Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿартә форум "Уаҵәтәи амш еицаԥҵо" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Очамчира
Администрация города Очамчира - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2022
Анапаҵаҩра
Афорум аусура еиҿкаахоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла: аволонтиорра, апроекттә усура, амедиа, аҿартә хеилакқәеи ахаланапхгараҭарақәеи.
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Очамчыра, жьҭаара 21-26 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аҿартә форум "Уаҵәтәи амш еицаԥҵо" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Абри атәы ааанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы асаит.
Афорум иалахәхар рылшоит 18 - 35 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаа. Афорум аусура еиҿкаахоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла: аволонтиорра, апроекттә усура, амедиа, аҿартә хеилакқәеи ахаланапхгараҭарақәеи.
Аиндаҭлара алахәхаразы жьҭаара 1 аҟынӡа анкета харҭәаатәуп. Аконкурс алахәылацәа алыркаауеит Аҳәынҭеилакы аиндаҭларатә комиссиа.
Аиҿкааҩцәа афорум иадырԥхьаларц ргәы иҭоуп араионтә ҿартәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рлахәылацәа, аҿартә еиҿкаарақәа раԥхьагылаҩцәа, аҵараиурҭақәа рыстудентцәа, аҿартә политика знапы алаку аилазаарақәа русзуҩцәа. Аԥсны атәылауаа реиԥш ауснагӡатә иалахәхар рылшоит Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, ДЖәР, ЛЖәР рҟынтәи аҿар.
Инаԥшьба Уфатәи аҿар рфорум азы: атәым ҳәынҭқарраҿы аҩызцәа ҳамоуп ҳҳәар ауеит   - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2022
Арадио
Инаԥшьба Уфатәи аҿар рфорум азы: атәым ҳәынҭқарраҿы аҩызцәа ҳамоуп ҳҳәар ауеит
Апроект анагӡараз агрант ианашьан Аԥсны ахада иҿы иаԥҵо Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аусзуҩ Камыгә Габраа, 2022 шықәсазы Оренбург имҩаԥысуаз Горчаков ихьӡ зхыҵуаз адипломатиа адгылараз афорум "Евразия Global" аиндаҭлара алкаақәа рыла.
Апроект мҩаԥысуеит аспорт азы Аԥсны Аҳәынҭеилакы афинанстәии аиҿкааратәии дгыларала.
Ажәабжьқәа зегьы
0