https://sputnik-abkhazia.info/20220525/grifon-abzourala-shachanti-aaa-uzlaasha-daa-mak-aatyr-alshoit-1039242231.html
"Грифон" абзоурала Шәачантәи Аҟәаҟа узлааша даҽа мҩак аатыр алшоит
"Грифон" абзоурала Шәачантәи Аҟәаҟа узлааша даҽа мҩак аатыр алшоит
Sputnik Аҧсны
Есыҽны жьҭаара 1 аҟынӡа атуристтә катамаран "Грифон" Шәача-Аҟәа ибжьыслоит. 25.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-25T09:00+0300
2022-05-25T09:00+0300
2022-05-25T09:09+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/0b/1033390787_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_6e6aa11aeca33bc7a3964c6c244ea392.jpg
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Иццакны иныҟәо акатамаранқәа "Грифон" Шәача-Аҟәа амаршрут ала иныҟәо автотранспорт ацымхәрас иныҟәалар алшоит иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.Агубернатор Урыстәыла ахада Владимир Путин имҩаԥигаз атранспорттә инфраструктура аҿиаразы аилацәажәара далахәын. Иара иазгәеиҭеит арегион анапхгара рус хадақәа ишреиуоу акурортқәа транспортла реиқәыршәара.Агубернатор иара убасгьы иҳәеит атуристцәа рзын алшара шыҟоу Шәача аҳаирбаӷәаза аҟынӡа иаалар шрылшо. Аманшәалараз аилахәыра "Аэрофлот" Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи ареисцҵақәа бжьанаҵеит.Ареисцҵақәа бжьанагалеит аилахәыра "Урыстәылатәи аихамҩақәа"-гьы. Амшын еиқәахьтәи ахырхарҭахь иаалоит 140 000 ҭыԥ змоу 130 дәыӷба."Грифон" аԥхьатәи аныҟәара мҩаԥгахеит лаҵара 6 рзы. Атуристтә катамаран Шәачатәи абаӷәазаҟынтәи иқәҵуеит ашьыжь асааҭ 09:00 рзы, Аҟәа иҟалоит 12:00 рзы. Асааҭ 15:30 рзы "Грифон" Аҟәантә иқәҵны Шәачаҟа ихынҳәуеит.Есыҽны жьҭаара 1 аҟынӡа атуристтә катамаран "Грифон" Шәачеи Аҟәеи ибжьыслоит. Аԥсны аҳәынҭқарра аҳәаа ахысраҟны аҳазалхратә ҳәаахьчараҿ иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа зегьы нагӡахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220507/mshynla-asnya-aturistt-katamaran-grifon-aati-abaaza-iaadgyleit-1038991133.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/0b/1033390787_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_80454ab6dee64874f65b8b900622da1b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсшьара
"Грифон" абзоурала Шәачантәи Аҟәаҟа узлааша даҽа мҩак аатыр алшоит
09:00 25.05.2022 (ирҿыцуп: 09:09 25.05.2022) Есыҽны жьҭаара 1 аҟынӡа атуристтә катамаран "Грифон" Шәача-Аҟәа ибжьыслоит.
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Иццакны иныҟәо акатамаранқәа "Грифон" Шәача-Аҟәа амаршрут ала иныҟәо автотранспорт ацымхәрас иныҟәалар алшоит
иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.
Агубернатор Урыстәыла ахада Владимир Путин имҩаԥигаз атранспорттә инфраструктура аҿиаразы аилацәажәара далахәын. Иара иазгәеиҭеит арегион анапхгара рус хадақәа ишреиуоу акурортқәа транспортла реиқәыршәара.
"Амшынтә еимадара аганахьала амаршрут Новороссииск – Геленџьик – Шәача ала аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа зегьы аԥхарраныҟәага "Комета" ала имҩаԥгахалоит. Шәачантә Аҟәаҟа иныҟәалоит акатамаран "Грифон". Ари автобус ма автомашьына зыԥсахуа транспортхоит", - ҳәа иԥхьаӡоит Кондратьев.
Агубернатор иара убасгьы иҳәеит атуристцәа рзын алшара шыҟоу Шәача аҳаирбаӷәаза аҟынӡа иаалар шрылшо. Аманшәалараз аилахәыра "Аэрофлот" Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи ареисцҵақәа бжьанаҵеит.
Ареисцҵақәа бжьанагалеит аилахәыра "Урыстәылатәи аихамҩақәа"-гьы. Амшын еиқәахьтәи ахырхарҭахь иаалоит 140 000 ҭыԥ змоу 130 дәыӷба.
"Грифон" аԥхьатәи аныҟәара мҩаԥгахеит лаҵара 6 рзы. Атуристтә катамаран Шәачатәи абаӷәазаҟынтәи иқәҵуеит ашьыжь асааҭ 09:00 рзы, Аҟәа иҟалоит 12:00 рзы. Асааҭ 15:30 рзы "Грифон" Аҟәантә иқәҵны Шәачаҟа ихынҳәуеит.
Есыҽны жьҭаара 1 аҟынӡа атуристтә катамаран "Грифон" Шәачеи Аҟәеи ибжьыслоит. Аԥсны аҳәынҭқарра аҳәаа ахысраҟны аҳазалхратә ҳәаахьчараҿ иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа зегьы нагӡахоит.