Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсуара еиқәырхоуп": Самсун иаҵанакуа аԥсыуа қыҭақәак ирызкны

© Foto / Саиды ЖьиԥҳаҬамқыҭ
Ҭамқыҭ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2022
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Амшын еиқәа иаԥну Самсун ақалақь иаҵанакуеит аԥсуа қыҭақәа ԥшьба. Уаҟа инхо ҳџьынџьуаа рыбзазара иазкуп анаҩстәи анҵамҭа.
Чарықлыбашы – абас ахьӡуп, ҭырқәтәылатәи сҩызцәа Иуџьали Фелизи Сергьегьиаԥҳацәеи, Ҭулаи Абашԥҳаи сареи Самсун ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Хусеин Аӡынба раԥхьаӡакәны ҳахьымҩахигаз шәаԥыџьаԥла иҩычоу аԥсуа қыҭа. Араҟа ажәытәтәи аамҭақәа раан инхоз аԥсуаа рхыԥхьаӡара рацәан, аха аҵыхәтәан, аҿар еиҳарак ақалақьқәа рахь ицо иахьалагаз инамаданы зынӡа 30 ҭаацәара роуп иҟоу. 78 шықәса ирҭагылоу аҭыԥантәи анхаҩԥҳәыс Раадие Аргәынԥҳа излаҳалҳәаз ала, Чарықлыбашы еиҳараӡак Аргәынаа роуп инхо, ақыҭа ахадасгьы иахагылоу дара дырхаҭарнакуп, Аргәын Аадем ихьӡуп. Иара убас Ҭраԥшьааи Доуааи ргәылацәоуп.
"Аллаҳ дышәзыразхааит, шәааи арахь, адәаны ҳамгылап" ҳәауа, Раадие лыҩныҟа ҳамҩахылгеит. Ачаи акаҳуеи анаҳжә ашьҭахь, еицқәаз иаҳгәалашәеит ҳмашьына Аԥснынтәи иаашьҭыз аҟәыд ажәла шҭаз. Уеизгьы ибеиаз аԥҳәыс луҭраҿы аҭыԥ роуит лҭоурыхтә дгьыл иаҟәырҷахаз арыцқәа.
Раадие Аргәынԥҳа лхатәы бызшәала ибзианы дцәажәон, уи ҳгәы иамыхәарц залшозма, аха лара лажәақәа рыла еилаҳкааит ақыҭаҟны инхо аиҳабацәа рышьҭахь, абызшәа шьҭызкаауа аҿар шыҟам.
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаРаадие Аргәынԥҳа. Ақыҭа Чарықлыбашы
Раадие Аргәынԥҳа. Ақыҭа Чарықлыбашы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Раадие Аргәынԥҳа. Ақыҭа Чарықлыбашы
"Азхәыцра уадаҩуп, аха, ҳарҭ аиҳабыратәи абиԥара ҳанымҩаслак ашьҭахь, ҳабдуцәа рбызшәагьы аҳауа иналаӡҩа ицоит", - ҳәа лгәы лзырхьуа лҳәеит абырг.
Раадие Аргәынԥҳа лабду иаб Мемеҭи иашьа Ибраҳими роуп амҳаџьырра иахнагаз. Дара Нхыҵ-Кавказынтәи Самсун ианӡхыц, акәыбырқәа ахьырацәаз иахҟьаны ашьхаҭыԥ ахь ицеит. Ус иагьышьақәгылеит ари ақыҭа.
"Зыԥсадгьыл ныжьны иааз ҳаиҳабацәа атәым дгьыл аҟны ирцәыцәгьан рыбзазара ашьақәыргылара, аха аӡәи-аӡәи еидгылеит, еицхырааит. Ус ԥшьала амлеи, ахьҭеи, ачымазареи ириааины иҿиуа иалагеит. Ишыжәбо еиԥш иахьа уажәраанӡа ҳаҟагәышьоуп", - ҳәа нацылҵеит аԥҳәыс бырг. Раадие Аргәынԥҳа лашҭа ҳанҭыҵуаз агәыӷра лысҭеит Аԥсны инхо Аргәынаа лыӡбахә шрасҳәо, ларгьы дгәырӷьаҵәа салам сызрыҭа лҳәеит. Анаҩс, Хусеин Аӡынба дӷьаҵәыӷьаҵәуа иара дахьииз аԥсуа қыҭа Џьевизлиқь, аԥсуаа Ҭамқыҭ ҳәа зыхьӡырҵаз ахь ҳиманы ддәықәлеит.
Ирфан Сымсым иҭаацәеи иареи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Арепатриациа
"Диаҭымны дыхҵәеит": ҳџьынџьуаҩ Ирфан Сымсым иабдуи иҭаацәареи рҭоурых иазкны
Ииаҵәҟаҟараӡа маҟҿаҳәаранӡа иҩеихьаз аџьықәреи арашәара иаҿыз ауаа, ана-ара ҳалаԥш иҵашәон. Саргьы "арҭ аԥсыуааума" ҳәа Хусеин уажәы-уажәы сиазҵаауан. Сгәы иаахәоз аҭак ансоулак "ԥшӡала иҭажәгалааит" ҳәа аԥенџьыр аҟынтәи ҿысҭуан. 84 шықәса ирҭагылаз Хусеин иаб Ҭаиаргьы, иҽага шьҭаҵаноуп исасцәа дшаҳԥылаз. Ажәакала, амхқәеи, ауҭрақәеи, арахәи, аԥсасеи, аҩнытә ԥсаатәи рыла ибеиаз ақыҭа агәҭанӡа ҳнаӡеит. Ҭаиар Аӡынба ақәра шимоугьы, илақәа ҭиаҵәааӡа иҿаратә гәыкра каимыжьӡеит, аха иубон ақыҭа иацу аџьабаа акырӡа дшаӡрыжәхьаз. Абырг аӡәаӡәала ҳгәыдкыло акәын аԥсшәа шҳаиҳәоз, ашьҭахь аҩныҟа ҳнаԥхьаны ижәлантәқәа Аӡынаа рызҿиҭит.
"Ари, Аԥснынтәи иааз ҳаҳәшьа лоуп, арҭ Сақариа иатәуп, урҭгьы ҳаҳәшьцәа роуп" ҳәа уажәы-уажәы ила ҭырхаха ҳгәы злаҟаиҵари ҳәа дыԥшуан Ҭаиар. Аӡынааи ҳареи аҭоурыхқәа еибаҳҳәонаҵы Ҭаиар иҭацацәа еицлабуа аишәа дырхиеит. Ажәакала ари ақыҭа иазкны еилыскааз маҷӡам. Чарықлыбашы еиԥш араҟагьы уаанӡа инхоз аԥсуаа рацәаҩын. Уажәы 40 ҭаацәа роуп инхаз, дара урҭгьы аԥхынра ԥсшьара ҳәа иаауеит акәымзар, еиԥмырҟьаӡакәа ақыҭа дуӡӡа хыԥхьаӡарала 80-ҩык рҟынӡа роуп иаланхо, урҭгьы тәанчаҩцәоуп.
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаҬаиар Аӡынба. Ҭамқыҭ
Ҭаиар Аӡынба. Ҭамқыҭ  - Sputnik Аҧсны
1/5
Ҭаиар Аӡынба. Ҭамқыҭ
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаХусеин Аӡынба иҭаацәа
Хусеин Аӡынба иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
2/5
Хусеин Аӡынба иҭаацәа
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаҬамқыҭ
Ҭамқыҭ  - Sputnik Аҧсны
3/5
Ҭамқыҭ
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаҬамқыҭааи рысасцәеи
Ҭамқыҭааи рысасцәеи - Sputnik Аҧсны
4/5
Ҭамқыҭааи рысасцәеи
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаХусеин Аӡынба. Самсун ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ
Хусеин Аӡынба. Самсун ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ  - Sputnik Аҧсны
5/5
Хусеин Аӡынба. Самсун ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ
1/5
Ҭаиар Аӡынба. Ҭамқыҭ
2/5
Хусеин Аӡынба иҭаацәа
3/5
Ҭамқыҭ
4/5
Ҭамқыҭааи рысасцәеи
5/5
Хусеин Аӡынба. Самсун ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ
Ҭаиар асасцәа дҳадтәалап ҳәа иааиԥхьаз иашьцәа иреиуоу Нури Аӡынба, хәышықәса ақыҭа ахадас дыҟан. Иара дрызгәдууны иуаажәлар рыӡбахә иҳәон.
"Џьевизлиқь аԥсуаа Ҭамқыҭ ҳәа иашьҭоуп. Аӡынаа ҳнаҩсан араҟа инхоит Ажьиаа, Иашаа, Ԥынҵаҷаа, Қапаа, Зорумаа, Хәымсыраа, Хәаҷаа, Чегьенаа уҳәа. Амҳаџьырра аамҭақәа раан, ара еиланхо ҳаиҳабацәа Ҟарачы-Черқьесскынтәи ихырҵәаз роуп. Аԥсуаа ҳадагьы Ҭамқыҭ аҟабардақәеи ачерқьесқәеи рхылҵшьҭрақәагьы ыҟоуп", - ҳәа наҵишьит Нури Аӡынба.
Бераҭ Аӡынп,ҳаи лан Ҭулаи Шәмыҭп,ҳаи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
Арепатриациа
"Ашьа узжьом": апрофессор Бераҭ Аӡынԥҳа лҭоурых
Ҭамқыҭаа ахшыҩ бзиа змоу ҳәа ирышьҭоуп. Дара рхыԥхьаӡараҿы тәанчара ицазаргьы иуԥылоит аҳақьымцәа, аруаа, арҵаҩцәа. Иаҳҳәозар, Ҭырқәтәыла ҳаҭырла зыхьӡ рдыруа арратә чынқәа ныҟәызгоз Аидоан Папбеи, Џьемаллеҭин Аӡынбеи, Серҭаԥ Ажьибеи, арҵаҩы Хусеин Аӡынбеи, аҳақьым Саалиҳа Аӡынԥҳаи. Абжьаратәи абиԥара иаҵанакуа ақалақь дуқәа рҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирзааԥсо дубап, убас зхатә бизнес змоу. Аҿар иахьатәи ҳаамҭа иашьашәало азанааҭқәа рыла аҵараиурҭақәа рҿы адыррақәа дырҳауеит.
Аишәа ҳанахыҵ ашьҭахь, шьапыла ақыҭаҟны ҳныҟәарц ҳаӡбеит. Амҩан иаҳԥылақәоз "шәышԥаҟоу, шәыбзиоума" ҳәа раҳәауа рыԥсҭазаашьа ҳазҵаауан.
"Бара Аԥснынтәи баазар акәхап, арахь ус ицәажәаӡом" ҳәа сгәыдкылауа соурыжьыр рҭахымызт сзықәшәақәаз хаҵеи ԥҳәыси Аслан Ажьибеи Маҳие Ҳаҭхәеи, Ажьиаа рҭаца Шьеҳрибан Папԥҳаи, Џьеллаҭин Аӡынбеи, Баҳрам Гәынбеи.
© Foto / Саида ЖьиԥҳаАслан Ажьиба. Ҭамқыҭ
Аслан Ажьиба. Ҭамқыҭ - Sputnik Аҧсны
1/6
Аслан Ажьиба. Ҭамқыҭ
© Foto / Саида ЖьиԥҳаМаҳие Ҳаҭхәа
Маҳие Ҳаҭхәа - Sputnik Аҧсны
2/6
Маҳие Ҳаҭхәа
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаШьеҳрибан Папԥҳа. Ҭамқыҭ
Шьеҳрибан Папԥҳа. Ҭамқыҭ  - Sputnik Аҧсны
3/6
Шьеҳрибан Папԥҳа. Ҭамқыҭ
© Foto / Саида ЖьиԥҳаЏьеллаҭин Аӡынба. Ҭамқыҭ
Џьеллаҭин Аӡынба. Ҭамқыҭ  - Sputnik Аҧсны
4/6
Џьеллаҭин Аӡынба. Ҭамқыҭ
© Foto / Саида ЖьиԥҳаБаҳрам Гәынба
Баҳрам Гәынба - Sputnik Аҧсны
5/6
Баҳрам Гәынба
© Foto / Саиды ЖьиԥҳаЏьошькәын Ҳепичаа. Ақыҭа Қарамешье
Џьошькәын Ҳепичаа. Ақыҭа Қарамешье - Sputnik Аҧсны
6/6
Џьошькәын Ҳепичаа. Ақыҭа Қарамешье
1/6
Аслан Ажьиба. Ҭамқыҭ
2/6
Маҳие Ҳаҭхәа
3/6
Шьеҳрибан Папԥҳа. Ҭамқыҭ
4/6
Џьеллаҭин Аӡынба. Ҭамқыҭ
5/6
Баҳрам Гәынба
6/6
Џьошькәын Ҳепичаа. Ақыҭа Қарамешье
Ҳзабадырыз ауаа ҳашрызхьаауаз, Самсунҟа ҳахнымҳәыр амуит. Хусеин Аӡынба амҩа хадахьы Қарамешье ақыҭа, аԥсуаа Булаҭқыҭ ҳәа изышьҭоу ала ҳалбааигеит. Уи ҳалсуанаҵы, амхы дҭыҵны дааԥсаха даҳԥылеит Булаҭқыҭ ахада, аҟабардақәа раҳәшьаԥа, аԥсуаа ирхылҵшьҭроу Џьошькәын Ҳепичаа.
"Ара шәааны акрымфакәа шәышԥасышьҭуа" ҳәа мчыла ҳнызкыларц иашьҭаз Џьошькәын, игәы ихьит уаххьа ахьицеиҩаҳамшаз. Амала агәра иҳаргеит ҽазны ҷыдала иара иахь ҳшаауа.
Џьевдеҭ Озган - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Аԥсны
"Аԥсҭазаара мариам": ҳџьынџьуаҩ Џьевдеҭ Озган инысымҩа
Абиараз ҳәа еибаҳҳәонаҵы, "араҟа аԥсуаа шаҟа ҭӡы нхода" ҳәа санҵаа, "ажәытәан ирацәаҩгәышьан, уажәы 15 ҭаацәара нхеит. Ҵысаа, Дохәмаа уҳәа ажәлақәа ыҟоуп. Абызшәагьы саҳәшьа, иӡуа иалагеит" ҳәагьы нациҵеит…
Самсун ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Хусеин Аӡынба иажәақәа рыла, шықәсқәак раԥхьа Самсуни, ақыҭақәа Чарықлыбашы, Қарамешье, Џьевизлиқь, Аачалан иааидкыланы хнызқьҩык рҟынӡа аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа нхон.
Ажәабжьқәа зегьы
0