Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амҵәышәымпыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Ҟәыбан ачемпионат аҟны ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит

© Foto / Константин МазовСборная Абхазии по баскетболу
Сборная Абхазии по баскетболу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2022
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҟны ахԥатәи аҭыԥ азы еиндаҭлон Аԥсни Славиансктәи араиони рыспортсменцәа.
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik, Бадри Есиава. Амҵәышәмпыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҟны ҩынтәуп ахԥатәи аҭыԥ аннакылоижьҭеи, абри атәы ааицҳаит Аԥснытәи Еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ Константин Мазов.
"Славианск имҩаԥысуаз аилыԥшааратә хәҭа ҳахысны, Новороссиск ачемпионат афинал аҟны ҳнеит. Афинал аҟны ԥшь-хәмаррак мҩаԥаагеит, ҩба рыҟны ҳаҵахеит ҩба рыҟны аиааира ҳгеит. Ахԥатәи аҭыԥ азы ҳаиндаҭлон Аԥснытәи акомандеи Славиансктәи араион акомандеи. Араҟа аиааира ҳгеит 74:66 ҳәа", - иҳәеит азыҟаҵаҩ Мазов.
Амҵәышәмпыл азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат 2016 шықәса раахыс имҩаԥымсӡацызт. Сынтәа уи ҩаԥхьа ихацыркхеит.
Амҵәышәымпыл азы Еизгоу Аԥснытәи акоманда шьақәгылоуп 16-35 шықәса зхыҵуа 15-ҩык аспортсменцәа рыла.
Абхазские баскетболистки стали вторыми на турнире в Туапсе - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Аԥсны
Аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа Тҟәаԥс имҩаԥысуаз аицлабраҿы араӡны медал ргеит
Ажәабжьқәа зегьы
0