Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа адкылара мҩаԥнагеит Урыстәыла амш аламҭалазы

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания и Максим Литвинов
Аслан Бжания и Максим Литвинов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла амш-есышықәса рашәара 12 азы иазгәарҭуа ҳәынҭқарратә ныҳәамшуп. 1990 шықәса ари амш аҽны Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа рыдкылеит.
АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Урыстәыла амш аламҭалазы Аԥсны иҟоу урыстәылатәи ацҳаражәҳәараҭаҿы имҩаԥысит аныҳәатә дкылара.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мақсим Литвинов еизаз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, ааигәа Урыстәыла ахада ацҳаражәҳәаҩс еиҭаз Михаил Шургалин хара имгакәан Аԥсныҟа дшаауа.
"Адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, иахьатәи аныҳәа Урыстәыла амш мацара акәымкәан Урыстәыла адгыларагьы иамшуп, убри аҟнытәи ҳасасцәа зегьы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Сгәы сажьарым, ара игылоу абжаҩык Аԥсныеиԥш Урыстәылагьы ишәыԥсадгьылны ишышәԥхьаӡо. Уи ус шакәу агәра ҳнаргоит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциазы Аԥсны иҟанаҵо адгылареи, Лугански Донецки ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵареи", - иҳәеит Литвинов.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага иҳәеит, Урыстәыла ахә ҳаракны ишыршьо Аԥсны Урыстәыла амилаҭ интересқәа рыхьчара иадгыланы Донбасстәи ахҵәацәа ахьрыдыркылаз, иара убас иҟарҵо агәыҳалалратә цхырааразы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа адкылара мҩаԥнагеит Урыстәыла амш аламҭалазы

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа адкылара мҩаԥнагеит Урыстәыла амш аламҭалазы - Sputnik Аҧсны
1/4

2/4

3/4

4/4

"Шәара шәеиԥш ҳаргьы ҳрызгәдууп Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала Донбасс зыхьчо. Мраҭашәара атәылақәа зегьы Урыстәыла ианаҿагыла Аԥсны аҩыза иаша ихымҩаԥгашьа аанарԥшит", - иҳәеит Литвинов.
Анаҩс ажәа зиҭаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит ҳреспубликазы Урыстәыла астратегиатә ҩыза мацараны ишыҟам.
"Ҳара бзиа иаабо, иаҳзааигәоу, ҳабжьара акультуратәи зқьышықәсала аигәыларатәи аизыҟазаашьақәа зыбжьоу тәылоуп. Иахьа Урыстәыла иаакәыршан имариам ахҭысқәа мҩаԥысуеит. Украина имҩаԥысуа иҷыдоу аоперациа мҩаԥырымгар ада ԥсыхәа ыҟаӡамызт. Сара тәылауаҩык иаҳасабала, Аԥсны ахада иаҳасабала, зынӡа гәыҩбаракгьы сымам аоперациа шхыркәшахо азы. Аамҭа ҿыц шааиуа - Урыстәылеи Аԥсни аҿиара аамҭа шырзааиуа, ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аамҭа шыҟало", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада.
Аслан Бжьаниа милаҭрацәала еилоу Урыстәыла атәылауаа имариам иахьатәи аамҭазы ирзеиӷьеишьеит ачҳара, зуалԥшьа назыгӡо аибашьцәа зегьы иаарласны рыҩныҟақәа рахь рыхынҳәра.
Аурыс тәылауаа реиҿкааратә хеидкыла ахантәаҩы Олег Иурченко иазгәеиҭеит аамҭа уадаҩқәа раан Урыстәылеи Аԥсни шеицхыраауа.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭа ҳгәалаҳаршәуазар, аибашьра аҩбатәи амш азы Гагра ҩвтобуск рызна аказакцәа ааит. Уажәгьы аказакцәа ҩ-полк Донбасс иаҳа иахьшәарҭоу ацәаҳәаҟны иҟоуп", - иҳәеит Иурченко.
Выставка русских художников в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2022
Аԥсны
Акультуратә ҭынха: ацәыргақәҵа "Аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны" аатит Аҟәа
Анаҩс иара Ҟәыбантәи аказакцәа рырхәҭа ахьӡала Аԥсны Урыстәыла аинтересқәа рыхьчараз аҳаҭыртә шәҟәқәа ранеишьеит. Уи иаԥсахеит Россотрудничества азҟаза Евгени Павлов, ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша анапхгаҩы Екатерина Павлова, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аҷыдалкаатә азин змоу аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков.
Ҟәыбантәи аказакцәа рыр иреиҳаӡоу аҳамҭа "Ҟәыбантәи аказакцәа рус аизҳараҟны алшамҭақәа" рзы аорден даԥсахеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мақсим Литвинов
Ажәабжьқәа зегьы
0