Ашьхақәа иреиӷьу ыҟам: Ауадҳаратәи аҭоурыхқәа

Анапаҵаҩра
Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргоит. Sputnik еиднакылеит Ауадҳаратәи аԥсшьара иаҵоу агьамеи адоуҳаи аазырԥшуа афотосахьақәа.
Ауадҳара — Аԥсны ашьхараҿы илеиуа ӡиасуп, иара убас ашьхаратә бальнеологиатә курортуп, уи амшын инахыкны 1650—1700 метра иҳараку аҭыԥ аҿы иҟоуп, аӡиа Риҵаҟынтәи 18 километра аҩадахьы.
Аԥхынра Ауадҳара ахгара аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи рзы традициак ирзаҩызахеит. Ашьхарахь ихалоит ҭаацәаныла, аиҩызцәа еиманы. Араатәи аԥсабара аԥшӡареи аҭынчреи ақалақь аҟны еилашуа аԥсҭазаараҟынтәи уԥсы унаршьоит, угәы уханаршҭоит. Ашьхарахь ихало рыбла иаахгылоит ана-ара асы зқәу ашьхақәа, абна иаҵәара, аӡхыҽҽақәа, аӡиасқәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргоит.

Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргоит. - Sputnik Аҧсны
1/16

Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари аҩыза асахьа ашьхараҿы лассы иуԥыло акоуп. Афотоҭыхыҩцәа рзы "ималуп".

Ари аҩыза асахьа ашьхараҿы лассы иуԥыло акоуп. Афотоҭыхыҩцәа рзы "ималуп". - Sputnik Аҧсны
2/16

Ари аҩыза асахьа ашьхараҿы лассы иуԥыло акоуп. Афотоҭыхыҩцәа рзы "ималуп".

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ашьха ӡиасқәа цқьоуп, ихаауп, даарагьы ихьшәашәоуп. Ашоура бааԥсы ыҟазаргьы аҽыкәабара згәаӷьуа маҷуп.

Ашьха ӡиасқәа цқьоуп, ихаауп, даарагьы ихьшәашәоуп. Ашоура бааԥсы ыҟазаргьы аҽыкәабара згәаӷьуа маҷуп. - Sputnik Аҧсны
3/16

Ашьха ӡиасқәа цқьоуп, ихаауп, даарагьы ихьшәашәоуп. Ашоура бааԥсы ыҟазаргьы аҽыкәабара згәаӷьуа маҷуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҩнатә ԥстәқәагьы аԥсшьара  рҭахуп.

Аҩнатә ԥстәқәагьы аԥсшьара  рҭахуп. - Sputnik Аҧсны
4/16

Аҩнатә ԥстәқәагьы аԥсшьара  рҭахуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауадҳара ақьалақәа ргыланы зыԥсы зшьо рацәаҩуп.

Ауадҳара ақьалақәа ргыланы зыԥсы зшьо рацәаҩуп. - Sputnik Аҧсны
5/16

Ауадҳара ақьалақәа ргыланы зыԥсы зшьо рацәаҩуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауадҳаратәи ашәҭқәа, аԥсҭазаара угәазырԥхо аԥшшәқәа.

Ауадҳаратәи ашәҭқәа, аԥсҭазаара угәазырԥхо аԥшшәқәа. - Sputnik Аҧсны
6/16

Ауадҳаратәи ашәҭқәа, аԥсҭазаара угәазырԥхо аԥшшәқәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амцаҿы иршу акаҳуа еиӷьу ыҟоума?

Амцаҿы иршу акаҳуа еиӷьу ыҟоума? - Sputnik Аҧсны
7/16

Амцаҿы иршу акаҳуа еиӷьу ыҟоума?

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҭынч, шәыгәҭахәыцрақәеи шәареи шәеизаанханы ашьха шәагәыдаԥшыло шәтәарц шәылшоит.

Ҭынч, шәыгәҭахәыцрақәеи шәареи шәеизаанханы ашьха шәагәыдаԥшыло шәтәарц шәылшоит. - Sputnik Аҧсны
8/16

Ҭынч, шәыгәҭахәыцрақәеи шәареи шәеизаанханы ашьха шәагәыдаԥшыло шәтәарц шәылшоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҟәарақәа бзиа избо рзы ашьхараҟны иубаша рацәоуп.

Аныҟәарақәа бзиа избо рзы ашьхараҟны иубаша рацәоуп. - Sputnik Аҧсны
9/16

Аныҟәарақәа бзиа избо рзы ашьхараҟны иубаша рацәоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауадҳара аԥшӡара дыхнахуеит знык иадамхаргьы уи збаз.

Ауадҳара аԥшӡара дыхнахуеит знык иадамхаргьы уи збаз. - Sputnik Аҧсны
10/16

Ауадҳара аԥшӡара дыхнахуеит знык иадамхаргьы уи збаз.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҽынла Ауадҳара шоуроуп, аха ахәылбыҽха ихьшәашәарахоит.

Ҽынла Ауадҳара шоуроуп, аха ахәылбыҽха ихьшәашәарахоит.  - Sputnik Аҧсны
11/16

Ҽынла Ауадҳара шоуроуп, аха ахәылбыҽха ихьшәашәарахоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауадҳара активла аԥсшьара бзиа избо рзы иреиӷьу ҭыԥуп.

Ауадҳара активла аԥсшьара бзиа избо рзы иреиӷьу ҭыԥуп. - Sputnik Аҧсны
12/16

Ауадҳара активла аԥсшьара бзиа избо рзы иреиӷьу ҭыԥуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Укәша-мыкәша иҟоу убла хызкуа аԥшӡарақәа арыхәаԥшрадагьы уаҳа ак уҭахым араҟа.

Укәша-мыкәша иҟоу убла хызкуа аԥшӡарақәа арыхәаԥшрадагьы уаҳа ак уҭахым араҟа. - Sputnik Аҧсны
13/16

Укәша-мыкәша иҟоу убла хызкуа аԥшӡарақәа арыхәаԥшрадагьы уаҳа ак уҭахым араҟа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Есышықәса анхацәа рырахә рыманы ашьха ихалоит. Уи аамҭагьы шьхацани шьхалбаани ҳәа еихыршоит.

Есышықәса анхацәа рырахә рыманы ашьха ихалоит. Уи аамҭагьы шьхацани шьхалбаани ҳәа еихыршоит. - Sputnik Аҧсны
14/16

Есышықәса анхацәа рырахә рыманы ашьха ихалоит. Уи аамҭагьы шьхацани шьхалбаани ҳәа еихыршоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауадҳара атуристцәагьы бзиа ирбоит.

Ауадҳара атуристцәагьы бзиа ирбоит. - Sputnik Аҧсны
15/16

Ауадҳара атуристцәагьы бзиа ирбоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауадҳара - ухы, угәы, уцәаҩала уԥсы ахьушьо, џьара ҿкык сыхьп ҳәа уахьацәымшәо ҭыԥуп.

Ауадҳара - ухы, угәы, уцәаҩала уԥсы ахьушьо, џьара ҿкык сыхьп ҳәа уахьацәымшәо ҭыԥуп. - Sputnik Аҧсны
16/16

Ауадҳара - ухы, угәы, уцәаҩала уԥсы ахьушьо, џьара ҿкык сыхьп ҳәа уахьацәымшәо ҭыԥуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0