Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

РУСДРАМ аиҳабы Урыстәыла Акультура аминистрра иҟанаҵо ацхыраараз: еснагь иаҳныруеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Ираклий Хинтба
Ираклий Хинтба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Анапаҵаҩра
Амедиагәыԥ "Россия Сегодня" Жәларбжьаратәи амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит ГИТИСи егьырҭ арҿиаратә ҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа рықәыргыламҭақәа ирызкыз апресс-конференциа.
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраара еиҳа-еиҳа иацнаҵоит, уи РУСДРАМ ибзиан ианыруеит ҳәа иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еинырра иазкыз авидеоцҳа Москва-Аҟәа аҟны.
"Уажә ҳазлацәажәо апроект, аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа ацхыраара рыҭаразы Урыстәыла Акультура аминистрра имҩаԥнаго асистематә усура иадҳәалоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аусура акыр ирцыхцыхуп", – иҳәеит Хынҭәба.
© Sputnik / Томас Тхайцук Амедиагәыԥ "Россия Сегодня" Жәларбжьаратәи амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит ГИТИСи егьырҭ арҿиаратә ҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа рықәыргыламҭақәа ирызкыз апресс-конференциа.
ПК с ректорами ГИТИС и МХАТ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Амедиагәыԥ "Россия Сегодня" Жәларбжьаратәи амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит ГИТИСи егьырҭ арҿиаратә ҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа рықәыргыламҭақәа ирызкыз апресс-конференциа.
Иара иажәақәа рыла, Акультура аминистр Ольга Лиубимова лганахьала ари ацхыраара еиҳа-еиҳа иацлоит.
Хынҭәба иазгәеиҭеит аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа рҿы ГИТИСи егьырҭ арҿиаратә ҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа рықәыргыламҭақәа шаԥшьигаз ГИТИС аректор Григори Заславски. Убас, РУСДРАМ аҿы иқәыргылан Евгени Закиров испектакль "Мама".
Аспектакль, Хынҭәба ишиҳәо ала, атеатр афиша, арепертуартә палитра арҿыцит.
"Сара сзы директорк иҳасаб ала ари алахәхара зыхәҭоу проект мацаран иҟам, ари систематә усураны сахәаԥшуеит. Избоит аспектакль, акоманда ссир ҳтеатр аизҳара ишацхрааз. Уи ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Ахәаԥшыҩцәа рҿы аспектакль қәҿиарала ирыдыркылоит", – иҳәеит иара.
Апресс-конференциа иалахәын: Урыстәыла аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ГИТИС аректор Григори Заславски, Урыстәыла жәлар рартист, Урыстәыла аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, МХАТ ашкол аректор Игор Золотовицки, ГИТИС аушьҭымҭацәа - арежиссиорцәа, ахореографцәа, асценографцәа.
Онлаин арежим ала урҭ рыҽрымардеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба, Ҟазахстан аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аурыс драматә театр адиректор Иаков Горельников.
Ажәабжьқәа зегьы
0