Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ухы иавубаша ҽаӡәы ианивубо…

© SputnikПроект Комитета по делам молодежи "Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала!"
Проект Комитета по делам молодежи Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала! - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников Аԥсны аурыс бызшәа адискриминациа азуп ҳәа ииҳәаз игәаанагара ашьҭахь ҳтәылаҿы ахҳәаа иаиуз азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Маҷгьы ҵуам Sputnik Аԥсны асаит адаҟьазы Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан шеилагоу, насгьы ҳхатәы бызшәа аҵыкәкәаара ишаҿу иазку анҵамҭа ҟасымҵеижьҭеи. Аиашазы, аԥхьаҩцәа сырааԥсазшәа збо салагеит, насгьы иара азакәан еилазго амчра ахаҭарнакцәа хырҩа злазыруа ала, уааҟәымҵӡакәа ари атемала аҩра гәыԥҵәагахоит, зынӡа сгәы касыжьӡаргьы сҭахымзаргьы.
Аабыкьа феисбуктәи сдаҟьаҿы иқәсыргылеит аусуразы Аԥсныҟа иааз, Азиатәи атәылақәа ирхаҭарнаку дызныз авидео. Уи аҵакы шыҟаз ала, атәым ҳәынҭқарра ахаҭарнак абра аус иунаҵы аԥсшәа шышьҭикааз ауп. Ари анҵамҭа сҩызак исзааиҭит, зхатәы бызшәа хьаас измоу сдаҟьа знапы аҵаҩу ауаа гәахәарыла ирыдыркылеит ирбаз. "Аԥсшәа ҵашьа амам" ҳәа зны-зынла ҳхаҭақәа иаҳҳәо атеориа шҵаҵӷәыдоугьы аанарԥшит уи авидео. Абри зегь зхысҳәаауа, ҳтәыла атитултә милаҭ ҳәа иԥхьаӡоу аԥсуаа рбызшәа ашәарҭара ишҭагылоу рызгәамҭоу, хатәы бызшәада аҳәынҭқарра ҟалашьа шамам рзеилымкаауоу, аха аԥсуаа рӷьырак рыхшарагьы иддырҵом, рхаҭақәагьы рхы иадырхәом.
Аԥсуа шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Хатәы бызшәада аԥсҭазаара ҵакыдоуп
Ажәа шәзасыршьуазеи, аха "Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" рыдыркылеижьҭеи абар 13 шықәса ҵуеит, аха уи иану ахәҭаҷқәа рынагӡарази рхылаԥшрази, иара здыкылаз Апарламент аԥхьа инаргыланы, Аԥсны аиҳабыреи уҳәа зегьы еиларгоит.
Аԥхьаҩцәа, шәхаҵкы, ишәагәаласыршәар сҭахуп сызлацәажәо азакәан 2-тәи ахәҭаҷ ишану "Аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазароуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рхадацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа" уҳәа еиуеиԥшым аԥҟарақәа. Уи адагьы, азакәан иану ахәҭаҷқәа рынамгӡразы аҭакԥхықәра зду дара аиҳабыра роуп. Шәазхәыц, иахьҳархәуада, уи зыхәҭоу рхаҭа азакәан еиларгозар? Зыӡбахә сымоу ахәҭаҷ ажьырныҳәа 1 2015 шықәсазы аусура иалагар акәын. Иааидкыланы, 13 шықәса зхыҵуа азакәан ахәҭаҷқәа зегьы аҷҷаҳәа аус рулар акәын ҳазҭагылоу аамҭазы, аусбарҭақәа ирыбжьысуа ашәҟәқәа инадыркны, зегь ԥсышәазар акәын, аха абри анагӡара зҭаххаша аиҳабыра ҳмоуит. Абас ҳааиуеит иахьанӡа.
Книги и учебники - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Амыцхә ахықә ҳазааигәахахьеит: ҳбызшәазы гәҭахәыцрақәак
Зусура хзыркәшаз Жәлар Реизара 6-тәи аилатәара акәзар, иҟанаҵы реизарақәа урысшәала имҩаԥыргон, аԥсшәа уарла-шәарла иуаҳауан. Аха, адепутатцәа рцамҭаз, "Жәлар Реизара алхрақәа рзакәан" алагала азыруит 2027 шықәса рзы иааиуа алхарақәа раамҭазы "Апарламент ахь акандидат аҳәынҭқарратә бызшәа идыруазароуп" ҳәа, уи азакәан аус ауеижьҭеи 7 шықәса шҵуагьы. Абасала, ақьаад аҿы Аԥсны аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп ҳәа анызаргьы, иахьа ҳреспубликаҿы аиҳабыраа ахархәара зырҭо аурыс бызшәоуп.
Азакәан ҳазыгьежьуазар, аурысшәа аҳәынҭқарратә бызшәа астатус амамзаргьы, аԥсшәа инаваргыланы ахархәара амоуп ҳәа иануп. Уажә аабыкьа аԥсуаа ргәы иалсыз ахҭыс ҟалеит, иагьааргәалашәеит ҳхатәы бызшәа астатус лаҟәны ишыҟоу.
Учебник русского языка 10-11 класса - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2022
Аԥсны
Инал Арӡынба Аԥсны аурыс бызшәа иамоу астатус далацәажәеит
Асоциалтә ҳақәа рҿы еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа, иара убас аҳәынҭқарратә усуҩцәа, адепутатцәа уҳәа урысшәала аҳәамҭақәа ҟарҵоит ргәы нханы. Зыӡбахә сымоу лаҵара 25 рзы Москва имҩаԥысыз Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадара аусқәеи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак аилатәара ауп. Уи иалахәын Жәлар реизара ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба дызхагылаз аԥсуа делегациа.
Абраҟа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра армариара азҵаатәы анаҩс, уи аизара мҩаԥызгоз Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәа рзы аилак иахагылоу Леонид Калашников Аԥсны аурыс бызшәа адискриманциа азуп ҳәа агәаанагара иҳәеит, Аԥсны Жәлар Реизара алхарақәа рзакәан алагала иазнауз даԥшны.
Хәҩы-фҩы злахәыз аԥсуа делегациа аицәажәарақәа рҿы иара уа ари азҵаара аҭак ҟарҵар ауан, иҟаларын ари аҩыза аҭыӡшәа ахылымҿиааргьы. Аделегациа иалахәыз аиԥылара ашьҭахь, аҭыԥантәи аполитикцәа, ауаажәларра уҳәа Калашников иҳәамҭа агәынамӡара шырнаҭаз анырба, аҳәамҭақәа ҟарҵо иалгеит, "аурыс бызшәа Аԥсны адискриминациа азум" ҳәа аарԥшуа. Очамчыра ирыпҟаз, Тамшь данааи игәалашәеит ҳәа жәаԥҟак аҿы ишаҳәо еиԥш, Аԥсны ианааи аҭак шыҟаҵатәыз ргәалашәеит.
Дмитрий Габелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2020
Арадио
Габалыиа аԥсуа бызшәа арҵаразы: адунеитә ԥышәа аус арутәуп
Аха, сара иџьасшьо, Калашников иоума иаҳԥырхагоу, ҳҳәынҭқарраҿы Апарламент иаднакылаз азакәан аус амуазар? Иаҳҳәап, уаҵәы даҽаӡәы даҽак иҳәар ауеит, уи ҳаҿаапкны аполитика ду залаҳхуазеи, Аԥсны аиҳабыра, Апарламент, аҭыԥантәи ахаланапхагаратә усбарҭақәа уҳәа русура азакәан еилаганы зегь урысшәала еиҿкаазар?
Иахьа аԥсышәала аус зуа ажурналистцәа рзы даара иџьабаауп ачынуаа рҳәамҭақәа, рықәгыларақәа аԥсшәахь реиҭагара. Уи иаҭахуп аамҭа рацәа. Аинформациа иаарласны ауаа ирылаурҵәарцаз, ажәабжь абырсааҭк еиқәуршәароуп. Убри аҟынтә, ԥсышәала аус зуа еснагь ҳаҵахоит, еиҭаҳгонаҵы, иҳариашонаҵы.
Ажәакала, Калашников иаҳгәалаиршәеит ишҳамаз ахатәы бызшәа, уи аиқәырхара зуалугьы ҳара шҳакәу. Даара сацклаԥшлоит аринахысгьы амчреи, аоппозициеи, егьырҭ аиҿкаарақәеи русура, заҟа игәцаракны "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" иқәныҟәо. Ари амчыбжь азы аԥсуа политикцәа атема рыман, ҳҳәынҭқарратә бызшәа урысшәала ирыҩуаз рҳәамҭақәа рыла ирыхьчон, уи зҭагылоу арыцҳара зхароу дара ракәымшәа баны…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0