Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Габлиа Гәылрыԥшь араион аҿы иаартым атуристтә хырхарҭақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Габлиа Гәылрыԥшь араион аҿы иаартым атуристтә амаршрутқәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Иахьагьы ицәыргам, аха аҭоурыхтә ҵакы змоу, зыԥшӡаралагьы убла хызкуа аҭыԥԥшӡарақәа маҷӡам Аԥсны, урҭ рыԥшаареи рцәыргареи иацу ауадаҩрақәа ртәы Гәылрыԥшь араион аҿырԥштәала арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа рзанааҭеидгыла ахантәаҩы Дмитри Габлиа.
Арадиостудиа асас аиҿцәажәара хациркит Гәылрыԥшь араион аҿы аус зымуа, аха ауаа ирыдугалар зылшо ахырхарҭақәа ртәы.
"Иахьнеиуа еиҳарак ауахәамақәа рҿоуп. Аха еиҭа ирыдугалаша рацәаны иҟоуп. Акызаҵәык – цқьа ишахәҭоу амҩақәа ылганы иҟаӡам. Кәыдрытәи аҩхаа апарк аус адулара иаҿуп. Аԥшӡара убла хнакуеит. Изымбац ибар бзиан. Аӡхыҽҽақәа рацәаны иҟоуп. Аекскурсиақәагьы дара рхырхарҭақәа рымоуп. Аҭоурых азҿлымҳара азҭо рзы Гәылрыԥшь иҟоуп аинтерес зҵоу аҭыԥқәа. Еицаҳдыруа Ҵабалтәи абаа, Кьалашәыртәи аҭӡы - Абаагәара ду илаваланы аныҟәара мацара акыр иаԥсоуп. Иҵегьы иӡырганы идурбаша ыҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.
Гәылрыԥшь аҳаирбаӷәаза аусура ианалага аамҭазы Гәылрыԥшьгьы Очамчырагьы ибзианы иҭәуа иалагоит, нас уаантәи иаҳа азҿлымҳара змам аусура иалагоитҳәа иҳәеит Габлиа. Арҭ ахырхарҭақәа аинтернет аҿы иӡыргатәуп, ауаа ирбартә ираҳартә иҟаҵатәуп ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0