Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба: ицаҳәцаҳәуа Урыстәыла аҭак иахьанӡа мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа агәра ргомызт

Ҳагба: ицаҳәцаҳәо Урыстәыла аҭак иахьанӡа Мраҭашәаратәи ҳәынҭқарақәа агәра ргомызт
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы Урыстәылеи Белоруссиеи еицырзеиԥшу ар ррегионалтә гәыԥ аԥҵаразы Лукашенко иажәақәа ахҳәаа риҭеит, иара убасгьы Путин иҳәамҭа Киев иҿыцу атерактқәа Урыстәыла анаԥшьнага аамҭазы аҭак шыҟало атәы далацәажәеит.
Александр Лукашенко иҳәеит Урыстәылеи Белоруссиеи еицырзеиԥшу ар ррегионалтә гәыԥ шаԥырҵо. Иара иазгәеиҭеит ар ргәыԥ шеиҿкаахо ҩымш рыҩнуҵҟа. Уи ашьҭахь Вламир Путин ахәамҭа ҟаиҵеит ашьыжь украинатәи афымцамчтә хыбрақәа ишреихсыз.
Иҷыдоу аоперациа даҽа ҟазшьақәак аанахәеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Ахҭысқәа иахьа шьыжьымҭан инаркны убас имҩаԥысуа иалагеит, иҷыдоу аоперациа даҽа ҟазшьақәак аанахәеит. Уи зыхҟьаз Украина имҩаԥнагоз атеррористтә актқәа роуп. Уи аҭак аиуит иахьа. Путин иқәгылараҿы ҳара макьана иҷыдоу операциа ишахәҭоу ҳаламгацт ҳәа аниҳәоз, џьоукы ахыччон. Украина аԥжәарақәа иаҳдырбоит Урыстәыла изқәыркыз аҵыхәтәанынӡа ишынарыгӡо. Беларуси Урыстәылеи рыррамчқәа реидҵара атәы акәзар, Лукашенко ицәажәарақәа рҿы иҳәон, иаҭаххозар, Аидгылатә ҳәынҭқарра амчқәа ҳхы иаҳархәоит ҳәа. Беларусьгьы ашәарҭара иҭагылоуп, уи ауп аоперациа ҷыда рхы заладырхәуа", - иҳәеит аполитолог.
Ҳагба убри аан иазгәеиҭеит, Аиҩызаратә ҳәынҭқарра инаныгӡар шакәу ахахьы иагаз ахыдҵақәа.
"Лукашенко уажәраанӡа Ҟрым Урыстәыла иахьадлаз иаартны дадгыланы имҳәаӡацызт. Уи аганахьала аҽԥныҳәақәа ирҭон. Шьҭа убысҟак иҭагылазаашьа ӷәӷәахо иалагеит, аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иаҳдырбоит, убри азҵаараҿы днаган дшыҟоу. Иаартны ацәажәарақәеи ашьаҿақәеи ҟаиҵароуп. Уи ауп Аиҩызаратә ҳәынҭқаррагьы иаанаго. Ашьаҿақәа иҵегьы иӷәӷәаны иҟало иҟамло арҭ амшқәа иаҳдырбоит", - иҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0