Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акадр анҭыҵтәи аԥсҭазаара: Аԥсуа телехәаԥшра атехник Гена Смыр изкны

© Foto / предоставила Заира БигуааГена Смыр
Гена Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2022
Анапаҵаҩра
Абҵара 6 рзы 44 шықәса ахыҵит Аԥсуа телехәаԥшра. Ҳмилаҭ аҿахәы зҳәо ари аусбарҭа 40 шықәса инареиҳаны амаҵ азызуа анџьныр, иахьа атехникатә дирекциа аҟәша аиҳабыс иҟоу Геннади Смыр изкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа.
Ателехәаԥшраҿы снанагеижьҭеи есыҽны избо уаҩуп иахьа сажәабжь ззыскуа ауаҩы. Акадр аҿы иара ахәаԥшцәа дырбаӡом, иусура инадҳәаланы аинтервиуқәа ажурналистцәа рыҭарагьы дазҟазам. Ахәаԥшцәа ателвизор анаҿаркуа ирбо зегьы шьагәыҭс иамоу атехникатә еимадара ауп, уи еиқәшәамзар, аефиргьы зыҟалом.
Абар уажәшьҭа 40 шықәса иреиҳауп ателехәаԥшра амхурсҭа дҭоижьҭеи Геннади Харитон-иԥа Смыр. Ҳара зегьы иааркьаҿны Гена ҳәа иаҳҳәоит иара. Шамаха ибжьы уаҩытәыҩса иаҳауам, егьарааны дубаргьы, атехника дадтәалоуп, мамзаргьы иара ауаа дырбар рылшоит еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа аҭыхрақәа анымҩаԥнаго. Уаҟа адәахьы игылоу амашьына иацу аимадагақәа зегьы еиҿаԥшьны, аҭыхрақәа реиқәыршәара знапы иану дыруаӡәкуп.
1978 шықәсазы абҵара 6 рзы аефир ахь иҭыҵыз Аԥсуа телехәаԥшра рацәакгьы ахыҵуамызт атехник иаҳасабала Геннади Смыр аусура даналагаз. Аҵара даналгаз ашықәс азы аҭыԥқәа ыҟамызт азы, ҩба-хԥа шықәса дыԥшын. Гена ирцәажәара шымариамызгьы, ажәытә, аҿатә сҳәан, игәышәымшә ҳәаны, игәалашәо исырҳәеит, ифото заҵәгьы аҭыхра азин сиҭеит.
© Foto / предоставила Заира БигуааГена Смыр
Гена Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2022
Гена Смыр
"Атехника иахьа акыр ԥхьаҟа ицоит, ахьӡара цәгьоуп", –иҳәоит Геннади, ҳаамҭазтәи атехникатә еволиуциақәа дрызхәыцуа.
Иара аибашьра ҟалаанӡа далгеит Казантәи атехникатә институт.
"Аҵара саналга ашьҭахь, афотоплионкақәа ртехнологиа ықәҵуа иалагеит, аҿыц аамҭа иаанагоз сҵар акәхеит", - иҳәоит сзыҿцәажәо.
Гена иажәақәа рыла, иара иман аусураҿы арҵаҩцәа бзиақәа, даҽакала иаҳҳәозар, аус аҿы изымдыруаз изырбоз. Иахьа акыр гәыблыла игәалаиршәоит аибашьра иалагаанӡеи ианцози аус зциуаз атехникцәа: Даур Қорсаиа, Даур Киут, урҭ иахьа ҳара ҳҿы аус руӡом, иара убас Леонид Агрба (аабыкьа идунеи иԥсахит).
"Даара ҳаихӡыӡаауан, даара аиҩызара бзиа ҳаман", - иҳәоит Гена иҩызцәа рзы.
Аибашьра аамҭазы Гена атехника мацара инапы алакымызт, уи афронт аганахь ицоз аҭыхратә гәыԥқәа машьынарныҟәцаҩсгьы дрыман.
"Зегьы ҳнапы рылакын, анахь ҳаҩуан, арахь ҳаҩуан", - иҳәоит иара уи аамҭа дазыхынҳәуа.
"Ишәарҭаӡамзи, амашьына аԥсҟы кны афронт аганахь ацара", - ҳәа саниазҵаа, - "Сара уа ахы иаҿагылаз анызбоз, иԥхасшьон еиҳа имариаз аус сахьаҿыз", - саҭеикит иара.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара
Аха, аԥхьаҩцәа ирасҳәарц сҭахуп, уи иҩызцәеи иареи зҿыз аус зынӡагьы ишымариамыз. Аибашьра анцоз ажәлар аинформациа иазыԥшын, Аԥсуа телехәаԥшра аҿаԥхьа иқәгылан имариамыз азҵаатәы, иаарласны ауаа ателехәаԥшра рбо аҟаҵара, убри адагьы афронт аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшраз еиҭазҳәоз авидеоматериалқәа рырхиара. Убри зегь рылшеит ҳара ҳтехникцәа, уи, хымԥада, иаҭахын атехника ахаҭеиԥш, адыррагьы. Гена саниҿцәажәоз исеиҳәеит Даур Қорсаиа ироль ари аус аҿы акыр ишдуу.
"Аибашьра ианалагаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәара ҟалараны иҟан. Ҳара уи ахыбраҿы ишиашоу ицоз аефир ҳашьҭраны ҳаҟан. Усҟан урҭ асессиақәа зегьы ишиашаз ателехәаԥшцәа идҳарбон. Август 14 рзы ҳтехника еиқәыршәаны, азал аҿы ҳтәаны ҳаԥшын асессиа иалагоит ҳәа, аха адепутатацәа аӡәгьы ихабар ыҟамызт. Нас иаҳзаарыцҳаит ақырҭуа гвардиа Аҟәа иазааигәахеит ҳәа. Аусура сгьежьны санааи ианрасҳәа, аԥхьа сыгәра рымгеит. Дук мырҵыкәа ҳавараҿы Аминистрцәа реилазаара ахыбрақәа руак аснариад ақәҳаит. Нас ауп исҳәаз шиашаз агәра анырга", - иҳәоит Гена.
Ҩымш дара арантәи аефир ахь иҭыҵуан, аполитикцәа аиҿцәажәарақәа имҩаԥыргоз алҵшәа рнамҭеит азы, ақалақь ааныжьтәхеит.
"Даур Қорсаиа иҳәеит атехника алаҳгароуп ҳәа. Ҳаалаган, иҳалшоз зегь шьҭаҳхит. Усҟан ателехәаԥшра ахадас иҟаз Шамиль Ԥлиа уи аамҭазы ԥсшьара дыҟан, икабинет аркын. Ҳара ҳаалаган, уи акабинет аартны идәылаҳгеит уа иҟаз амагнитафонқәа, акассетақәа уҳәа техникатә мыругас иаҳбоз зегьы. Ииашоуп, инхаз архив рацәоуп, афотоплионкақәа зегь ҳзымгеит, аха усгьы иаҳгазгьы маҷым", - игәалаиршәоит Гена уи амш.
Шамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2018
Ииашаз, узықәгәыӷшаз, иҟәышыз напхгаҩын
Анаҩс Смыр, иара ишиҟазшьоу еиԥш, даахәыҵаччан, исзеиҭеиҳәеит абри ажәабжь:
"Ателехәаԥшра ахыбра анаанҳажьуаз, Даур Қорсаиа ихаҿы иааит уск. Ақырҭқәа аефир ахь изцәымҵыртә, ихадаз мыругак аамхны иаҳгеит ҳахьцоз. Ҳара ҳанца ашьҭахь, ателехәаԥшра аанызкылаз ақырҭқәа акыраамҭа иадхалеит уи ахәҭа аиҭашьақәыргылара".
Аԥышәа змоу атехник ишиҳәо ала, абрантәи иргаз атехника алоуп иаарласӡаны ҳтелехәаԥшра ауаа ахәаԥшратәы излаҟараҵаз. Адырҩаҽныҵәҟьа Гәдоуҭа апресс-центр ҳәа изышьҭаз ахыбраҟынтәи аефир ахь иҭыҵит. Анаҩсан, Лыхны ақыҭаҿы иаадыртит астудиа. Убри ашьҭахь, Гәдоуҭа ахәыҷбаҳчақәа руак аҿы Аԥсуа телехәаԥшра аҭыԥ ылнахит.
Усҟан Пицунда акассетақәа ганы арбагатә станциа аҟынтә акәын аефир шоурыжьуаз. Ақырҭқәа урҭ русура излаԥыхагшаз иазхәыцуан, иҟан аԥықәсларақәагьы анрырҭоз, аха ҳтехникцәа дара ртәы ҟарҵон, аефир ахәаԥшцәа ирыдыргалон.
Анзор Кәарҷелиа дахьҭахаз аҭыԥ аҟны игылоу ибаҟа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2022
Аԥсны
"Аиашьа иеиԥш дысзааигәан": аоператор Анзор Кәарҷелиа игәалашәара иазкны
Смыр игәалаиршәоит зны ирыӡбаз. Урыстәылатәи ателеканал иоунашьҭуаз аинформациатә дырраҭара "Времиа" анҭыҵуаз, адырраҭара ахышә инықәыргыланы, ҳара ҳтәқәа аԥсуа жәабжь аларгалеит.
"Ақырҭқәа уи Урыстәылантәи ицоз информациа акәыз џьшьа рыҭра иҭнарҟьон", - иҳәеит Гена, анаҩс исзеиҭеиҳәеит иҵегьы дара ртехникатә ԥшаарақәа аԥсҭазаара ишаладырҵәоз иадҳәалаз ахҭыс.
Гена ишиҳәо ала, дара Ешыра аресторан азааигәара ҩнык аҿы иқәдыргылеит Аҟәаагьы ҳтелехәаԥшра аефир дзырбоз атехника. Џьамбул (Џьаба) Џьапуа (дҭахеит анаҩс аибашьраҿы - Е.К.) убра дцаны иоуижьлон аефир.
"Ҽнак Џьаба дзымцаӡеит, убри аҽны уи аҩны асанариад лаахан, иҟәыбаса иқәнаҵеит. Џьаба усҟан деиқәхеит, аха нас зегь акоуп дҳацәҭахеит. Ара аус ула, афронт ахь умцан ҳҳәон, аха имуит", - абас ихьааганы иҩыза иӡбахә иҳәоит Гена.
Аибашьра аамҭа далацәажәо иара иазгәаиҭоит Урыстәылантәи иаауаз акорреспондентцәагьы машьынала рныҟәгаразы ацхыраара шыҟарҵоз иара дназлаз ҳтелехәаԥшра аусзуҩцәа. Уи аамҭазы ателехәаԥшрагьы акыр аҽеибынаҭахьан, Гәдоуҭантәи Урыстәылаҟа асиужетқәа рышьҭра алдыршон.
Заира Бигуаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2020
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых
"Убрахьынтәи иаауаз акорреспондентцәа ус аҭыхразы иҳарманшәалон акәымзар, абас шәҳәа, анс шәҳәа ҳәа акгьы раҳҳәомызт, рхала рыбла иабон иҟаз, рхала еиқәдыршәон иобиективтәыз аинформациа", - ҳәа дрыхцәажәоит усҟантәи урыстәылатәи ҳколлегацәа.
Геннади ибжьы гом сҳәазаргьы, зны-зынла дангәамҵуагьы ыҟоуп, иарбан усҟан иара иҭра дыҭзырҟьо азы абас аҭак сиҭеит:
"Атехника аганахьала уадԥсылаха арҽеира узҿу анеиқәымшәо, угәы ԥнажәоит, убри ауп зны-зынла сзыргәамҵло".
Инеиԥынкыланы шықәса 40 иреиҵамкәа џьарак аусура - имариам усуп, еиҳаракгьы уи иацу ауалафахәгьы андуум. Абри азы Гена абас сеиҳәеит: "Сус бзиа избоит, сашьцылеит, уажәшьҭа даҽаџьара аус зундаз ҳәа сыҟам", - ҳәа.
Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2018
Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу адиктор
Ҳаамҭазтәи атехникатә еиҭаҵрақәа ҳанрылацәажәоз, иара иазгәеиҭеит аинтернет ахархәаралагьы иквалификациа ишазирҳауа. Аҿар рзы длафны иҳәеит:
"Урҭ иахьа дара иудырҵоит аҵара, убысҟак рыхшыҩ азыманшәалоуп. Ианаму, сара дара ирҿысҵаауеит", - ҳәа.
Аԥсуа телехәаԥшра атехникатә ҭагылазаашьазы иара иазгәеиҭеит еснагь алагала шаҭаху, уи ахарџь дугьы шацу.
"Уахьӡаӡом атехникатә рҿиара, иара ццакуп, ҳара ҳалшарақәа усҟакгьы ирацәам, аха ишҳалшо ала ԥхьаҟа ҳнеиуеит", - иҳәоит атехник.
Смыр иажәақәа рыла, ихаҭа ателевизор ахәаԥшра дазгагам:
"Ажәабжьқәа срыхәаԥшлоит зны-зынла, нас, адәахьы иҭаҳхуа малырк аиузар гәасҭарц санахәаԥшуа ыҟоуп", - иҳәеит иара.
© Foto / предоставила Заира Бигуаа

Гена Смыр, Заира Бигәааԥҳа, Роберт Ломиа

Гена Смыр, Заира Бигәааԥҳа, Роберт Ломиа - Sputnik Аҧсны
1/3

Гена Смыр, Заира Бигәааԥҳа, Роберт Ломиа

© Foto / предоставила Заира Бигуаа

Гена Смыр, Роберт Ломиа

Гена Смыр, Роберт Ломиа - Sputnik Аҧсны
2/3

Гена Смыр, Роберт Ломиа

© Foto / предоставила Заира БигуааГена Смыр
Гена Смыр - Sputnik Аҧсны
3/3
Гена Смыр
1/3

Гена Смыр, Заира Бигәааԥҳа, Роберт Ломиа

2/3

Гена Смыр, Роберт Ломиа

3/3
Гена Смыр
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы ателехәаԥшра аусура дазгәыдуны иҳәоит ирылшаз акыр ишырацәоу – акорреспондентцәа, аоператорцәа, арежиссиорцәа, анџьнырцәа уҳәа оперативла аус шыруаз.
"Ауаа ажәабжьқәа ирзыԥшын. Џьара еиԥҟьарак ҟаларгьы, иаразнак уи азҵатәы аӡбара ҳашьҭалон", - иҳәеит ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз Геннади Смыр.
Сзыхцәажәо ауаҩы аԥсҭазаараҿы алафҳәара бзиа ибоит. Дысзымгәаауазар, исҭахуп уи иадҳәалоу, узырлахҿыхуа хҭыск аԥхьаҩцәа ирыдызгаларц.
2004 шықәсазы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥақәа анеилашуаз, ателехәаԥшраҿгьы уи анҭыҵгьы ауаа рҽеиҩыршеит - "аҳаџьымбистцәеи" "абагаԥшьистцәеи" ҳәа. Ииашоуп, усҟан атәыла ахадарахьы иқәгылаз ҩыџьа рымацара ракәмызт иқәгылаз, аха аиндаҭлара зыбжьаз Сергеи Багаԥшьи Рауль Ҳаџьымбеи ракәын. Кандидатцәас зыхьӡ сҳәаз рыдагьы усҟан иҟан - Сергеи Шамба, Анри Џьергьениа, Иақәыԥ Лакоба. Гена аҭыӡшәақәеи аӷыӷеибагареи бзиа изымбоз злаиакәыз ала, даалаган, зегь бзианы иззыҟаз, аконкуренциаҿы аӡәгьы иԥырхагамыз Иақәыԥ Лакоба иплакат ааиган, икабинет аҿы инкыдиҵеит "сара сиакубиступ" ҳәа зегьы инарылаҳәаны. Абри иабзоураны уи аҭыӡшәа Гена Смыр бзиа далҵит.
Сажәабжь зызку Геннади Харитон-иԥа Смыр иахьа Аԥсуа телехәаԥшра атехникатә дирекциа аҟәша аиҳабыс дыҟоуп, хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, ателехәаԥшра иара иԥсҭазаараны ибоит…
Первое национальное: Абхазскому телевидению исполнилось 42 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2020
Коӷониаԥҳа ателехәаԥшразы: ицәыргатәуп зегь реиҳа иактуалтәу, иџьбароу азҵаатәқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0