Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР аҟны ирҳәеит аекономикатә цәгьоурақәа раарԥшраҿы ирԥырхагоу ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2022
Анапаҵаҩра
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа реилатәара мҩаԥысит Аҟәатәи аӡбарҭаҟны цәыббра 20 азы.
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа аекономикатә цәгьоурақәа раарԥшраҿы ирԥырхагоу ртәы еиҭарҳәеит Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа реилатәараҟны.
Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы аҟәша аиҳабы Вадим Гиголаев еиҭеиҳәеит иалкаау ауадаҩрақәа ртәы.
Урыстәыла аус зуа аиуристтәи ауаҩытәыҩсатәи хаҿқәеи рзы адыррақәа аиура. Уи азы азыҳәақәа Урыстәылаҟа инарышьҭуеит, уи иахҟьаны аоперативттә гәаҭарақәа рыҿҳәара иахыԥоит.
ачынуаа рнапынҵақәеи ззин рымоуи шьақәзыргыло азинтә-нормативтә актқәа рыҟамзаара.
Аԥсны Ашьаусԥшааратә кодекс аҟны акоррупциа ахырхарҭала аилыргеи ахәҭаҷқәеи ахьарбам.
"Аҳәынҭқарратә чынуаа" рзы азакәан аҟамзаара.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР амҩатә машәырқәа рганахь ала ашьаусҭҵаарақәа раан аилагарақәа аанарԥшит
Иара убас Гиголоев ажьырныҳәа 1 инаркны иахьанӡа аусбарҭа имҩаԥнагахьо аусқәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Аҵәахырҭатә банк аоперационисткацәа рганахьала ашьаус хацыркуп, дара рмаҵзуратә ҭагылазаашьа рхы иархәаны амазара еимырҵәеит. Дара рганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 ала. Ашьаус аӡбарҭаҟны иахәаԥшуеит.
Аҳәынҭусбарҭа "Аԥсны аҟәара ахьчара" амаҵурауаа рганахьала мҽхакы ҭбаала амал еимырҵәеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны агәаҭара мҩаԥган (АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4). Амтериалқәа Аԥсны ААр Ашьаусԥшаара аусбарҭа аҟны иҟоуп.
Ԥхынгәы 11 2017 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 19 2018 шықәса рҟынӡа Аԥсны Аҵәахбанк Афонҿыцтәи аҟәшаҟны иҟалаз аԥарафаразы (9,4 млн) агәаҭара мҩаԥган. Аматериалқәа ААР ахь инашьҭуп.
Анергетика ахархәаразы иҟаз аилагарақәа рзы агәаҭара мҩаԥган СФТИ ахыбраҟны. Анапынҵақәа рахыҳәҳәареи аҭакԥхықәрадареи рзы аматериалқәа ААР ахь инашьҭуп.
Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа рганахь ала ашьаусҭҵаара иалаган. Дара ахара рыдырҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 (атәым мазара аӷьычра амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала) инақәыршәаны. Аматериалқәа ргәаҭара алҵшәақәа рыла ашьаус хацыркуп.
АШәМ рыцхыраарала ԥыхьатәи Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лганахьала амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥган. Скорик лханахьала ашьаус хацыркуп амаҵуратә напынҵақәа ҩынтә рхыҳәҳәареи аҳәынҭқарратә мазара ԥшьынтә ахатәтәреи аныхреи мҩаԥылгеит ҳәа.
Людмила Скорик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Аԥсны
Аԥсны Апрокуратура хада Лиудмила Скорик лганахьала ашьаус хацнаркит
Ажәабжьқәа зегьы
0