Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳҭоурых ахыҵхырҭақәа аазырԥшуа аҵарауаҩ: Алықьса Папасқьыр изы

© Foto / из семейного архива Алексея Папаскир Алықьса Папасқьыр
Алықьса Папасқьыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Алықьса Папасқьыр ифундаменталтә усумҭақәа иреиуоу ишәҟәқәа ирызку анҵамҭа ҳадигалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Алықьса Луман-иԥа Папасқьыр ҳ-Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы акыр абиԥарақәа инапы иҵигахьеит, иааӡахьеит аурыс литература ажәытәӡатәи аҭоурыхи, Аԥсны аҭоурыхи ииашан рызнагараҿы, рыларҵәараҿы. Алықьса аҭоурыхҭҵааҩ иаша ишиҟазшьоу еиԥш, даара апринцип змоу, зҭоурыхтә иаша ахьчашьагьы иақәшәо ҵарауаҩуп, рҵаҩуп.
Уи акырынтә Аԥсны аҭоурых иазкны аԥсышәала ажурнал "Алашара" аҿы дықәгылахьеит, ианиҵахьеит инарҭбаау аусумҭа хатәрақәа, ахәшьарагьы аиухьеит ҳаԥхьаҩцәеи ҳҵарауааи рҟынтәи.
© Foto / из семейного архива Алексея Папаскир Алықьса Папасқьыр
Алексей Папаскир  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2022
Алықьса Папасқьыр
Абраҟа иазгәасҭар сҭахуп Алықьса Папасқьыр сара рҵаҩыс дышсымаз 1978 шықәсқәа рзы усҟан Максим Горки ихьӡ зхыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә институт афилологиатә факультет аҿы. Даҳзаԥхьон аурыс литература ажәытәӡатәи аҭоурых. Ҳара астудентцәа, усҟан алитература агәбылра зкхьаз ҳзыҳәан, даара аинтерес ду аҵан ҳарҵаҩы иҳаиҭоз амаҭәар, насгьы уи дмыццакӡакәа ҳзыԥхьаша адунеитә литература ахыҵхырҭақәа зегьы ҳзеиҭеиҳәон. Зны-зынла дианагон аԥсуаа ажәытәӡатәи ҳҭоурых ахь, ҳлитературахь, иԥшаауан адунеитә литературеи аԥсуа литературеи реизааигәара, реинырра. Аха еиҳарак уи илекциақәа анеиҭеиҳәоз, иџьоушьаша, ҳарҵаҩы дааҟәымҵӡакәа ҳаблақәа дырхыԥшылон, урҭ ирыҵибаар иҭахызшәа уи аҭоурых иацыз ахьаа ҳаблақәа шаҟа ирныԥшуаз.
Аҵарауаҩ ифундаменталтә усумҭақәа иреиуоуп ишәҟәқәа – " Аԥсны аҭоурых аиҭарҿиареи ареабилитациеи ирызку аочеркқәа", "Обезаа (Аԥсуаа) ажәыҭәӡатәи аурыс хыҵхырҭақәа рҿи Аԥсны аҭоурых иазку проблемақәаки".
Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа 10-тәи ашкол аҿы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор раԥхьатәи ишәҟәы "Аочеркқәа" азкуп аԥсуа жәлар рҭоурых аиреи аиҭарҿиареи. Аусумҭаҿы инарҭбааны ицәыргоуп иахьатәи аԥсуаҭҵаареи аҭоурыхҭҵаареи рҭагылазаашьа. Убри аамҭазы, зегь раҵкыс зҿлымҳара азууп абжьарашәышықәсазтәи аамҭа, хыла VIII-XIII ашәышықәсақәа, илегендатәу Аԥсуа ҳәынҭқарра аамҭазы.
Автор араҟа дазааҭгылоит иахьа ҳҭоурых апсуа рҵагатә шәҟәқәа рҿы шаҟа ииашаны аҿар ирызнагоу, иаартны иҳәоит игәаанагара иҵегь еиӷьтәны анагашьазы…
Аҩбатәи, даара ҿыгҳарылагьы идуу "Обезы" астудентцәа рхала ракәӡам рҵага шәҟәык аҳасабала иззынархоу, уи интересс иркыр рылшоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, еиҳаракгьы Кавказ аҭоурых иазҿлымҳау, ииашаҵәҟьаны еилызкаарц зҭаху аԥсуааи, аурысқәеи, ақырҭқәеи ажәытәӡатәи реизыҟазаашьақәа.
Абраҟа хымԥада иазгәаҭатәуп, абри ашәҟәы раԥхьатәи аҭыжьымҭа 2005 шықәсазы ишҭыҵыз Аԥсны актәи Ахада Арӡынба Владислав Григори-иԥа ицхыраарала. Ашәҟәы ианынҭыҵ инаркны ахәшьара ҳаракы аиуит, рыбжьы ақәдыргеит ҳинтеллигенциа, ҳакадемикцәа: Ш.Ҟ. Арсҭаа, Г.К. Шамба, О.Б. Шамба, В.Е. Кәарҷиа, ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи - Б.М.Ҭыжәба, Д.К.Чачхалиа, А.Хә. Аргәын, Иу.Г. Аргәын, В.Л. Бигәаа, Е.К. Аџьынџьал, асахьаҭыхҩы бзиа Б.Р. Џьапуа уҳәа убас егьырҭгьы.
Ӡаӡ Дарсалиа ихьӡ зху апремиа анашьара - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2018
Ахаан ажәытәра иамго: Ӡаӡ Дарсалиа ихьӡ зху апремиа анашьара мҩаԥысит
Ари амонографиа актәи аҭыжьымҭа шьаҭас иаиуит автор идоктортә диссертациа, иара убасгьы, убри актәи аҭыжьымҭа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, автор илиршеит ҷыдалатәи акурсқәа реиқәыршәара Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы аҭоурыхтәи афилологиатәи факультетқәа рзы.
Иазгәаҭатәуп, абри ашәҟәы академик В.Е. Кәарҷиа епохатә шәҟәуп ҳәа шазиҳәаз.
Ааигәаӡа аҵарауаҩ ииҩыз истатиа "Иарбан ҳәынҭқарроу изхагылаз аҳәынҭқар Давид Аргылаҩи аҳәынҭқарԥҳәыс Ҭамареи" аҿы иазгәеиҭоит:
"Уи ус ауп, аха 975-978 шықәсқәа рзы иҟалаз ахҭысқәа Давид Куропалат ибзоурала имҩасит ҳәа ҳҳәар ҳиашаӡам. Урҭ ахҭысқәа еиҿызкааз Аԥсуа ҳәынҭқарра иахагылаз афеодалцәа шракәыз лакҩакра ҟарҵом иахьа акрыздыруа, иҭышәынтәалоу аҭоурыхҩҩцәа зегьы. Иҟалаз уиоуп, X ашәышықәса азбжазы Аԥсуа ҳәынҭқарра знапаҟны иҟаз аполитикатә елита маӡала идырмазеит рҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аҿиара иазкыз астратегиатә план апроект. Ари апроект анагӡара ауан еибашьрада, ҭынч ԥсҭазаарала. Ари апроект аҵакы: аԥсуа феодалцәа ишырыӡбаз ала, аҳәынҭқар Феодоси III Алашә Аԥсуа ҳәынҭқарра дахганы, иҭыԥ иқәыԥшу, насгьы аперспектива бзиа змаз Баграт III ирҭарц. Баграт III ари адҵа анагӡара илшартә дыҟан, избанзар уи, ганкахьала, Леонидраа рдинастиа ахылҵҭынха иакәын; уи зыхҟьаз – Феодоси III иашьцәагьы иаргьы хылҵшьҭра рымаӡамызт. Даҽа ганкахьала, Баграт III дзааӡаз Давид Куропалатгьы хылҵ димаӡамызт, убри аҟынтә Давид Куропалат дызхагылаз аҭауадтә ҳәынҭқарра закәанла Баграт III иахь ииасраны иҟан. Уи адагьы, Қарҭли иахагылаз Баграт III иан Гурандухт лакәын. Ус анакәха, Қарҭлигьы хылҵшьҭрала Баграт III иахь ииасуан. Абарҭқәа зегьы еидхәыцланы ауп аԥсуаа рҳәынҭқарра Баграт III дзахадыргылаз. Аха ақырҭуа фальсификаторцәа ари аԥсуаа рпроект рылақәа хҩаны иавсны, Давид Куропалат иоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра Баграт III дахазыргылаз ҳәа иаҳҿагылоуп. Уи ус шакәым дара Қарҭтәи аҭоурыхҩҩцәа иреиӷьу аҭҵааҩцәагьы иаахтны ирымҳәар амуа иҟалеит. Ҿырԥштәыс иаагап академик Г. А. Меликишвили иажәақәа: "Абхазское царство и в эту эпоху (конец X в. – А. П.) было столь сильным… что правители (Тао) вряд ли могли тешить себя иллюзиями о присоединении его к своим владениям… Было ясно, – инаигӡоит иажәа аҭҵааҩы, – что этим актом (акт 975–978 гг. – А. П.) делалось не его (Давид Куропалат – А. П.), а чужое дело – правящая прослойка Абхазии получала возможность мирных путем получить то, что ей не удалось добиться силой: присоединить к Абхазии не только Картли, но и… одну часть владений Багратионов в … Тао". Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа еицырдыруа академик А.П. Новосельцев, Меликишвили ипозициа дақәшаҳаҭхо, иҩит: "Меликишвили… убедительно доказал, что не Тао, поглощённое Византией… а Абхазское царство стало центром объединения страны". Аԥсуа ҳәынҭқарра Баграт III дызхадыргылаз акәзар, ҳәараҭахума, X ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҵыхәа ԥҵәеит ҳәа аҳәара зынӡа ишиашам ззымдыруа агаӡа иоуп. Зынӡа иҵакыдароуп усҟанҵәҟьа еиҿыркаазшәа еиду ақырҭуа ҳәынҭқарра ҳәа аҩра. Ақырҭқәа рзеиԥштә ҳәынҭқарра ҟамлеит X ашәышықәса анҵәамҭазгьы, XI ашәышықәса анҵәамҭазгьы".
Аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр ҳазну ашықәс азы иҭижьит ашәҟә ҿыц, иахьӡуп иара "Аԥсуаҭҵаарадырратә ҭоурыхдырраҿы хымԥада иаҭахуп инарҵаулоу ареформа".
Ари ашәҟәаҿы инарҵауланы иаарыԥшуп аԥсуа-аурыс-қырҭуатә еизыҟазаашьа ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа.
Автор араҟа ҭоурыхла иҭҵааны инаҵшьны иазгәеиҭоит уаҵәы игыло аҿар аиаша рдырырц азы, иҵегь аҭоурыхтә усумҭақәа ркьыԥхьреи, рыларҵәареи шаҭаху.
© Foto / из семейного архива Алексея Папаскир

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/5

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи

© Foto / из семейного архива Алексея Папаскир

Алықьса Папасқьыр

Алықьса Папасқьыр - Sputnik Аҧсны
2/5

Алықьса Папасқьыр

© Foto / из семейного архива Алексея Папаскир

Алықьса Папасқьыр

Алықьса Папасқьыр - Sputnik Аҧсны
3/5

Алықьса Папасқьыр

© Foto / из семейного архива Алексея Папаскир

Алықьса Папасқьыр

Алықьса Папасқьыр - Sputnik Аҧсны
4/5

Алықьса Папасқьыр

© Foto / из семейного архива Алексея Папаскир

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
5/5

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи

1/5

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи

2/5

Алықьса Папасқьыр

3/5

Алықьса Папасқьыр

4/5

Алықьса Папасқьыр

5/5

Алықьса Папасқьыр иҭаацәеи иареи

Абри аҭыжьымҭа даара интересс икны иаԥхьар рылшоит аԥсуа школқәеи ҳуниверситети рырҵаҩцәеи, иара убасгьы егьырҭ аҵараиурҭақәагьы. Уи иара убасгьы ирыдгалазар бзиоуп аԥсуаҭҵааҩцәа, кавказҭҵааҩцәа, Аԥсны аҭоурых зҿлымҳара азызуа зегьы.
Аҵыхәтәан иазгәаҭазар сҭахуп инарҵаулоу аҭҵаарадырра иазкым, аха информациак аҳасабала аԥсуа ԥхьаҩ идыруазарц исҭахыз ҳаԥсуа ҵарауаҩ иусумҭақәа рӡыргара иадҳәалоу сыстатиа ахықәкы уаҵәтәи ҳҿар рҭоурых азхьарԥшра шакәу.
Убри азы, ара иааинырслан ҳазлацәажәаз аҵарауаҩ ишәҟәқәа рнаҩсангьы уи имоуп аҭоурых иазку ихатәрақәоу даҽа бжь-шәҟәык. Урҭ рыхьӡқәеи, иахьҭыжьуи ианҭыжьуи арбаны аԥхьаҩ иԥшаар ҟалоит аҵыхәтәан ҳзыхцәажәаз ашәҟәы: "Аԥсуаҭҵаарадырратә ҭоурыхдырраҿы хымԥада иаҭахуп инарҵаулоу ареформа" захьӡу 2022 шықәсазы Аҟәа -"Акьыԥхь аҩны" аҟны иҭыҵыз, адаҟьақәа: 124-125 рҿы.

Абраҟа иазгәаҭатәуп, автор даара иџьушьаша, иагьимаурҽхәаша даҽакгьы: аҵарауаҩ урысшәала иаԥиҵаз иҩымҭақәа рыхәҭак иара ихала ма аԥсшәахь еиҭеигоит, ма аԥсышәала иҩуеит!.. Ари қәҿиара дууп ҳәа азуԥхьаӡар ҟалоит, избанзар уи раԥхьа иргылан еиликаауеит иусумҭақәа ижәлар гәакьа аԥсуаа рзы ишҩу, нас егьырҭ амилаҭқәагьы идирдырыртә алшареи, уи иақәнагоу аҵара бзиеи, агәаӷьреи имоуп!

Ҳара иаҳҭахуп абасеиԥш иҟоу ҳҵарауаа рышәҟәқәа иахьынӡахәҭоу аӡыргара рыгымхарц, избаназар, уи ҳара ҳзықәгылоу ҳҭоурых ауп!
Ажәабжьқәа зегьы
0