https://sputnik-abkhazia.info/20220822/1041055401.html
Ашьхақәа иреиӷьу ыҟам: Ауадҳаратәи аҭоурыхқәа
Ашьхақәа иреиӷьу ыҟам: Ауадҳаратәи аҭоурыхқәа
Sputnik Аҧсны
Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргоит. Sputnik еиднакылеит Ауадҳаратәи аԥсшьара иаҵоу агьамеи адоуҳаи... 22.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-22T14:34+0300
2022-08-22T14:34+0300
2022-08-22T14:34+0300
афотосахьақәа
аԥсшьара
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/15/1041055740_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_115cbb2d6d8607ac3b13f922b46a1871.jpg
Ауадҳара — Аԥсны ашьхараҿы илеиуа ӡиасуп, иара убас ашьхаратә бальнеологиатә курортуп, уи амшын инахыкны 1650—1700 метра иҳараку аҭыԥ аҿы иҟоуп, аӡиа Риҵаҟынтәи 18 километра аҩадахьы.Аԥхынра Ауадҳара ахгара аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи рзы традициак ирзаҩызахеит. Ашьхарахь ихалоит ҭаацәаныла, аиҩызцәа еиманы. Араатәи аԥсабара аԥшӡареи аҭынчреи ақалақь аҟны еилашуа аԥсҭазаараҟынтәи уԥсы унаршьоит, угәы уханаршҭоит. Ашьхарахь ихало рыбла иаахгылоит ана-ара асы зқәу ашьхақәа, абна иаҵәара, аӡхыҽҽақәа, аӡиасқәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/15/1041055740_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_cc627c99681046d2e89fb82789e9ebe8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсшьара, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсшьара, аԥсны
Ашьхақәа иреиӷьу ыҟам: Ауадҳаратәи аҭоурыхқәа
Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргоит. Sputnik еиднакылеит Ауадҳаратәи аԥсшьара иаҵоу агьамеи адоуҳаи аазырԥшуа афотосахьақәа.
Ауадҳара — Аԥсны ашьхараҿы илеиуа ӡиасуп, иара убас ашьхаратә бальнеологиатә курортуп, уи амшын инахыкны 1650—1700 метра иҳараку аҭыԥ аҿы иҟоуп, аӡиа Риҵаҟынтәи 18 километра аҩадахьы.
Аԥхынра Ауадҳара ахгара аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи рзы традициак ирзаҩызахеит. Ашьхарахь ихалоит ҭаацәаныла, аиҩызцәа еиманы. Араатәи аԥсабара аԥшӡареи аҭынчреи ақалақь аҟны еилашуа аԥсҭазаараҟынтәи уԥсы унаршьоит, угәы уханаршҭоит. Ашьхарахь ихало рыбла иаахгылоит ана-ара асы зқәу ашьхақәа, абна иаҵәара, аӡхыҽҽақәа, аӡиасқәа.

Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргоит.

Ари аҩыза асахьа ашьхараҿы лассы иуԥыло акоуп. Афотоҭыхыҩцәа рзы "ималуп".

Ашьха ӡиасқәа цқьоуп, ихаауп, даарагьы ихьшәашәоуп. Ашоура бааԥсы ыҟазаргьы аҽыкәабара згәаӷьуа маҷуп.

Аҩнатә ԥстәқәагьы аԥсшьара рҭахуп.

Ауадҳара ақьалақәа ргыланы зыԥсы зшьо рацәаҩуп.

Ауадҳаратәи ашәҭқәа, аԥсҭазаара угәазырԥхо аԥшшәқәа.

Амцаҿы иршу акаҳуа еиӷьу ыҟоума?

Ҭынч, шәыгәҭахәыцрақәеи шәареи шәеизаанханы ашьха шәагәыдаԥшыло шәтәарц шәылшоит.

Аныҟәарақәа бзиа избо рзы ашьхараҟны иубаша рацәоуп.

Ауадҳара аԥшӡара дыхнахуеит знык иадамхаргьы уи збаз.

Ҽынла Ауадҳара шоуроуп, аха ахәылбыҽха ихьшәашәарахоит.

Ауадҳара активла аԥсшьара бзиа избо рзы иреиӷьу ҭыԥуп.

Укәша-мыкәша иҟоу убла хызкуа аԥшӡарақәа арыхәаԥшрадагьы уаҳа ак уҭахым араҟа.

Есышықәса анхацәа рырахә рыманы ашьха ихалоит. Уи аамҭагьы шьхацани шьхалбаани ҳәа еихыршоит.

Ауадҳара атуристцәагьы бзиа ирбоит.

Ауадҳара - ухы, угәы, уцәаҩала уԥсы ахьушьо, џьара ҿкык сыхьп ҳәа уахьацәымшәо ҭыԥуп.