https://sputnik-abkhazia.info/20211009/Asha-uzzhom-aprofessor-Bera-Ayna-lourykh-1033246018.html
"Ашьа узжьом": апрофессор Бераҭ Аӡынԥҳа лҭоурых
"Ашьа узжьом": апрофессор Бераҭ Аӡынԥҳа лҭоурых
Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ, Сҭампыл ақалақь, Мармаратәи ауниверситет апрофессор Бераҭ Иашьар-иԥҳа Аӡынԥҳа еиҭалҳәеит даныхәыҷыз инаркны Аԥсныҟа аара... 09.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-09T18:44+0300
2021-10-09T18:44+0300
2021-10-12T12:57+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
арепатриациа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/14/1033245622_0:0:2601:1463_1920x0_80_0_0_51aa29cafb689a69294412dae4ad44d5.jpg
Саида Жьиԥҳа, SputnikБераҭ хышықәса анылхыҵуаз инаркны лаб Иашьар Аӡынбеи лан аубых ҭыԥҳа Ҭулаи Шәмыҭԥҳаи лассы-лассы дрыманы ицалон аԥсуаа ахьеизалоз, чароума, ԥсроума, еизароума уҳәа рахь. Дара рыԥҳазаҵә илыларааӡон лџьынџьдгьыли лыуаажәлари рахь абзиабара, илдырҵон аҵас иаҵанакуаз акәамаҵамақәа.Бераҭ лаб Иашьар Ҳасан-иԥа Аӡынба иӡбахә Ҭырқәтәылеи Аԥсни измаҳахьадаз. 1969-1973 шықәсқәа рзы иара Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатс дыҟан. Дыруаӡәкын раԥхьаӡакәны Кавказ Ахеидкылақәа рышьақәыргылареи ауаажәлар реизааигәатәреи аус иазааԥсаз."Аԥҳа лзы иԥхашьаразаргьы ҟалап аб ирҽхәара, аха исымҳәаргьы сгәы иауам иааԥсара шыӷәӷәоу атәы. Кавказ Адернеқьқәа реиҿкаареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи усҟантәи аамҭазы зегьы ирылшомызт. Иара игәра ргеит, иҳәатәы иацныҟәеит. Адернеқьқәа "аҩбатәи ҳаҩны" ҳәа азырҳәо иалагеит аӡәырҩы. Хаҭала сара сзы ныҳәак иаҩсуан сҭаацәа уахь саныргоз. Уаҟоуп иахьысҵаз ԥсыуаҵас акәашара, иахьеизсырҳаз схатәы бызшәа, иахьҿыхаз сыԥсадгьыл гәакьахь ҵҩа змам абзиабара, иахьииз агәахәтәы Аԥсныҟа ацаразы", - илгәалашәоит Бераҭ.Иашьар Аӡынба еиуеиԥшым амаҵура дуқәа ныҟәигон аҟнытә, аамҭала иҭаацәеи иареи Анкара инхон, иԥҳа уаҟа абжьаратә школ далгоит. Анаҩс Бераҭ дҭалоит Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак, араԥ бызшәеи алитературеи рфакультет. Уи ашьҭахь, ҩаԥхьа Сҭампыл Мармаратәи ауниверситет захьӡу аҿы аекономисти азиндырҩи рзанааҭқәа лоуеит.Иахьа Бераҭ ари аҵараиурҭаҟны дыпрофессоруп, дрыԥхьоит алекциақәа. Дравторуп иакымкәа аекономиказы ацхыраагӡатә шәҟәқәа. Бераҭ лусумҭақәа раӷьырак рыла астудентцәа аҵара ддырҵоит. Лоушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы имаҷҩым аԥсуаагьы."Сара срызгәдууп ҳҵараиурҭаҟны азанааҭқәа зауа аҿар. Аха сыуаажәлар ирхаҭарнакцәоу акалашәа среигәырӷьоит. Дара рааӡареи рхымҩаԥгашьеи рыла рҩызцәа ираԥыргоит, уи угәы амырԥхарц залшом", - инаҵылшьит Бераҭ.Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз 1993 шықәсазы активла ажәлар раӡәкра иашьҭаз Ҳақы Ажьиба ицны иааит уахи-ҽни зыԥсадгьыл хәыцырҭас измаз Бераҭ лҭаацәеи лареи. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Аҟәа аӷа инапаҵаҟа иҟан аҟнытә, Гагреи Гәдоуҭеи заҵәык роуп иахьаҭааз.Бераҭ Аӡынԥҳа иахьа Сҭампыл имҩаԥысуа аԥсуа еизарақәа раӷьырак лхы рылалырхәуеит. Ианааидтәало атәым дгьыл аҟны аԥсуара шеиқәдырхаша, абызшәа шыдмырӡша, Аԥсны иахәаратәы иҟарҵаша аусқәа ирылацәажәоит."Анцәа сиҳәоит алшара сиҭарц ишысҭаху еиԥш Аԥсны аимдара, сашьцәа рыԥшаара. Саб игәы абжа ахьыҟаз, саргьы доуҳатә мчык уахь исыхоит. Зегь акоуп ашьа кшоит, уи узжьом", - ҳәа нацылҵеит ҳџьынџьуаҩ.Бераҭ Аӡынԥҳа иазгәалҭеит дшазыхиоу илымоу адыррақәа рыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ацхраара.Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:"Аԥсны аҭоурых змырӡуа": Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи"Сабдуцәа рышьҭа сыхгылеит": абла ҳақьым Зеқьи Лацәышба иҭоурых
https://sputnik-abkhazia.info/20210912/Sashtsa-seimarkuan-ynua-Sera-Azhiba-Asnya-dshaaz-iazkny-1033193272.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210918/abzhy-aargeit-ynua-Zelia-Azhia-aibashraan-Asnya-dshaaz-iazkny-1033207091.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210905/Asuara-eiau-adyrraa-yam-aprofessor-Ozdan-Aa-lourykh-1033155920.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/14/1033245622_82:0:2033:1463_1920x0_80_0_0_e1a43e335d0ab06f844cf2303e48c371.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
"Ашьа узжьом": апрофессор Бераҭ Аӡынԥҳа лҭоурых
18:44 09.10.2021 (ирҿыцуп: 12:57 12.10.2021) Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ, Сҭампыл ақалақь, Мармаратәи ауниверситет апрофессор Бераҭ Иашьар-иԥҳа Аӡынԥҳа еиҭалҳәеит даныхәыҷыз инаркны Аԥсныҟа аара дшазгәышьуаз, аха уи агәҭыха аибашьра ишарлашьцаз.
Бераҭ хышықәса анылхыҵуаз инаркны лаб Иашьар Аӡынбеи лан аубых ҭыԥҳа Ҭулаи Шәмыҭԥҳаи лассы-лассы дрыманы ицалон аԥсуаа ахьеизалоз, чароума, ԥсроума, еизароума уҳәа рахь. Дара рыԥҳазаҵә илыларааӡон лџьынџьдгьыли лыуаажәлари рахь абзиабара, илдырҵон аҵас иаҵанакуаз акәамаҵамақәа.
Бераҭ лаб Иашьар Ҳасан-иԥа Аӡынба иӡбахә Ҭырқәтәылеи Аԥсни измаҳахьадаз. 1969-1973 шықәсқәа рзы иара Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатс дыҟан. Дыруаӡәкын раԥхьаӡакәны Кавказ Ахеидкылақәа рышьақәыргылареи ауаажәлар реизааигәатәреи аус иазааԥсаз.
"Аԥҳа лзы иԥхашьаразаргьы ҟалап аб ирҽхәара, аха исымҳәаргьы сгәы иауам иааԥсара шыӷәӷәоу атәы. Кавказ Адернеқьқәа реиҿкаареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи усҟантәи аамҭазы зегьы ирылшомызт. Иара игәра ргеит, иҳәатәы иацныҟәеит. Адернеқьқәа "аҩбатәи ҳаҩны" ҳәа азырҳәо иалагеит аӡәырҩы. Хаҭала сара сзы ныҳәак иаҩсуан сҭаацәа уахь саныргоз. Уаҟоуп иахьысҵаз ԥсыуаҵас акәашара, иахьеизсырҳаз схатәы бызшәа, иахьҿыхаз сыԥсадгьыл гәакьахь ҵҩа змам абзиабара, иахьииз агәахәтәы Аԥсныҟа ацаразы", - илгәалашәоит Бераҭ.
Иашьар Аӡынба еиуеиԥшым амаҵура дуқәа ныҟәигон аҟнытә, аамҭала иҭаацәеи иареи Анкара инхон, иԥҳа уаҟа абжьаратә школ далгоит. Анаҩс Бераҭ дҭалоит Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак, араԥ бызшәеи алитературеи рфакультет. Уи ашьҭахь, ҩаԥхьа Сҭампыл Мармаратәи ауниверситет захьӡу аҿы аекономисти азиндырҩи рзанааҭқәа лоуеит.
Иахьа Бераҭ ари аҵараиурҭаҟны дыпрофессоруп, дрыԥхьоит алекциақәа. Дравторуп иакымкәа аекономиказы ацхыраагӡатә шәҟәқәа. Бераҭ лусумҭақәа раӷьырак рыла астудентцәа аҵара ддырҵоит. Лоушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы имаҷҩым аԥсуаагьы.
"Сара срызгәдууп ҳҵараиурҭаҟны азанааҭқәа зауа аҿар. Аха сыуаажәлар ирхаҭарнакцәоу акалашәа среигәырӷьоит. Дара рааӡареи рхымҩаԥгашьеи рыла рҩызцәа ираԥыргоит, уи угәы амырԥхарц залшом", - инаҵылшьит Бераҭ.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз 1993 шықәсазы активла ажәлар раӡәкра иашьҭаз Ҳақы Ажьиба ицны иааит уахи-ҽни зыԥсадгьыл хәыцырҭас измаз Бераҭ лҭаацәеи лареи. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Аҟәа аӷа инапаҵаҟа иҟан аҟнытә, Гагреи Гәдоуҭеи заҵәык роуп иахьаҭааз.
"Саныхәыҷыз аахыижьҭеи знык Аԥсны сцандаз ҳәа схәыцуан, аха схахьгьы исзаагомызт сыԥсадгьыл арыцҳара ишҭагылоу збоит ҳәа. Усҟан сгәы абжа ԥсит, аамҭак ашьҭахь ҳашҵәыуоз Ҭырқәтәылаҟа ҳхынҳәит, аха есыуаха Аԥсны сеиԥхыӡуан. Зны ауаа ҿаԥхаҿаччо избон, зны - илаӷырӡашо. Ари ахьаа аибашьра анеилга ауп маҷк саноунажь", - еиҭалҳәоит лара.
Бераҭ Аӡынԥҳа иахьа Сҭампыл имҩаԥысуа аԥсуа еизарақәа раӷьырак лхы рылалырхәуеит. Ианааидтәало атәым дгьыл аҟны аԥсуара шеиқәдырхаша, абызшәа шыдмырӡша, Аԥсны иахәаратәы иҟарҵаша аусқәа ирылацәажәоит.
"Анцәа сиҳәоит алшара сиҭарц ишысҭаху еиԥш Аԥсны аимдара, сашьцәа рыԥшаара. Саб игәы абжа ахьыҟаз, саргьы доуҳатә мчык уахь исыхоит. Зегь акоуп ашьа кшоит, уи узжьом", - ҳәа нацылҵеит ҳџьынџьуаҩ.
Бераҭ Аӡынԥҳа иазгәалҭеит дшазыхиоу илымоу адыррақәа рыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ацхраара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: