Ҭагалантәи абеиара: аҽаҩраныҳәа Лыхнашҭа

Анапаҵаҩра
Акоронавирус апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхны ашҭаҿы имҩаԥысуеит аҽаҩраныҳәа.
Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит жьҭаара 30 аҽны.
Аныҳәахь Афон Ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргеит рҽаҩра- изаамҭанытәиу ашәырхкқәа, ашәырҩа, ауҭраҭых, амилаҭтә чысхкқәа, арыжәтә, иара убас инаргеит рнапкымҭақәа, аԥсуа милаҭ маҭәа, ажәытәтә ҩнымаҭәа.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазку аҳәынқарратә музеи Аԥсны аҭоурых иадҳәалоу анапкымҭақәа ӡырыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥснытәи аҳәаанырцәтәи аполитикатә усзуҩцәа архивтә рфотоҭыхымҭақәа, аԥсуа ҭаацәарақәа рсахьақәа, амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа, анапкымҭақәа. Иааидкыланы 300 експонат ыҟоуп.
Аныҳәамш аҟны аконцерти аспорттә хәмаррақәеи мҩаԥган.
Аныҳәа иаҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа.
Лыхны — Аԥсны идуу ақыҭақәа иреиуоуп. Ара инхон аԥсуа аҳцәа. Ара иит Нестор Лакоба, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл. Лыхнашҭа – ажәлар ахьеизо ҭоурых ҭыԥуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит жьҭаара 30 аҽны.

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит жьҭаара 30 аҽны. - Sputnik Аҧсны
1/16

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысит жьҭаара 30 аҽны.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абыргцәа рыԥсы ршьоит, ажәытә-аҿатә иалацәажәоит.

Абыргцәа рыԥсы ршьоит, ажәытә-аҿатә иалацәажәоит. - Sputnik Аҧсны
2/16

Абыргцәа рыԥсы ршьоит, ажәытә-аҿатә иалацәажәоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәа еизнагеит ажәлар рацәаҩны, уи иалахәын араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны, ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы.

Аныҳәа еизнагеит ажәлар рацәаҩны, уи иалахәын араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны, ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы. - Sputnik Аҧсны
3/16

Аныҳәа еизнагеит ажәлар рацәаҩны, уи иалахәын араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны, ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуаа рхы иадырхәо амаҭәарқәа.

Аԥсуаа рхы иадырхәо амаҭәарқәа. - Sputnik Аҧсны
4/16

Аԥсуаа рхы иадырхәо амаҭәарқәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Аныҳәа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. - Sputnik Аҧсны
5/16

Аныҳәа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ажь, ахәырма, аҵәа уҳәа ирацәоуп иӡыргаз ашәыр хкқәа..

Ажь, ахәырма, аҵәа уҳәа ирацәоуп иӡыргаз ашәыр хкқәа.. - Sputnik Аҧсны
6/16

Ажь, ахәырма, аҵәа уҳәа ирацәоуп иӡыргаз ашәыр хкқәа..

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.

Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит. - Sputnik Аҧсны
7/16

Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақыҭақәа жәпакы Лыхнашҭаҿы абысҭа руит.

Ақыҭақәа жәпакы Лыхнашҭаҿы абысҭа руит. - Sputnik Аҧсны
8/16

Ақыҭақәа жәпакы Лыхнашҭаҿы абысҭа руит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҽаҩра аныҳәа иаҭааз зегьы ирзеиҿкааз афатә-ажәтә агьама рбон.

Аҽаҩра аныҳәа иаҭааз зегьы ирзеиҿкааз афатә-ажәтә агьама рбон. - Sputnik Аҧсны
9/16

Аҽаҩра аныҳәа иаҭааз зегьы ирзеиҿкааз афатә-ажәтә агьама рбон.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазку аҳәынқарратә музеи еиҿнакааз афотоцәыргақәҵа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи уаҟа ибеит иабду- Ашьҳангьери Бжьаниа ифото.

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазку аҳәынқарратә музеи еиҿнакааз афотоцәыргақәҵа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи уаҟа ибеит иабду- Ашьҳангьери Бжьаниа ифото. - Sputnik Аҧсны
10/16

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иазку аҳәынқарратә музеи еиҿнакааз афотоцәыргақәҵа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи уаҟа ибеит иабду- Ашьҳангьери Бжьаниа ифото.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәатә концерт аҟны иқәгылеит жәлар рыкәашарақәа рансамбльқәа реиԥш аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәагьы.

Аныҳәатә концерт аҟны иқәгылеит жәлар рыкәашарақәа рансамбльқәа реиԥш аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәагьы. - Sputnik Аҧсны
11/16

Аныҳәатә концерт аҟны иқәгылеит жәлар рыкәашарақәа рансамбльқәа реиԥш аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәагьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиҳабацәа акырӡа ргәалаҟазаара бзиан.

Аиҳабацәа акырӡа ргәалаҟазаара бзиан. - Sputnik Аҧсны
12/16

Аиҳабацәа акырӡа ргәалаҟазаара бзиан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ажьи қәыԥш Шамиль Апба.

Ажьи қәыԥш Шамиль Апба. - Sputnik Аҧсны
13/16

Ажьи қәыԥш Шамиль Апба.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокал-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит.

Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокал-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит. - Sputnik Аҧсны
14/16

Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокал-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәа иаҭааз аӡәырҩы милаҭ маҭәала еилаҳәан.

Аныҳәа иаҭааз аӡәырҩы милаҭ маҭәала еилаҳәан. - Sputnik Аҧсны
15/16

Аныҳәа иаҭааз аӡәырҩы милаҭ маҭәала еилаҳәан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳәа иаҭааз рыла ишабоз, есышықәса еиԥш сынтәагьы ацә аҵәы иахаҵаны ирӡуан.

Аныҳәа иаҭааз рыла ишабоз, есышықәса еиԥш сынтәагьы ацә аҵәы иахаҵаны ирӡуан. - Sputnik Аҧсны
16/16

Аныҳәа иаҭааз рыла ишабоз, есышықәса еиԥш сынтәагьы ацә аҵәы иахаҵаны ирӡуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0