Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ирина Дочиаԥҳа лӷьычразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахарадҵаратә зыӡба аднакылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбарҭатә коллегиа ахарадҵаратә зыӡба аднакылеит аполитикатә партиа "Иаку Аԥсны" амаӡаныҟәгаҩ Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи, Гәдоуҭа инхоз Дмитри Озган ишьреи рганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Ахара рыдҵоуп: Алхас Ӡиӡариа, Геннади Блаб, Варден Ҷантуриа, Џьумбер Аҩӡба.
Алхас Ӡиӡариа ахара ихараҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 119, ахәҭа 2 апунктқәа "а", "б" инарықәыршәаны (абџьар ахархәарала ауаҩ иӷьычраз), АЗ ахәҭаҷ 160 ахәҭа 3 апункт "б" инақәыршәаны (аԥарацәгара аҽазышәара), АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2, апункт "ж" инақәыршәаны (гәҭакрыла ауаҩшьра), иара убасгьы закәаншьаҭада абџьар аахәара, амазаара, аныҟәгара ҩ-епизодк рзы (АЗ ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1). Иқәҵоуп 15 шықәса ихақәиҭра далхәыдатәны арежим ӷәӷәа иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы иԥсҭазаара ахгара.
Геннади Блаб ахара ихараҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 119, ахәҭа 2 апунктқәа "а", "б" инарықәыршәаны ( абџьар ахархәарала ауаҩы иӷьычра), АЗ ахәҭаҷ 160 ахәҭа 3 апункт "б" инақәыршәаны (аԥарацәгара аҽазышәара). Иқәҵоуп 10 шықәса ихақәиҭра далхәыдатәны арежим ӷәӷәа иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы иԥсҭазаара ахгара.
Материалы по делу Дочия и Озган зачитали в суде Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2020
Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рганахь ала азыӡба рыдкылоуп
Варден Чантуриа ахара ихараҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 119, ахәҭа 2 апунктқәа "а", "б" инарықәыршәаны (гәыԥҩык заанаҵы еибыҳәаны ауаҩы иӷьыҷра), АЗ ахәҭаҷ 160 ахәҭа 3 апункт "б" инақәыршәаны (аԥарацәгара аҽазышәара). Иқәҵоуп 9 шықәса ихақәиҭра далхәыдатәны арежим ӷәӷәа иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы иԥсҭазаара ахгара.
Џьумбер Аҩӡба ахара ихараҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 120 ахәҭа 1 инақәыршәаны (ауаҩы иӷьычра иадҳәаламкәа ихақәиҭра иалхәыдатәра), АЗ ахәҭаҷ 223 ахәҭа 2 инақәыршәаны (аҭиразы акәымкәа закәаншьаҭада анаркотикқәа раахәара). Иқәҵоуп 4 шықәса азеиԥш режим иатәу аколониаҿ ихгареи ахараԥсеи. Аҩӡба дҭакуижьҭеи ари аамҭа ахьихигахьо азы ихы дақәиҭтәуп.
Уи адагьы, аӡбарҭа Асҭамыр Ӡиӡариа заанаҵтәи аилацәажәарала ауаҩшьра мҩаԥигеит (АЗ ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апункт "ж"), иара убасгьы закәаншьаҭада абџьар аахәара, амазаара, аныҟәгара азы АЗ ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 ҳәа шьақәнарӷәӷәеит. Иара иганахь ала аусӡбара нкылан Ӡиӡариа 2020 шықәса жәабран 4 азы Аԥсны ААР аамҭалатәи аанкыларҭаҿы иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы.
Оглашение приговора  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2020
Озгани Дочиаԥҳаи рус азы аматериалқәа аӡбарҭаҿы ирыԥхьеит
Ирина Дочиаԥҳа ԥхынгәы 2016 шықәса рзы аҩнынтәи идырмыз џьоукы дырӷьычит. Лара 44 мшы даанкыланы дрыман, аԥхьа Аҷандара ақыҭан инхо Џьниаа рыҩнаҭаҿы, нас – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аҩӡаа рыҩнаҭаҿи.
Аԥҳәыс лӷьычра далахәын ҳәа дыԥхьаӡоуп Дмитри Озган, уи 2017 шықәсазыГәдоуҭа дыршьит. Иара ишьра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа. Апрокурор игәаанагарала, Озган дшьын Дочиаԥҳа лзы иршәаз аԥара ашара мап ахьацәикыз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0