Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны ахәшәтәырҭақәа аԥхынтәи аԥсшьараамҭа иазыхиоуп иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБольница в городе Ткуарчал после ремонта
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәыла ахада имҩаԥигоз аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аҽазыҟаҵара иазку аилацәажәараҟны дазааҭгылеит амедусҳәарҭақәа аԥхынтәи аԥсшьараамҭа ишазыхиоу.
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аԥсны ахәшәтәырҭақәа аԥхынтәи аԥсшьараамҭа иазыхиоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Иазгәеиҭеит, ахәшәтәырҭақәа амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы ишазыхиоу, ааигәа иаахәан ацхыраара лас амашьынақәа быжьба, амедусҳәарҭақәа иахәҭоу ахәшәқәеи амаругақәеи рыла еиқәыршәоуп.

Аминистр иажәақәа рыла, есышықәса атәыла ахәшәтәырҭақәа ирыдҵаалоит 8000-ҩык атуристцәа.
Ачымазцәа рхыԥхьаӡара анеизҳауа ааамҭазы, иаҭахханы иҟалар, аҳақьымцәа ргәыԥқәа дәықәҵахоит Гагреи Пицундеи рмедусҳәарҭақәа рахь иҳәеит аминистр.
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ауаажәларратә крыфарҭақәеи атуристтә аобиектқәеи реиҳабацәа рахь аҳәара ҟалҵеит, афатәи абактериақәеи ирыхҟьаны ԥырхага ҟамларцазы асанитар-епидемиологиатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Таймураз Хишба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Аԥсны
Атуризм аминистр: Аԥсны 2022 шықәса рзы аԥсшьара 20-30% рыла ахә иацлар алшоит
Ажәабжьқәа зегьы
0