Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа аусура иалагоит еиҭаҵуа аблагәаҭаратә центр

© Fotolia / JayzynismФутуристичное изображение глаз
Футуристичное изображение глаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҟазацәа адуцәа реиԥш быжьшықәса ирҭысхьоу ахәыҷқәагьы рыблақәа гәарҭоит.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аҳақьым Шаталов иитәу Абла аԥҟарамаҷ еиҭаҵуа адиагностикатә центр аҳақьымцәа Аҟәа аусура иалагоит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аҳақьымцәа аҳҭнықалақь ауааԥсыра рыдкылара иалагоит жьҭаара 26- 30 рзы асааҭ 09:00 -17:00 рҟынӡа.
Еиҭаҵуа адиагностикатә центр жьҭаара 26 рзы аус ауеит Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿ Ешба имҩаду, 64. Егьырҭ амшқәа рзы аус ахьыруа аҭыӡҭыԥ анаҩс ирылаҳәахоит.
Дарбанзаалак илшоит хәыда-ԥсада иблабара агәаҭара. Ацентр аҭаараан ухаҭара шьақәзыргыло ашәҟәы уцзароуп. Убри аан аӡәгьы ахьҭа илаланы дыҟамзароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0