҳазоу, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Нодар Ҷанба, Ҭина Қәарсаиаԥҳа, Марина Барцыцԥҳа, Ҭали Џьапуаԥҳа, актиорцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, аҵаҩцәа уҳәа убас ирацәаҩны.
Араҟа иҟан Гунда Сақаниаԥҳа лырҿиара акәша-мыкәша инарҵаулан ахцәажәарақәа, лажәеинраалақәа исахьаркны рыԥхьарақәа, иара убасгьы, лара апоет лырҿиараҿы еиҳа иреиӷьалшьо лажәеинраалақәа ҩ-хәҭакны лара лхаҭа даара асахьаркыра аҵаҵан дрыԥхьеит. Сара иахьа абраҟа ишәыдызгалоит уи ахәылԥаз бзиаҿы сықәгылареи, уаҟа иӡыраагоз апоет лышәҟәқәа рҟынтәи лажәеинраалак иалхны убра сзыԥхьаз апародиеи. Сгәы иаанагоит, уи ахәылԥаз ссир иалахәыз зегьы, ихааӡа ргәы иҭаршәны ԥхаррак-ԥхаррак ргеит ҳәа...
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛитературный вечер
Литературный вечер - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Литературный вечер

Абна шьхымзеиԥш есымша иҳараку апоезиа

Уи лажәеинраалақәа убас еиԥш иҟоу ԥхаррак, ҟәандарак рыҵоуп, урыԥхьан уанаарылгалак, анкьа иудыруаз, иузааигәаӡаз, аха кыраамҭа иумбацыз, уажәы иаалырҟьан дануба, дџьоушьару, уиеигәырӷьару узымдыруа ушынхо еиԥш, уаанрыжьуеит.
Уи азныказ ауп, аха нас, хәыҷы-хәыҷла ургәылархалоит, урзааигәартәуеит, маӡала иуахәыҭхәыҭуеит, улымҳа ак ҭарҳәоит, аӡынтәи ашәахәа хаа еиԥш иуҿаԥхоит, рхы угәадырԥхоит, ишырҳәо еиԥш, укәа иҭалан, умаӷра иҭысуеит!
Нас, уаргьы, ахәыҷы игәаԥхаз аԥарԥалыкь ԥшӡа дыҩуа адәы иаҵәаҿы дшашьҭало еиԥш, урышьҭалоит урҭ ажәеинраалақәа, ани "узхьдырԥшыз" аԥшӡара даҽа хәыҷык иудырбарц, иамеигӡарц, уаргьы урҭ рыҩнуҵҟа имҩаԥысуа рымаӡақәа урыладырхәырц, "рыӡмыжь" хәыҷқәа рҿы удырӡсарц...
Гунда Сақаниаԥҳа лпоезиа зны-зынла иҽҵысуп, ушаршанхо, ишыхәмаруа, нас икәарны аҿынанахоит, ани аҽҵыс еиԥш узхәаԥшуаз, "зхы" ушьышьырц, иугәыдуҳәҳәаларц иуҭахыз, ула ишабоз, ашәымҭак азы иҽыҩхеит, иҽыццышәхеит, аӷәраҵәҟьагьы аҿарххра гәаӷьыуацәахо...
Апоезиа закәыҵәҟьоу макьана аӡәгьы иааҭкааны ишизымҳәогьы, зегь акоуп, гәынхәҵысҭала досу иара ипоезиа, иара илира хаа "амаҵ" иуеит, игәаҿы иҭаҳәҳәаны имоуп, ианиҭаху ахра иаҿахоу ахрашәа шаацәыриго еиԥш, иаацәыригоит, маӡала дыззыԥшыз, мчыкгьы иланаҵоит, лашаракгьы акәиц еиԥш ихааӡа игәы иҭанарԥхоит...
Гунда лпоезиа, уи лажәеинраалақәа амыцхә лгәы аадыртӡом, амыцхә иҽырбаӡом, аха урҭ уԥырҵны ианцо, "рымҵәыжәҩашьҭыбжь" убас угәы хьухьууа иҟанаҵоит, уара уззыԥшыз, иуҭахыз ажәа, дара улымҳа иҭарҳәауеит, аха уара ианаамҭаз иахьумаҳаз азы, ухы уазгәаан, угәы ԥыжәжәо урышьҭалоит...
Иҟалап, убри акәзар апоезиа, уара умаӡа иаҭаххар ажәак ала иаазыртуа, аха уи ажәа ахьыҵәахыуи, ианцәырҵуеи, аԥсы ахьҭоуи уара зынӡа ианузымдыруа... Аха, џьара ишыҟоу удыруеит, уи иаҭаххар, уара ухы уханаршҭуеит, ашьауардынеиԥш, амҵәыжәҩа унаҭоит, ушьҭнарԥраауеит, ажәҩан ҵамҵамрахь уханагалоит, амала иааузыцәгьахар, ацаҟьа гәаԥшь уаннаҟьаргьы ҟалоит!..
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛитературный вечер
Литературный вечер - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Литературный вечер
Гунда лпоезиаҿы зегьы ыҟоуп; аԥшӡарагьы, ахьаагьы, агәырҩагьы, иара убасгьы џьарак еилаҭәоит агәырӷьалабжыши агәырҩалабжыши.
Урҭ рыгәҭоуп иахьыҟоу абзиабара иахылҵуа ажәа, арыц, иара ҳаԥшаанӡа, ахәырбӷьыцеиԥш, "ҳахәра" иааган иақәаҳҵаанӡа тәамҩахәи цәамҩахәи ҳазымҭо...
Зажәа нагӡаны иззымҳәац апоет, зыԥшқа дгароу диҩызоуп! Уи изҳар, дӷьацар, ишьапы дықәгылар, дзеиԥшрахарызеишь, ижәлар дрыхәартә дҟаларыма?.. Ажәагьы убас ауп, изызку рыгәқәа рҿы изнеирыма, иазырԥхарыма, иаргәырӷьарыма, иаргәырҩарыма?..
Уи ахьаа дабылуеит Гунда, убри азоуп дзаҳзааигәоу, иреиӷьу ҳпоетцәа рахь дзаҳшьоу!..
Абна шьхымзеиԥш, есымша аҳаракыра иамоу Гунда Сақаниаԥҳа лпоезиа, "иргәыбзыӷны" аԥхьаҩ игәахьы аиагаразы, уа "аҭартәаразы", иаҭахуп аԥшӡара абызшәа аилкаара, анырра! Иара Ахаҵкы Ажәа, Алԥха лымазааит ҳҩыза гәакьа, ҳпоет, иахьа зышәҟәы бзиақәа гәык-ԥсык ала иӡырааго!..
Гунда Сакания - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2020
Саныҩуа ауп сыԥсы шҭоу аныздыруа: апоет Гунда Сақаниаԥҳа лыҿцәажәара
Сымца назхьысыз дбылӡом, дҷыҷуеит!!!
Апародиа
Егьаџьара уцаргьы, са сышҟа ухынҳәуеит,
Уԥсыргьы, унхаргьы, са сышҟа ухынҳәуеит!!!
Знык сымца назхьысыз, сымцаҿ дбылуеит,
Егьаџьара уцаргьы, са сышҟа ухынҳәуеит!..
Знык бзиа избаз, ахаан дызбоит,
Исцәымӷу дшысцәымӷу нарцәыҟа дызгоит!..
* * *
Гунда Сақаниаԥҳа
Уара усықәшәаанӡа ԥхыӡла зегь сшьуан,
Иааигәан исаҩсуаз былӡомызт, иҷыҷуан!..
Уара ихаакәакәараӡа иҟаз убла сҭаԥшын,
Ухыцәкәыкәын уанкыҵәҟьан уӡхызгеит амшын!..
Сара уара уаҳаҭыраз аӡсашьа сҵеит,
Зны ӷбала, зны нышьла Баҭымгьы снаӡеит!
Иуасҳәеит сара Аҟәа ишсымам уаҭах,
Уи агьаурым уҳәеит, уҽырԥагьан уарах!..
Бнацәа назқәыбкыз, ауада ба ибтәуп,
Аԥара бацәымшәан, сџьыбақәа ҭәуп!..
Аратәи аԥсуаа, иныбзақьша шәара,
Ишәылымшеит сыбзиабара ахә ашәара!..
Дшысқәашьхоз здыруан сара хаҵаӷәӷәак,
Аҵысхш сызцәырымгаргьы, исыржәып каҳуак!..
Зегь реиҳа исгәаԥхо, уи абаҳа сиркӡом,
Ауҭрагь сызҭалом, анышәгьы сзырпӡом!..
Аҽагеи снацәхыԥқәеи зынӡакгьы иааибӡом,
Уи смуза ҟадыџьгьы ԥхьарылар иуӡом!..
Ԥсыуак дыжәбахьоума ара дымлаго,
Ҳавара амшын ду ӡаауп игазго!..
Хыхь абалкон аҟынтә иршәуеит аҵәгәыр,
Изыԥшу идыруеит ԥсыӡқәак имкыр!..
Ҳаи, зқәақәра сцаша, уахакгьы симжьеит,
Дақәгәыӷны дтәозма ҳҳәынҭқарра абиуџьет!..
Гунда Сақаниа
Ажәабжьқәа зегьы
0