Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Маслов идырбеит Лабра ақыҭан аӡахәааӡарҭақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВиноградник в селе Лабра
Виноградник в селе Лабра - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов идырбеит Лабра ақыҭан еиҭаҳау аӡахәааӡарҭа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы агәаҭарақәа рахь дахьцаз.
Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" хәышықәса инареиҳаны ара аӡахәахкқәа "Мерло", "Мальбек", "Изабелла" рааӡоит.
Аилахәыра адиректор хада Николаи Ачба асасцәа ирзеиҭеиҳәеит Лабра иргыларц игәы ишҭоу Европа идыргылақәа шатоқәа рҩыза акы, урҭ аекотуризм аҳасабала иаҭаар рылшоит.
Апроект инақәыршәаны, азауади ақьафурҭеи рыргыларазы иаҭахуп 500 миллион мааҭ. Аобиект апроект Маслов ирҭеит.
Уаанӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслови Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза иаҭааит, Бедиатәи ауахәама, Мықәтәи ауахәама, Очамчыратәи амшын баӷәаза, "Тамшь Village".
Аслан Бжьаниа Игор Маслов Аԥсныҟа иаара дахцәажәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Игор Маслов Аԥсныҟа иаара дахцәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0