Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Делба: абиуџьет усзуҩцәа ашықәс алагамҭа инаркны ироушаз руалафахәы рзахырыԥхьаӡалоит

© Sputnik / Алексей МальгавкоПродавец на рынке пересчитывает деньги
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны ирыдыркылеит ақәҵара 2022 шықәсазы Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак руалафахәы ашьҭыхразы.
АҞӘА, ԥхынгәы 1- Sputnik. 2022 шықәсазы зуалафахәы шьҭыҵыз абиуџьет аусзуҩцәа ашықәс алагамҭа инаркны ирзацларан иҟаз аԥара рзахыԥхьаӡалахоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

"2022 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ирзацлаз аԥарақәа ахыԥхьаӡалахоит", - иҳәеит иара.

Делба иажәақәа рыла, аԥарақәа реихшара алыршахоит Ареспубликатә биуџьет ахышәаҵышәа аԥсахрала.
"Абиуџьет аиҭакрақәа ралагаларазы аусурақәа цоит. Уи 2022 шықәса алагамҭа инаркны ишьақәыргылатәуп. Азхьаԥшра ҷыда аиуеит зуалафахәы шьҭыҵуа иааныркыло амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара", - иҳәеит Делба.
Иара иҳәоит Аԥсны аиҳабыра аџьатә закәанԥҵара ақәныҟәара ахәҭаны ишыршьо (аӡәы штатки бжаки еиҳаны аанкылара азин анимам).
Заседание Кабмина Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2022
Аԥсны
Аиҳабыра абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит
"Азакәан аилагарақәа ахьыҟоу ыҟоуп. Уи аԥарақәа хықәкыла рныхра еиланагоит. Аштаттә хыԥхьаӡара азԥхьагәаҭоуп аҭахра инақәыршәаны, аха аҭахра аныҟам фактла иҟоу рхы иадырхәоит", - иҳәеит аминистр.
Аштаттә зыԥҵәаҿы 20 штаттә ак арбазар, урҭ рҟынтәи 15 хаҭәаазар, уи нызкыло жәохәҩык ҩба ма инеиҳаны штат ныркылозар, уи азакәан еиланагоит иҳәеит иара.
"Уи адагьы, хаз игоу хаҿқәак усбарҭак аҩнуҵҟаҿ акәымкәа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҿы аус руеит. Уи аԥарақәа ҵаҵӷәыда рхархәарахь икылнагоит", - иҳәеит Делба.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, аспорт, акультура, асоциалтә маҵзура аусзуҩцәа 2022 шықәсазы руалафахәы ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аԥсны агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, аспорт, акультура, асоциалтә маҵзура аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхразы 2015 шықәса мшаԥы 14 рзы нап зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы.
Аилатәараан аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аҳәынҭқарратә мал аимҵәара апрактика ишаҟәыҵтәу.

"Ари апроблема ӡбатәуп. Иуадаҩхоит, аха даҽа мҩак ыҟам. Иҟоуп ауаа жәба рҟынӡа ԥаратә хсаалага змоу. Анапхгаҩцәа ари азхьаԥшра арҭароуп. Иҟоуп аминистррақәеи аусбарҭақәеи зусзуҩцәа ауалафахәы лаҟәны изауа. Убри аан рнапхгаҩцәа 70-80, 100 нызқь рҟынӡа ироуеит, зыӡбахә сҳәаз ракәзар - 4-6 нызқь мааҭ", - иҳәеит Анқәаб.

Аппарат хадаҟынтәи шәалага. Иҟоуп фба-быжьба ҭыԥ рҿы аус зуа. Еилшәырга, иҳәеит аԥыза-министр.
Делба иҳәеит иҟоу азыԥҵәа еиҳаны аусзуҩ ауалафахәы имоуроуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0