Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"АЗиД" алаҳәара ҟанаҵеит абензин ахәԥса шыланарҟәыз азы

© Sputnik / Томас Тхайцук Топливный пистолет
Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа анефҭаалыҵ аазго анаплакқәа руак - "АЗиД" ахҳәаа анаҭеит ареспубликаҿы абылтәы ахәԥсазы иҟоу аҭагылазаашьа.
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. "АЗиД" иатәу абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы ахәԥсақәа рыларҟәра аахәаратә хәыԥса аиҵахара иабзоуроуп. Абри азы аҳәамҭа кьыԥхьуп аилахәыра асаит аҿы.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп, хәажәкыра 1 азтәи Аԥсны Аиҳабыра рықәҵара ишалнаршо аҭиҩцәа ахәԥсақәа аҳаракра аганахь алагьы аларҟәра аганахь алагьы рҭышәныртәалара мҩаԥыргаларц. Мшаԥымзазы абензин АИ-92 "АЗиД" 56 мааҭ ҳәа ирҭиуазар, уажәы 53,50 мааҭ ҳәа аҭира алшоит. Асеиԥш ауит рашәара 24 азы аилахәыра еиҳа еиҵоу ахәԥсала абылтәы аахәараз аилаӡара ахьалнаршаз азы.
АИ-95 ахәԥса 6 мааҭк еиҵахеит лаҵарамзатәи ахәԥсақәа ирҿырԥшны, уажәы литрк 59 мааҭ иаԥсоуп. Адизельтә былтәы ахәԥса шыҟац иаанхоит.
Аԥсны анефҭаалыҵқәа разымхара алмыршаразы "АЗиД" абылтәы хыԥхьаӡара рацәала иаанахәеит.

"ИАЕ "АЗиД" азаҵәылаҭиратәи еизакуи ахәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп, аусура еиԥҟьарада аиҿкаара аԥҟарақәа инарықәыршәаны", - рҳәеит анаплакы аҿы.

Убри аан "АЗиД" ааԥхьара ҟанаҵеит анефҭаалыҵқәа рџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа еиҳа еилыкка аарԥшразы, аалыҵ хкы аагаҩцәа рыԥҟарақәа ҭҵаазарц. Аилак ахаҭа азыхиоуп иахәҭоу аинформациа зегьы изҭаху ауаа рыдгалара.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Аԥсны
Апарламент Аминистрцәа реилазаара ирабжьнагеит ԥхынгәы 7-нӡа абылтәы ахәԥса еиқәдыртәарц
Ажәабжьқәа зегьы
0