Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нестор Џьанба абокс азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ даԥсахеит Шәачатәи аицлабраҟны

© Foto / Эдуард ДепелянНестор Джанба
Нестор Джанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2022
Анапаҵаҩра
Нестор Џьанбеи Хорен Акопиани ақәыԥшцәа рыбжьара урыстәылазегьтәи абокс азы акласс "А" аҟны аспорт азҟаза ахьӡ аиуразы еиндаҭлон.
АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik, Бадри Есиава. 18 шықәса зхыҵуа аҟәатәи абоксиор Нестор Џьанба абокс азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ даԥсахеит Урыстәылазегьтәи абокс азы акласс "А" аицлабраҟны, абри атәы еиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Едуард Депелиан.

Егьи аԥснытәи боксиор Хорен Акопиан аҩбатәи аҭыԥ игеит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, аспортсмен хымз рышьҭахь анорматив анагӡаразы еиҭах алшара иоуеит Москва.

Нестор Џьанба афинал аҟны диқәшәеит чечентәылатәи аспортсмен Магомед-Салиах Мугаев, Хорен Акопиан диндаҭлон даӷьысҭантәи Ризван Курчаев.
"Аҷкәынцәа ирындаҭлоз аспортсменцәа ӷәӷәан. Ҳаспортсменцәа ҩыџьа рҟынтәи аӡәы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ игеит. Ирылшоз зегьы ҟарҵеит, алҵшәа саргәырӷьоит", - иҳәеит Депелиан.
Боксерская перчатка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2022
Аԥсны
Аԥснытәи абоксиорцәа Шәача имҩаԥысуа урыстәылазегьтәи атурнир афинал ахь инеит
СССР аԥырҩы-акосмонавт Витали Севастианов игәалашәаразы имҩаԥысуа атурнир иалахәуп Урыстәыла 33 регион рҟынтәи шәҩык инареиҳаны аспорстменцәа, Аԥснынтәи - ҩыџьа абоксиорцәа.
Витали Севастианов - аԥырҩы-акосмонавт, аполковник ԥхьатәа, Асовет Еидгыла ҩынтә Афырхаҵа, атехникатә ҭҵаарадыррақәа акандидат, зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза.
Лаҵара 31 2019 шықәсазы Урыстәыла ахада иусԥҟала Шәачатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ихьӡ ахҵан.
Ажәабжьқәа зегьы
0