https://sputnik-abkhazia.info/20220917/chernyshenko-eieieit-aushyrat-y-adler-aneiashayrgylakho-1041556802.html
Чернышенко еиҭеиҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" анеиҭашьақәыргылахо
Чернышенко еиҭеиҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" анеиҭашьақәыргылахо
Sputnik Аҧсны
Ҵыԥх урыстәылаа Аԥсны аҳәаа хә-миллионынтә иахысит, сынтәа актәи ашықәсбжазы ҩ-миллионк рҟынӡа инаӡахьеит. 17.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-17T09:15+0300
2022-09-17T09:15+0300
2022-09-17T09:15+0300
ажәабжьқәа
аекономика
ауаажәларра
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0a/1033186811_2:0:2598:1460_1920x0_80_0_0_16bdd13ced3c711da3b9d89815ee61f1.jpg
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Автомобилтә ҳәаахьчаратә ҭыԥ "Адлер" алшарақәа 2025 шықәса рҟынӡа уахыки-ҽнаки рыла иоунашьҭуа шә-нызқьҩык ауааи 20 нызқь амашьынақәеи еиздырҳап ҳәа ргәы иҭоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даниԥылоз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра рыпресс-маҵзура."Аҩтәылак рыбжьара атуризм арҿиара иадҳәалоу азҵаара хадақәа иреиуоуп аҭыԥ аманшәалара. Раԥхьа иргыланы, аушьҭырҭатә ҭыԥ арҭбаара ҳгәы иҭоуп, уахыки-ҽнаки рыла шә-нызқьҩык ауааи 20 нызқь амашьынақәеи аунашьҭларц азы. Уи азы аусура цоит. Анаҩс - ахаиреимадара аартра. Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп", - иҳәеит Чернышенко.Иара агәрагара ааирԥшит еиԥмырҟьаӡакәа аус зуло аҳаиреимадара Аԥсны економикала аҿиареи аизҳазыӷьареи ишацхраауа, Урыстәыла зегь аҟынтәи анаплакҩцәеи аныҟәаҩцәеи азҿлымҳахоит.Аушьҭырҭа "Адлер" аиҭашьақәыргылара аҳәынҭқарратә программа "Атранспорттә система аизырҳара" иалаҵоуп, аусурақәа хыркәшахоит 2025 шықәсазы. Уи адагьы, аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи ахәаахәҭра арҿиара. Убас, аихшьалақәа рыла, 2021 шықәсазтәи атауареикәшара 27 миллиард мааҭ артәеит 2020 шықәса иарбаз арбага аасҭа, уи 37% рыла еиҳауп 2020 шықәсазы аасҭа.
https://sputnik-abkhazia.info/20220916/bzhaniei-chernyshenkoi-asny-aturistt-uskhk-ialatsazheit-1041547371.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0a/1033186811_326:0:2273:1460_1920x0_80_0_0_e0f51924df8359beba39ac7a3462f1f5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аекономика, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аекономика, ауаажәларра
Чернышенко еиҭеиҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" анеиҭашьақәыргылахо
Ҵыԥх урыстәылаа Аԥсны аҳәаа хә-миллионынтә иахысит, сынтәа актәи ашықәсбжазы ҩ-миллионк рҟынӡа инаӡахьеит.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Автомобилтә ҳәаахьчаратә ҭыԥ "Адлер" алшарақәа 2025 шықәса рҟынӡа уахыки-ҽнаки рыла иоунашьҭуа шә-нызқьҩык ауааи 20 нызқь амашьынақәеи еиздырҳап ҳәа ргәы иҭоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даниԥылоз. Абри атәы
аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра рыпресс-маҵзура.
"Аҩтәылак рыбжьара атуризм арҿиара иадҳәалоу азҵаара хадақәа иреиуоуп аҭыԥ аманшәалара. Раԥхьа иргыланы, аушьҭырҭатә ҭыԥ арҭбаара ҳгәы иҭоуп, уахыки-ҽнаки рыла шә-нызқьҩык ауааи 20 нызқь амашьынақәеи аунашьҭларц азы. Уи азы аусура цоит. Анаҩс - ахаиреимадара аартра. Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп", - иҳәеит Чернышенко.
Иара агәрагара ааирԥшит еиԥмырҟьаӡакәа аус зуло аҳаиреимадара Аԥсны економикала аҿиареи аизҳазыӷьареи ишацхраауа, Урыстәыла зегь аҟынтәи анаплакҩцәеи аныҟәаҩцәеи азҿлымҳахоит.
"Атуристтә усхк ҳара ҳзын ихадоуп. Ҳара ҳазҿлымҳауп урыстәылатәи аинвестор ҳтәыла иҽалархәра. Аԥсны алшара дуқәа амоуп, хаҭала Аԥсны Мрагылара. Ҳара ҳгәыӷуеит аҳаирбаӷәаза аусура ишалагалакгьы арҭ араионқәа рыҟны аԥсҭазаара аҽаԥсахып ҳәа. Адунеи ахь аҽхышәс иҳамоу – аушьҭырҭа Ԥсоу ауп. Ари аушьҭырҭатә ҭыԥ арҭбаара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара амҩа рыҭатәуп", - иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аушьҭырҭа "Адлер" аиҭашьақәыргылара аҳәынҭқарратә программа "Атранспорттә система аизырҳара" иалаҵоуп, аусурақәа хыркәшахоит 2025 шықәсазы.
Уи адагьы, аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи ахәаахәҭра арҿиара. Убас, аихшьалақәа рыла, 2021 шықәсазтәи атауареикәшара 27 миллиард мааҭ артәеит 2020 шықәса иарбаз арбага аасҭа, уи 37% рыла еиҳауп 2020 шықәсазы аасҭа.