Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхә ашьҭыхра зыхҟьаз ҭырҵаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аҟны Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхә ашьҭыхра зыхҟьаз ҭызҵаауа акомиссиа ҷыда аԥҵоуп.
Аусутә гәыԥ иалоуп Жәлар реизара адепутатцәа Асҭамыр Гьерхьелиа, Бадрик Ԥлиа, Баҭал Џьопуа, Алмас Акаба.
Мшаԥымзазы Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит.
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭаларазы адуцәа рзы ахә ҩынтәны ишьҭырхит 350 маҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа, аашықәса инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы шәмааҭк инаркны 200 мааҭ рҟынӡа иацлеит, аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа Риҵа аҭаара хәыдаԥсадоуп.
Озеро Рица в реликтовом национальном парке Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаларазы адуцәа рзы ахә шьҭырхит 500 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа, аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа рзы хәыдаԥсадоуп. Иазгәаҭоуп 200 мааҭ иаԥсоу азинҷыдатә билеҭ рхы иадырхәыр алшоит Аԥсны атәылауаа аашықәса инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи, аԥснытәи аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи ирҭоу астудентцәа, 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра рветеранцәеи ахамыхәацәеи, иара убас аррамаҵзура иахысуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0